Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Урҿагыла адоуҳатә мчы цәгьақәа

Урҿагыла адоуҳатә мчы цәгьақәа

Ахы 12

Урҿагыла адоуҳатә мчы цәгьақәа

1. Иҟаиҵози Иисус, адоуҳа цәгьақәеи иареи анааиҿаҳауаз?

 АӠЫ иҽынӡааих ашьҭахь дук хара имгакәа Иисус Христос Иудеиатәи ацәҳәырахь дцеит, Анцәа диҳәарци агәҭахәыцрақәа иҽриҭарци. Уаҟа Аҩсҭаа Аџьныш уи Анцәа изакәан аилагара игәазҭеиҵон. Аха Иисус дҧызшәоз Аҩсҭаа мап ицәикит, убриала уи ишьацҳәа даҿамшәеит. Иисус адгьылаҿы Анцәа имаҵ аниуаз, уи егьырҭ адоуҳа цәгьақәагьы дырҿаҳауан. Аха ус иагьа иҟазаргьы, иара еснагь иаарханы аҭак риҭон, дагьырҿагылон (Лука 4:1—13; 8:26—34; 9:37—43).

2. Иарбан зҵаарақәоу ҳазлацәажәо?

2 Абиблиаҿы иаарҧшу ахҭысқәа агәра ҳдыргоит, ииашаҵәҟьаны адоуҳатә мчы цәгьақәа шыҟоу ала. Урҭ ауаа дырҟьаларц рҽазыршәоит. Аха урҭ урҿагыларц улшоит. Иабантәаанагеи, уеизгьы, адоуҳа цәгьақәа? Избан урҭ ауаа ржьара изашьҭоу? Рхы иадырхәозеи, дара ртәы иадыргарц азы? Абарҭ азҵаарақәа рҭакқәа адоуҳатә мчы цәгьақәа рҿагылара аҟны иуцхраауеит.

АДОУҲА ЦӘГЬАҚӘА — УРҬ РЫҞАЛАРЕИ РХЫҚӘКИ

3. Дабантәаанагеи Аҩсҭаа Аџьныш?

3 Анцәа Иегова ауаа ишаанӡа акыр шыбжьаз, Уи ишахьан адоуҳатә хаҭарақәа рацәаҩны (Иов 38:4, 7). Ҳашәҟәы 6-тәи ахы ишҳаилнаркаауа еиҧш, абарҭ амаалықьцәа руаӡәы иҭаххеит, ауаа, Иегова иакәымкәа, иара иеихырхәаларц. Убри дшашьҭаз, амаалықь цәгьа Ҳазшаз диҿагылеит, ацәгьа ихиҳәааит, уимоу раҧхьатәи аҧҳәыс илеиҳәеит, Анцәа дымцҳәаҩызшәа. Иахәҭаҵәҟьаны ари ибунтҟаҵаҩхаз адоуҳатә шамҭа Аҩсҭаа — аҿагылаҩ, мамзаргьы Аџьныш — ацәгьаҳәаҩ — ҳәа деицырдыруа дҟалеит (Аҟазаара 3:1—5; Иов 1:6).

4. Агәнаҳа ишҧаҵалеи маалықьцәақәак Нои ихаан?

4 Ҳамҭакы ашьҭахь Аҩсҭаа Аџьныш иганахь ииасит егьырҭ амаалықьцәагьы. Иуаҩ иқьиаз Нои ихаан урҭ рахьтә џьоукы ажәҩанаҿы рымаҵура ааныжьны, ауаа рцәеижь аархәеит, ргәазыҳәарақәа нарыгӡарц, насгьы аҳәсақәа ирыцныҟәаларц азы. Мҩашьарада, Аҩсҭаа иоуп амаалықьцәа абри аҩыза аҳәатәхамҵара аадырҧшыртә ихызхыз. Ари иахькылнагаз убриоуп: урҭ ироуит ахшаара (амаалықьцәеи ауааи иузрыдымкылоз, ибжьаратәыз); абарҭ ахшаара адауцәа ҳәа ахьӡ рхылеит, даргьы ауаа ирықәланы аҧхасҭа рырҭон. Адунеизегьтәи аӡхыҵраан Иегова ибжьысыз ауаатәыҩсеи аҳәатәхаҵара ззаамырҧшыз иҧсабаратәымыз амаалықьцәа рхылҵи нирҵәеит. Ибунтҟаҵаҩцәахаз амаалықьцәа анҵәара иацәцеит: урҭ ауаатәыҩса рцәеижь ааныжьны, адоуҳатә дунеи ахь ихынҳәит. Аха Анцәа арҭ адемонцәа адоуҳатә лашьцарахь иҧхеиҵеит (Аҟазаара 6:1—7, 17; Иуда 6). Аха уи ус шакәугьы, Аҩсҭаа («аҩсҭаацәа раҳ») иҽеим имаалықьцәеи иареи абунтҟаҵара ишаҿыц иаҿын (Лука 11:15). Урҭ ари аус иалыргарц ирҭахыузеи?

5. Хықәкыс ирымоузеи Аҩсҭаа идемонцәеи иареи, насгьы урҭ рхы иадырхәозеи, ауаа ршьацҳәақәа ирҿадыршәарц азы?

5 Аҩсҭаа идемонцәеи иареи ирымоуп агәҭакы цәгьа — ауаа Анцәа Иегова иҿаргылара. Убри аҟнытә урҭ ауаатәыҩса рҭоурых зегьы иалагӡаны амц рҳәон, ауаа дыршәон, иагьрықәлон (Аартра 12:9). Иахьатәи аҿырҧштәқәа излаҳдырбо ала, адемонцәа рқәыларақәа ахаан ишыҟамлац ала ибааҧсхеит. Ршьацҳәа ауаа азхьадырҧшырц азы, адемонцәа лассы-лассы рхы иадырхәоит аспиритизм еиуеиҧшым аформақәа. Адемонцәа абри ахьырҧшыга рхы ишҧадырхәои, насгьы уара уи ухы ацәухьчарц шҧаулшои?

АДОУҲА ЦӘГЬАҚӘА УАРА УДЫРҞЬАЛАРЦ РЫҼШАЗЫРШӘО

6. Изакәузеи аспиритизм, насгьы уи формақәас иамоузеи?

6 Изакәузеи аспиритизм? Ари адемонцәа ма адоуҳа цәгьақәа рыҽрымадара ауп иаанаго, хыҭкаала акәыз, мамзаргьы аҟҩы ила акәыз. Аспиритизм адемонцәа ирыхәоит, ашәарыцаҩцәа ахьырҧшыга шрыхәо еиҧшҵәҟьа: уи иаҿаҵахәу аднаҧхьалоит. Ашәарыцаҩ, ашәарахқәа рзы ииҳаз ашьацҳәа иазхьеирҧшырц, иагьаџьара гызмалрас иҟоу зегьы ихы ишаирхәо еиҧш, убасҵәҟьа адоуҳа цәгьақәа рхы иадырхәоит аспиритизм еиуеиҧшым аформақәа, ауаа ртәыртәырц азы. (Иаҿырҧш Ҧсалом 118:10.) Аспиритизм аформақәа иреиуоуп: аҧшра, амагиа, адыргақәа ргәаҭара, ақәра, аҭәҳәақәа, аҟцәа рахь аныҟәареи аҧсцәа рацәажәареи.

7. Иабанӡарылаҵәахьоу аспиритизм, иагьзамоузеи уи аизҳазыҕьара иқьырсиантәқәоу ҳәа ирыҧхьаӡо атәылақәа рҿгьы?

7 Ари хьырҧшыга ссируп, избанзар аспиритизм зехьынџьара ауаа аднаҧхьалоит. Ақыҭақәа рҿы инхо адырҩцәа иразҵаауеит, ақалақьуаа астрологцәа ирабжьарго иазыӡырҩуеит. Аспиритизм аизҳазыҕьара амоуп иқьырсиантәқәоу ҳәа изышьҭоу атәылақәа рҿгьы. Аҭҵаара ишаҳнарбо еиҧш, Еиду Аштатқәа рҟны мацара 30 журнал инарзынаҧшуа, ззеиҧш тираж 10 000 000 екземплиар инархыҳәҳәауа, аспиритизм еиуеиҧшым аформақәа ирызкыуп. Есышықәса Бразилиатәи ауаажәлар 500 миллион доллар инареиҳаны зеиуахкы уҭахыу аспиритизм амаҭәарқәа ирыхҭнырҵоит. Аха урҭ рахьтә 80 процент абри атәылаҿы аспиритизм иатәу ахырхәара ацентр иаҭаауа — аӡы иӡаахыу католикцәоуп. Урҭ ауахәамахьгьы иныҟәоит. Апапцәа џьоукы аспиритизм рнапы ахьалакыу аҟнытә, Анцәа дхазҵо аӡәырҩы ари Анцәа игәаҧхоит ҳәа ргәы иаанагоит. Аха уи ус иҟоума?

АБИБЛИА АСПИРИТИЗМ ЗАНААҬС АШЬҬЫХРА ИЗАҚӘЫӠБО

8. Иаҳәозеи Абиблиа аспиритизм аҵыхәала?

8 Аспиритизм аформақәак — адоуҳа разқәа рацәажәаразы илшароуп ҳәа ахәыцра уадыршьцылахьазар, иҟалап, иџьоушьар, аспиритизм азы Абиблиа иаҳәо анеилукаалак. Иегова ижәлар ргәырҽанҵан: «Аҧшцәа аазыҧхьо шәырҿымцаалан, алаҧшхырҧацәа рахьгьы шәымныҟәалан, урҭ шәырҟьашьыртә еиҧш, дара рҟынӡагьы шәхы нажәымгалан» (Алевит 19:31; 20:6, 27). Абиблиа шәҟәы Аартра агәаҽанызаара ҳанаҭоит, «аҟҩцәа» ишырҧеиҧшу «мцалеи тыҩшалеи ибылуа аӡиа; ари — аҩбатәи [наӡаӡатәи] аҧсроуп» (Аартра 21:8; 22:15). Анцәа Иегова дақәыӡбоит аспиритизм иарбан формазаалакгьы (Ҩынтәзакәан 18:10—12). Аха избан?

9. Адоуҳатә дунеи аҟынтә иуаҳауа «ажәабжьқәа» Иегова иҟынтә акәым ҳәа алкаа ҟаҳҵарц зҳалшозеи?

9 Абиблиа аҩра иалгаанӡа, Иегова иааишьҭуан адоуҳа разқәа, мамзаргьы иқьиаз амаалықьцәа, урҭ ауаа рахьтә џьоукы ирацәажәаларацы. Абиблиа шаарҩыз еиҧш, Анцәа Иажәа аҟынтә ауаа ироуеит Иегова ишигәаҧхо ала имаҵ руларц зда ҧсыхәа рымам анапхгара (2 Тимофеи иахь 3:16, 17; Ауриацәа рахь 1:1, 2). Уи иҧшьоу Иажәа хьаас имкыкәа, аҟҩцәа рыла ажәабжьқәа ҳзааицҳауам. Иахьа адоуҳатә дунеи аҟынтә иҳаҳауа ажәабжьқәа зегьы ахьынтәаауа адоуҳа цәгьақәа рҟынтә ауп. Ауаҩы аспиритизм занааҭс ишьҭихыр, усҟан уи адемонцәа дыхҭаркыр, дыртәыртәӡаргьы алшоит. Убри азоуп Анцәа абзиабара аҟнытә изеиҧшразаалак аспиритизм ҳҽалаҳамгаларц агәаҽанызаара зҳаиҭо (Ҩынтәзакәан 18:14; Галатаа рахь 5:19—21). Уи адагьы, ҳара Иегова игәаанагара анеилаҳкаа ашьҭахьгьы, аспиритизм ҳнапы алакызар, усҟан ибунтҟаҵаҩцәоу адоуҳа цәгьақәа рганахь ҳаиасуеит, Анцәагьы ҳиаҕахоит (1 Аҳрақәа 15:23; 1 Ашықәсынҵа 10:13, 14; Ҧсалом 5:5).

10. Ишҧеилкаатәу иҟалаша заа аҳәара закәу, ҳаргьы уи ҳхацәаҳгаларц зҳахәҭоузеи?

10 Ирылаҵәахьоу аспиритизм аформақәа ируакыуп иҟалаша заа аҳәара. Ари иаанаго адоуҳақәа рымчала иҟалаша ма еилкаам акы заа аҳәара ауп. Иҟалаша заа аҳәара ахкқәа рахь иҧхьаӡоуп абарҭ: астрологиа, амагиатә хаҳәҧшӡала аҧшра, аҧхыӡқәа рылацәажәара, анапанҧшылара, амацарҧара. Аӡәырҩы аҧшра цәгьара зҵам гәырҿыхагас ирыҧхьаӡоит, аха Абиблиа иаҳнарбоит, адырҩцәеи адоуҳа цәгьақәеи еицҿакны аус шеицыруа. Ҿырҧштәыс иаагозар, Аусқәа 16:16—19 рҟны ӡҕабк «аҿа лҳәалартә» еиҧш, алшара лызҭоз «аҿа аҳәара иазҟазаз адоуҳа» аӡбахә цәыргоуп. Аха лара адемон данылхырца ашьҭахь, иҟалаша заа аҳәара аганахьала илымаз абаҩхатәра лцәыӡит. Ишаабо еиҧш, аҧшра — ари адемонцәа ауаа ршьацҳәа излаҿадыршәуа хьырҧшыгоуп.

11. Избан иҧсхьоу рацәажәара аҽазышәарақәа ацәҟьа узаҿадыршәуа?

11 Иҧсхьоу уҭынхак ма уҩыза гәакьак иҧсра уаргәырҩозар, иаармарианы даҽа цәҟьак уаҿашәар ауеит. Аспиритизм знапалакыу аҟҩы иҷыдоу аилкаарақәа уиҭар, мамзаргьы иҧсхьоу ауаҩы ибжьы ихаҵаны дуацәажәар илшоит. Угәуҽаныз! Иҧсхьоу рацәажәара аҽазышәарақәа ацәҟьа уаҿадыршәуеит. Избан? Избанзар аҧсцәа зцәажәаӡом. Иугәалашәозар акәхап, Анцәа Иажәаҿы еилырганы ишаҳәо еиҧш, ауаҩы даныҧслак ашьҭахь, «иаргьы анышәахь дхынҳәуеит; убри аҽныҵәҟьа ихәыцрақәа зегь неиҧхьбоит». Ааи, аҧсцәа «акгьы рыздыруам» (Ҧсалом 145:4; Аекклесиаст 9:5, 10). Уи адагьы, идыру усуп, иҧсхьоу ибжьы аазхәауои, насгьы аспиритизм знапалакыу аҟҩгьы аҧсы изкыу аилкаарақәа изҭои адемонцәа рхаҭаҵәҟьа шракәу (1 Аҳрақәа 28:3—19). Убри аҟнытә «аҧсцәа аазыҧхьо» дарбанзаалакгьы адоуҳа цәгьақәа рнапаҽы дҟалоит, Анцәа Иегова игәаҧхарагьы даҿагылоит (Ҩынтәзакәан 18:11, 12; Исаиа 8:19).

АХЬЫРҦШРА АҞЫНТӘ АҚӘЫЛАРАХЬ

12, 13. Адемонцәа иахьа уажәраанӡагьы ауаа шхырхуа, ҭахагьы шрырымҭо зырҵабыргуа арбан?

12 Аспиритизм аганахьала Анцәа Иажәа иуабжьанаго ухы ианаурхәо, адемонцәа узызхьадырҧшуа мап ацәукуеит. (Иаҽырҧш Ҧсалом 140:9, 10; Римаа рахь 12:9.) Ари иаанагома, адоуҳа цәгьақәа уаҳа ахаан уртәыртәырц иашьҭалом ҳәа? Амалахазгьы! Аҩсҭаа Иисус хынтә данҧишәа ашьҭахь, уи «наҟ диҧырҵит, еиҳа ианиқәманшәалахо аамҭанӡа» (Лука 4:13, ИА). Убасеиҧш зтәы иазыргарц иашьҭоу адоуҳақәа ауаа рхьарҧшра мацара аамҷыдара, иагьрықәлоит.

13 Иугәалашәозар, ҳара ҳалацәажәахьеит Аҩсҭаа Анцәа имаҵуҩы Иов дышиқәлаз атәы. Аџьныш даалаган Иов ирахәи имаҵуҩцәа реиҳараҩыки имихит. Аҩсҭаа Иов ихшаарагьы ишьит. Ашьҭахь Иов ихаҭагьы ачымазара бааҧсы изцәыригеит. Аха Иов Анцәа иҿаҧхьа дшыцқьаз даанхеит, азылҧхарақәагьы рацәаны иоуит (Иов 1:7—19; 2:7, 8; 42:12). Убри инаркны адемонцәа ауаа џьоукы ацәажәареи абареи рыцәдырӡуеит, насгьы ауаатәыҩса ргәаҟрақәа ирылагәырҕьоит (Маҭфеи 9:32, 33; 12:22; Марк 5:2—5). Иахьатәи адырраҭарақәа иаҳдырбоит, адемонцәа ауаа џьоукы цәеижьла аизааигәара аганахьала ишдыргәамҵуа, егьырҭ ахеилагара аҟынӡа ишнарго. Убри инаҷыданы, дара ауаа ргәазыҟарҵоит егьырҭ рышьра, мамзаргьы рымала рҽыддыршьуеит. Ари гәнаҳароуп Анцәа иҿаҧхьа (Ҩынтәзакәан 5:17; 1 Иоанн 3:15). Аха уи ус шакәугьы, зықьҩыла, аамҭала абарҭ адоуҳа цәгьақәа рыкаҭа иахаҧахьаз, урҭ рхацәгара рылшеит. Изларықәҿиазеи дара абри аҩыза? Урҭ акрызҵазкуа ашьаҿақәа ахьыҟарҵаз ауп уи зыбзоуроу.

АДОУҲА ЦӘГЬАҚӘА ИШЫРҾАГЫЛАТӘУ

14. Ефестәи ақьырсианцәа актәи ашәышықәсазы иаҳзынрыжьыз аҿырҧшы уқәныҟәаны, адоуҳа цәгьақәа урҿагыларц шҧаулшои?

14 Адоуҳа цәгьақәа рҿагылашьеи ҳхи ҳҭаацәеи урҭ рыкаҭақәа рацәыхьчашьеи ируакыу арбану? Актәи ашәышықәсазы Анцәа дхазҵо ракәны иҟалаанӡа аспиритизм знапалакыз Ефес иаланхоз ақьырсианцәа иҟарҵеит ииашоу ашьаҿақәа. Ҳара ҳаҧхьоит, «аҧшра знапалакыз рахьтә аӡәырҩы рышәҟәқәа ааизганы, зегьы ишырбоз амца рыцраҵаны ирблит» ҳәа (Аусқәа 19:19). Уара уаанӡа аспиритизм ушаҿымызгьы, аспиритизми ма уи маҷк иадҳәалоуи рҟны рхы иадырхәо амаҭәарқәа ухырцәугароуп. Арахь иаҵанакуеит: ашәҟәқәа, ажурналқәа, авидеофильмқәа, аплакатқәеи амузыкатә нҵамҭақәеи. Убарҭ иреиуоуп аидолқәа, алаҧш шәҟәқәа уҳәа убас ахыхьчараз иныҟәырго амаҭәарқәа, аспиритизм знапалакыу ауаа рҟынтә аҳамҭақәагьы уахь инарылаҵаны (Ҩынтәзакәан 7:25, 26; 1 Коринфаа рахь 10:21). Ҿырҧштәыс иаагозар, Таиланд инхоз хаҵеи-ҧҳәыси акыраамҭа адемонцәа ихҭакны ирыман. Убасҟан хаҵеи-ҧҳәыси аалаган аспиритизм иадҳәалаз амаҭәарқәа наҟ икарыжьит. Иҟалазеи уи ашьҭахь? Урҭ адемонцәа рхырцәыргеит, уи ашьҭахь адоуҳатә қәҿиара иашақәа ҟарҵеит.

15. Иарбан шьаҿоу иҵегь иҟаҵатәу, адоуҳатә мчы цәгьақәа рҿагыларазы?

15 Адоуҳа цәгьақәа рҿагыларазы, иҟаҵатәуп даҽа шьаҽак — апостол Павел иҳабжьеиго ҳхы иархәаны, Анцәа иҳаиҭо доуҳатә бџьарқәас иҟоу зегь рыла ҳҽеибаҳҭароуп (Ефесаа рахь 6:11—17). Ақьырсианцәа адоуҳа цәгьақәа рҟынтә рхы зларыхьчаша дырҕәҕәалароуп. Иаанагозеи ари? «Зегьы ирыцкыу,— иҳәеит Павел, ишьҭышәх ахаҵара акәалӡы, ицаҳә-цаҳәо иҟоу агызмал ихҿақәа рынкылара злашәырцәаша». Ааи, шаҟа ухаҵара ҕәҕәоу аҟара, убас адоуҳатә мчы цәгьақәа еиҳа еиҕьны урҿагыларц улшоит (Маҭфеи 17:14—20).

16. Ахаҵара иумоу урҕәҕәаларц шҧаулшои?

16 Ухаҵара урҕәҕәаларц шҧаулшои? Абиблиа аҵара уаҿыз, нас уи абжьгарақәагьы уҧсҭазараҿы ухы иархәала. Ахаҵара амч еиҳараӡак изыбзоуроу уи ашьаҭа (Анцәа изкыу адыррақәа) шаҟа иҕәҕәоу ауп. Уақәшаҳаҭымхаӡари, Абиблиа ануҵоз иуоуз, угәы аҟынӡагьы иноугаз адырра иашақәа ирыбзоураны, уҩнуҵҟа ахаҵара шеизҳаз? (Римаа рахь 10:10, 17). Убри аҟнытә изакәызаалак гәыҩбарак ыҟам, уара ухаҵара еиҳагьы ишыҕәҕәахо, наҟ-наҟгьы Абиблиа шуҵац иуҵалар, Иегова Ишаҳаҭцәа реиҧыларақәа рахь аныҟәарагьы ҧҟараны ишьҭухыр (Римаа рахь 1:11, 12; Колоссаа рахь 2:6, 7). Адемонцәа ануқәло, ари хыхьчага ҕәҕәаны иузыҟалоит (1 Иоанн 5:5).

17. Закәытә шьаҿақәоузеи иҵегь иаҭаххо, адоуҳатә мчы цәгьақәа рҿагыларазы?

17 Иарбақәан даҽа шьаҿақәас иҟаиҵарц илшо адоуҳатә мчы цәгьақәа ирҿагыларц иақәызкыз ауаҩы? Ефестәи ақьырсианцәа ахыхьчага рҭахын, избанзар урҭ демонизмла иҭәыз ақалақь аҿы инхон. Убри азы Павел иреиҳәеит: «Ианакәзаалакгьы доуҳала Анцәа шәиҳәала» (Ефесаа рахь 6:18). Ишиашоу иуҳәозар, адемонцәа зхаҵәахьоу адунеи аҟны ҳазланхо ала, адоуҳа цәгьақәа ҳарҿагыланы ҳхы ҳахьчарц азы, ҕәҕәала Анцәа ҳиҳәалароуп (Маҭфеи 6:13). Абри аганахьала ихәарҭа дууп ақьырсиантә еизараҿы иалхыу аиҳабацәа доуҳала рыцхыраареи рныҳәарақәеи (Иаков 5:13—15).

АДОУҲА ЦӘГЬАҚӘА УРАБАШЬЛА

18, 19. Иҟаиҵарц илшозеи ауаҩы, уи адемонцәа дшыхҭаркыц дыхҭаркуазар?

18 Аха џьоукы, абарҭ ихадоу ашьаҿақәа аныҟарҵа ашьҭахьгьы, адоуҳа цәгьақәа уажәгьы ҭаха рырҭом. Ҿырҧштәыс иаагозар, Иегова Ишаҳаҭцәа Кот-д’Ивуар Абиблиа здырҵоз аӡәы алаҧш шәҟәқәа ҳәа акыр имазар зегьы ықәигеит. Убри ашьҭахь иара ақәҿиара бзиақәа ҟаиҵеит, иҧсҭазаара Иегова изикын, аӡы иҽӡааихит. Аха аӡы иҽынӡааих ашьҭахь мчыбжьык анҵы, адемонцәа уи еиҭах ддыргәаҟуа иалагеит: абжьқәа ари ахаҵа адин ҿыц аанижьырц идырҵеит. Абри аҩыза уара уақәшәар, иаанагарызма уи, Иегова ухьчара даҟәыҵит ҳәа? Уи ус акәхарым.

19 Иуаҩынаӡаз Иисус Христос Анцәа дшихьчозгьы, уи адоуҳатә шамҭа цәгьа — Аҩсҭаа Аџьныш — ибжьы иаҳауан. Иисус иаҳирбеит, ус анҳахьуа иҟаҵатәу. Уи Аџьныш абас иеиҳәеит: «Усҧырҵ, аџьныш!» (Маҭфеи 4:3—10). Абри аҿырҧштәы уацныҟәаны, адоуҳатә дунеи аҟынтә иааҩуа абжьқәа урзымӡырҩуазароуп. Урҿагыла адоуҳа цәгьақәа, ацхырааразы Иегова уиҧхьауа. Ааи, убжьы ҭганы Анцәа уиҳәала, уи ихьӡ ҳәаны. Ажәамаанақәа 18:10 рҟны иаҳәоит: «Иҳақәиҭу [«Иегова», АҾ] ихьӡ — иҕәҕәоу баашуп; уаҟа зҽыҧхьазкыз ақьиа дшәарҭахом». Кот-д’Ивуар инхоз ақьырсиан ус иагьыҟаиҵеит, убри азы адоуҳа цәгьақәа наҟ иҟәаҵит (Ҧсалом 123:8; 144:18).

20. Аиашазы, уара адоуҳа цәгьақәа урҿагыларц шҧаулшарыз?

20 Иегова адоуҳа цәгьақәа ыҟазарц азин риҭазаргьы, уи имч ааирҧшуеит, еиҳараӡак иуаажәлар рганахьала, иара ихьӡгьы адгьыл зегьы иахаҵәоит (Ақәҵымҭа 9:16). Уара Иегова иганахь угылазар, усҟан адоуҳа цәгьақәа урыцәшәар ахәҭаӡам (Ахыҧхьаӡарақәа 23:21, 23; Иаков 4:7, 8; 2 Пиотр 2:9). Урҭ рымч маҷуп. Дара Нои ихаан иахьырхәын, ажәҩан иалырбганы икарыжьишьҭеигьы рацәак ҵуам, уажәы урҭ аҵыхәтәантәи аӡбра иазыҧшуп (Иуда 6; Аартра 12:9; 20:1—3, 7—10, 14). Аиашазы, урҭ шәаӡыӡоит иааигәахо анҵәара аҿаҧхьа (Иаков 2:19). Убри аҟнытә адоуҳа цәгьақәа хьырҧшыгак ала ухырхырц рҽазыршәозар, мамзар ишакәзаалакгьы иуқәлозар, урҿагыларц улшоит (2 Коринфаа рахь 2:11). Мап ацәкла аспиритизм изакәытә формазаалакгьы, Анцәа Иажәа иану абжьгара ухы иархәала, уиалагьы Иегова игәы иаахәара аҧшаара уашьҭаз. Абас ҟаҵала иахмырҧаӡакәа, избанда адоуҳатә мчы цәгьақәа ушырҿагыло ауп уҧсҭазаарагьы зыбзоуроу!

ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА

Адоуҳа цәгьақәа удырҟьаларц рыҽшҧазыршәои?

Избан Абиблиа аспиритизм изақәыӡбо?

Ауаҩы адоуҳатә мчы цәгьақәа ихырцәигарц шҧаилшо?

Избан наҟ-наҟгьы адоуҳа цәгьақәа рҿагылара заҭахыу?

[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]

[Асахьа, адаҟьа 110]

Ушҧарзыҟоу уара аспиритизм еиуеиҧшым аформақәа?