Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ҳҽызлеиқәҳархои агәнаҳареи аԥсреи рҟынтә?

Ҳҽызлеиқәҳархои агәнаҳареи аԥсреи рҟынтә?

Ҳҽызлеиқәҳархои агәнаҳареи аԥсреи рҟынтә?

35 Иугәалашәома, раԥхьатәи ауаҩы Адам агәнаҳара шыҟаиҵаз? Уи ицәыӡит аԥсҭазаареи џьанаҭи, ҳазынтәыкгьы убасҵәҟьа ҳаԥсуеит, избанзар ҳара иара ҳаихылҵит (Римаа рахь 5:12; 3:23).

36 Ҳара еиҭаҳаурц ҳалшоит инаӡоу аԥсҭазаара, инаӡоу ҽаӡәы ихы ҳақәиҵар, мамзаргьы аԥсра аҟнытә ҳҿихыр (1 Коринфаа рахь 15:45; Римаа рахь 5:19, 21).

37 Иисус Анцәа Иԥа иакәын. Иара инаӡаз уҩын. Гәнаҳара ҟаимҵацызт (Ауриацәа рахь 5:9; 7:26).

38 Анцәа дызҭахымыз ауаа иара ишьра иақәиҭитәит (Аусқәа 2:23).

Абасалагьы иара ихы хҿыхгас иаҳзааигеит (1 Тимофеи иахь 2:6).

39 Иисус дыржит иҭаԥҟаз аҳаԥаҿы ма адамраҿы. Иара дыԥсны дыкҿан хымш. Нас Анцәа уи иԥсы ҭеиҵеит (Аусқәа 2:24).

40 Иара ажәҩан ахь дхынҳәит. Уажәшьҭа илшоит иаб диҳәарц, Анцәа изыӡырҩуа ауаа дрыцхраарц азы (Ауриацәа рахь 9:24; 1 Иоанн 2:1, 2).