Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Узшада уара?

Узшада уара?

Узшада уара?

1 Анцәа ишеит дгьыли-жәҩани (Аҟазаара 1:1).

2 Анцәа ахьӡ имоуп. Иара ихьӡуп Иегова (Ақәҵымҭа 15:3).

Иегова ажәҩанаҿы дыҟоуп. Иара ддоуҳауп. Уара уи ибара улшаӡом (Исаиа 66:1; Иоанн 1:18; 4:24).

3 Анцәа Иегова ажәҩанаҿы амаалықьцәа рацәаны ишеит. Урҭгьы — убасҵәҟьа идоуҳақәоуп. Дара зегьы бзиақәан. Ажәытәӡан урҭ зны-зынла ауаатәыҩса рсахьа аархәон, ауаа ирбарц азы (Ауриацәа рахь 1:7).

4 Иегова ауаа ишаанӡа акырӡа шыбжьаз ишеит аԥстәқәа (Аҟазаара 1:25).

5 Иегова, иара убасгьы, ишеит хаҵеи-ԥҳәыси, урҭ ирыхьыӡхеит Адами Евеи (Аҟазаара 1:27).

Анцәа урҭ нирхеит иссиру абаҳчаҿы, мамзаргьы џьанаҭаҿы. Иара Адам дизишеит ԥҳәыс заҵәык. Ахаҵа ԥҳәысс ҳәа аӡәы заҵәык димазар акәын (Аҟазаара 2:8, 21, 22, 24).

6 Аԥсы ҳәа иҟоу — ауаҩы ихаҭа иоуп (Аҟазаара 2:7).

7 Аԥстәқәагьы — аԥсы ҳәа иԥхьаӡоуп (Аҟазаара 1:24).