Изакәузеи аԥсра?
Изакәузеи аԥсра?
15 Ауаҩы даныԥслак, анышә ахь дхынҳәуеит. Уинахыс уи уаҳа акгьы издырӡом (Ԥсалом 145:4).
Аԥсцәа уара уацәажәара, ма акы аҟаҵара рылшаӡом (Аекклесиаст 9:5, 10).
16 Аха амаалықьцәа ԥыҭҩык хәарҭамхеит. Уажәшьҭа дара иԥсхьоу ауаа ракәушәа рхы цәырыргоит. Урҭ агәра ҳдыргарц иаҿуп, ииашаҵәҟьаны ҳара ҳмыԥсыҵәҟьошәа (Аҟазаара 6:1, 2; Иуда 6).
17 Убри аҟнытә Анцәа Иегова иҭахӡам, арҭ иҽеим амаалықьцәа, адемонцәа ҳәа ахьӡ зырҭаз, рыгәра ҳгаларц (Ақәҵымҭа 22:18; Ҩынтәзакәан 18:10, 11; 32:17).
Иара иҭахӡам, ҳара аҟреи, амагиа еиқәаҵәеи, мамзаргьы ашәиирақәеи ҳнапы рылакызарц (Галатаа рахь 5:19—21).