Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Еиҭах иқәихуама Анцәа ауаа-цәгьақәа?

Еиҭах иқәихуама Анцәа ауаа-цәгьақәа?

Еиҭах иқәихуама Анцәа ауаа-цәгьақәа?

22 Иахьагьы ауаатәыҩса убасҵәҟьа ибааԥсқәоуп. Изакәытә ус бааԥсқәоузеи иҟарҵо араҟа?

23 Џьоукы ауаа ршьуеит. Анцәа иҳәоит, уи еиԥш иҟоу аҟаҵара шухәҭам (Ақәҵымҭа 20:13; 1 Иоанн 3:11, 12).

24 Џьоукы ӷьычуеит. Анцәа иҳәоит, уара уӷьычыр ҟалаӡом ҳәа (Ақәҵымҭа 20:15; Ефесаа рахь 4:28).

25 Џьоукы аҳәсақәа рацәаны иааргоит. Егьырҭ ҩыџьа, ма инареиҳаны аҳәсақәа хазы-хазы аҩнқәа рҿы ирымоуп. Ҩыџьа иеицынхогьы ыҟоуп, хаҵеи-ԥҳәыси ҳәа ашәҟәы иҭеиҩӡамкәа. Абиблиа излаҳәо ала, абарҭқәа зегь иашам (Маҭфеи 19:4—6; 1 Коринфаа рахь 7:1—4; 1 Тимофеи иахь 3:1, 2).

26 Иугәалашәома уара, Анцәа Адам ԥҳәыс заҵәык дышииҭаз? (Аҟазаара 2:22, 24).

27 Џьоукы-џьоукы аныхақәа ирымҵахырхәоит. Анцәа иҳәоит, иара имаҵураҿы ахаҳә-мҿлыхқәеи ма асахьақәеи ухы иаурхәар шухәҭам (Ақәҵымҭа 20:4, 5; Исаиа 44:9—17; 1 Иоанн 5:21).

28 Иегова иқәихуеит зҽызмырҽеиуа ауаа бааԥсқәа (Ԥсалом 36:9, 10; Лука 13:5; 1 Коринфаа рахь 6:9, 10).