Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Иҟауҵарц иухәҭоузеи уара?

Иҟауҵарц иухәҭоузеи уара?

Иҟауҵарц иухәҭоузеи уара?

50 Иуҭахӡами уара уи џьанаҭ ссираҿы наӡаӡа унхаларц?

Ус акәзар, Анцәа ииҳәо еиҳа-еиҳа аилкаара уашьҭаз. Уҽазкы Абиблиа аԥхьашьа аҵара (Иоанн 17:3; Аартра 1:3).

51 Деилкаала Иисус еиҳа инарҵауланы (Ҩынтәзакәан 18:18, 19; Иоанн 3:16; Аусқәа 3:19—23).

52 Абзиара мацара аҟаҵара уҽазкны, Иегова уизыӡырҩла (Римаа рахь 6:17, 18, 22).

53 Иудыруаз, Иегова иҳаиҳәоит, ҳара ауаҩы даҳшьыр шыҟамло (Ақәҵымҭа 20:13; 1 Иоанн 3:11, 12).

54 Аӡәы иитәу агара ҳақәиҭӡам (Ақәҵымҭа 20:15; Ефесаа рахь 4:28).

55 Ахаҵа ихәҭам аԥҳәыс лыцынхареи ма лыцшьҭалареи, уи иара ихатә ԥҳәыс лакәымзар (Ақәҵымҭа 20:14, 17; 1 Фессалоникаа рахь 4:3).

56 Иугәалашәома, Анцәа ахаҵа шаҟаҩы аҳәсақәа имазарц азин ииҭауа? Шаҟа аамҭа иԥҳәыс длыцынхозарц ихәҭоузеи ахаҵа? (Аҟазаара 2:22, 24; Маҭфеи 19:5, 6; 1 Коринфаа рахь 7:2, 10, 11).

57 Иудыруаз, иара убасгьы, Иегова заҵәык шиакәу ҳара ҳзымҵахырхәалаша (Маҭфеи 4:10; 1 Коринфаа рахь 8:6).

58 Аныхақәеи асахьақәеи зынӡа иҳахәаӡом. Избан? (1 Коринфаа рахь 8:4).

Ибзиоума аныхақуа рымазаара? (Ҩынтәзакәан 27:15; 1 Иоанн 5:21).

59 Избан изҽеим алаԥшхырԥагақәа рымазаареи ашәиирақәа рхархәареи? (Ҩынтәзакәан 18:10—13; Аартра 21:8).

60 Иҽеим амаалықьцәа ма аҩсҭаацәа Анцәа иҿагылеит. Аԥшцәеи ахәаџьацәеи рхы иархәаны, урҭ ауаатәыҩса дырҟьалоит (Аусқәа 16:16).

61 Ҳара Анцәа ҳиҳәозароуп. Аныҳәара иаанаго Анцәа иацәажәароуп, иара имаҵура шаҳҭаху иаҳәареи ацхырааразы иҳәареи роуп (Филиппаа рахь 4:6, 7).

62 Ҳара Иисус ҳаизыӡырҩлароуп, игәрагьы ҳгозароуп (Ауриацәа рахь 5:9; Иоанн 3:16).

63 Угәы иҭаз, уи ҳара ҳаиқәырхаразы дшыԥсыз (Римаа рахь 5:8).

64 Иудыруаз, Иисус — блала иаҳзымбо ҳ-Аԥсҳа шиакәу. Ҳара уи ҳаизыӡырҩлароуп (Филиппаа рахь 2:9—11; Аартра 19:16).

65 Иисус иҳәеит, уара бзиарас еилукаауа атәы ауаа ишырзеиҭоуҳәаша, насгьы Анцәа имаҵура зҭаху аӡы рыҽӡаархырц шрыхәҭоу (Маҭфеи 28:19, 20; Иоанн 4:7—15).

66 Убри аҟнытә уҩызцәа ирзеиҭоуҳәаларц улшоит абарҭ аџьашьахәқәа ртәы (Маҭфеи 10:32).

67 Ибзианы аԥхьашьа узҵар, еиҳа аилкаара уоуеит, насгьы даҽа џьоукгьы урыцхраартә уҟалоит (2 Тимофеи иахь 2:15).

68 Иисус ахәыҷқәагьы Анцәа изыӡырҩра шаҭаху дирҵон. Уи ианакәзаалак аамҭа иԥшаауан урҭ рацәажәаразы (Маҭфеи 19:13—15).

69 Аҭаацәа еснагь рхәыҷқәа иддырҵалароуп Анцәа изыӡырҩышьеи уи ибзиабашьеи (Ҩынтәзакәан 6:6, 7; Ажәамаанақәа 6:20—22; Ефесаа рахь 6:4).

70 Иҟоуп еиуеиԥшым ауахәамақәа рацәаны. Урҭ иддырҵо аиҳарак Абиблиа аҟынтә иаагам. Иегова иҳадиҵоит, аҵабырг хаҭа ҳазмырҵо адинхаҵарақәа аанҳажьырц (Аартра 18:4; Иоанн 4:23, 24).

71 Иегова адгьылаҿы имоуп иара дызусҭоу еиӷьны иуелзыркааша ауаа. Иудыруама уара, урҭ зусҭцәоу? (Аусқәа 15:14; Римаа рахь 10:14, 15).

72 Урҭ — Иегова Ишаҳаҭцәа роуп. Дара рыбжьара аҳра ауеит аҭынчра. Избан удыруазар? Избанзар, урҭ бзиа еибабоит (Исаиа 43:10—12; Иоанн 13:34, 35).

73 Иегова бзиа дахьырбо аҟнытә, урҭ аӡы рыҽӡаархит. Убас дара иаахтны иаадырԥшуеит, иҽеим ахымҩаԥгашьа шаанрыжьыз, насгьы рыԥсҭазаара зегьы Анцәа имаҵура иазыркырц шырҭаху (Аусқәа 2:41).

74 Иегова Ишаҳаҭцәа иссиру адгьыл џьанаҭаҿы аԥсҭазаара иақәгәыӷуеит (Ԥсалом 36:9—11, 29).

Уара иҟауҵарц иулшои, уаҟа урыцынхаларц азы? (Иаков 1:22, 25; 2:20—26).

75 Иегова имаҵуышьа уҵарц азы, дара уҽрыдкыла. Урҭ бзиа ирбоит, иагьырзыӡырҩуеит Иеговеи Иисус Христоси. Уара ухаҭа бзиа иубома урҭ? Иуҭахӡами уара Анцәа иеилкаараҿы џьоукы урыцхраарц? (Иоанн 6:45—47).

76 Иеговеи Иисус Христоси уара бзиа урбоит, иагьырҭахуп, наунагӡа адгьыл џьанаҭаҿы унхалозарц (Иоанн 3:16).

Абри аброшиураҿы асахьақәа уанрыхәаԥш, аинформациа анудукыла ашьҭахь, хымԥада, уара наунагӡа адгьылаҿы аԥсҭазаара уеигәырӷьаларц агәаҳәара уоуит. Абри атәы еиҳа инарҭбааны еиулкаарц уҭахызар, ҳара иуабжьаагоит, уааигәа инхо Иегова Ишаҳаҭцәа руаӡәы уиацәажәарц. Иара убас, уара иулшоит ухала, ма аӡәы ацхырааразы уиҳәарц, уахьынхо аҭыԥ иазааигәоу афилиал ахь урҭ иҩны ирзынаицҳарц, абри аброшиура аҩбатәи адаҟьаҿы иарбоу адресқәа инарықәыршәаны.