Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Дзыԥсуазеи ауаҩы?

Дзыԥсуазеи ауаҩы?

Дзыԥсуазеи ауаҩы?

8 Анцәа Иегова иҭахын, ауаҩы адгьыл зегьы ссирны иҟаиҵарц,— зегьы џьанаҭ иалагәырӷьаларц азы (Аҟазаара 1:28).

Ауаатәыҩса наӡаӡа аԥсҭазаара рымазаауан, Адами Евеи Иегова иҳәатәы харҵозҭгьы. Дара ираҳәан, ацәгьеи абзиеи реилзыркаауа аҵла аҟынтәи акгьы рымфарц (Аҟазаара 2:15—17).

9 Амаалықьцәа руаӡәк дбааԥсхан, амаҭ ихы иархәаны, Адами Евеи Анцәа иҳәатәы харымҵо иҟаиҵеит (Аҟазаара 3:1—6).

10 Ева дызжьаз амаалықь ажәытәӡатәи амаҭ... аџьныш, аҩсҭаа ҳәа ахьӡ ихылеит (Аартра 12:9).

11 Иегова аҳәатә-хамҵацәа рҩыџьагьы џьанаҭ иҭицеит (Аҟазаара 3:23, 24).

12 Адами Евеи ахшаара рыман, аха инеизакны аҭаацәара насыԥ рымамызт (Аҟазаара 3:17, 18).

13 Иегова ишиҳәаз еиԥш, дара ажәыр, иԥсыр акәын (Аҟазаара 3:19; Римаа рахь 5:12).

14 Убри аҟнытә, аԥстәқәа реиԥшҵәҟьа, даргьы ԥсит.

Ԥсы зхоу зегь адгьылаҿы иԥсуеит (Аекклесиаст 3:18—20; Иезекииль 18:4).