АХЫ 6
Иабаҟоу иԥсхьоу ауаа?
1—3. Иарбан зҵаарақәоу аԥсра иазкны ауаа ирызцәырҵуа, насгьы ишԥаҟарҵо урҭ рҭак адинхаҵарақәа?
АБИБЛИА агәра ҳнаргоит мышкызны аԥсра уаҳа ишыҟамло (Аатра 21:4). Ахәбатәи ахаҿы ишеилаҳкааз еиԥш, аҿыхра абзоурала ҳара наӡаӡа анхаразы агәыӷра ҳамоуп. Аха макьана ауаа ԥсуеит (Екклезиаст 9:5). Убри аҟынтә ицәырҵуеит азҵаара: иабаҟоу иԥсхьоу ауаа?
2 Ари азҵаара еиҳарак ҳгәы иҵхозар ауеит даара бзиа иаҳбоз аӡәы даҳцәыԥсызар. Ҳара ҳхәыцуазар алшоит: «Дабаҟоу иара уажәы? Кыр даргәаҟуама иара? Дсыцхраар илшома? Дызбома иара ҩаԥхьа?»
3 Адинхаҵарақәа арҭ азҵаарақәа рганахь ала ирҳәо еиԥшым. Динхаҵарақәак ирҳәоит ауаҩы иԥсы анҭаз дыбзиазҭгьы, даныԥслак ашьҭахь ажәҩан ахь дцоит ҳәа, дыцәгьазҭгьы — џьаҳаным ахь. Егьырҭ ирҳәоит ауаҩы даныԥслак иара иԥси иԥсхьаз иуацәа рыԥси еиқәшәоит ҳәа. Даҽа шьоукы ирҳәоит ауаҩы даныԥслак ашьҭахь ҿыц диуеит, аха даҽа цәеижьк иоуеит ҳәа.
4. Ирҳәозеи адинхаҵарақәа зегьы аԥсра иазкны?
4 Адинхаҵарақәа аԥсра иазкны ирҳәо шеиԥшымгьы, ак аҿы ргәаанагара еиқәшәоит — дара зегьы ирҳәоит ауаҩы даныԥслак ашьҭахь иԥсы нхоит ҳәа *. Аха иашоума уи?
ИАБАҞОУ ИԤСХЬОУ АУАА?
5, 6. Иҟалозеи ауаҩы даныԥслак ашьҭахь?
5 Иегова идыруеит ауаҩы даныԥсуа ашьҭахь иҟало, убри аҟынтә иҳаиҳәеит ауаҩы даныԥслак ашьҭахь иԥсҭазаара шҿахҵәо. Аԥсреи аԥсҭазаареи еицырзеиԥшу ҳәа акгьы ыҟам. Ауаҩы даныԥсуа ицәаныррақәеи ихәыцрақәеи ицыԥсуеит. Иара акгьы ибом, акгьы иаҳауам, ахәыцрагьы илшом.
6 Аҳ Соломон иҩит: «Иԥсхьоу акгьы рыздыруам». Ауаҩы даныԥслак ашьҭахь «иҟам аусурагьы, агәҭакқәагьы, адыррагьы, аҟәышрагьы». (Шәаԥхьа Екклезиаст 9:5, 6, 10.) Иара убас Аԥсалом 146:4 иануп ауаҩы даныԥсуа ихәыцрақәа зегь шыӡуа.
ИИСУС АԤСРА ИАЗКНЫ ИИҲӘАЗ
7. Ииҳәазеи Иисус аԥсра иазкны?
7 Иисус иҩыза гәакьа Лазарь даныԥсы, иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Лазар, ҳара ҳҩыза, дыцәеит». Аха Иисус ииҳәарц ииҭахыз Лазарь иԥсы ишьоит ҳәа акәмызт, избанзар уи ашьҭахь иара иҳәеит: «Лазар дыԥсит» (Иоанн 11:11—14). Ишаҳбаз еиԥш, Иисус аԥсреи ацәеи еиҿирԥшит. Иара имҳәаӡеит Лазарь ажәҩан ахь дцеит, мамзаргьы иԥсхьаз иуацәеи иареи еиқәшәеит ҳәа. Уи иара убас имҳәаӡеит Лазарь џьаҳаным дақәшәеит, ма даҽа уаҩык иеиԥш ҿыц диит ҳәа. Мап, Иисус иажәақәа инарықәыршәаны Лазарь иҭаҳәахаа ицәоу ауаҩы диеиԥшын. Егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа рҿгьы аԥсра ацәа иаҿырԥшуп (Аԥсалом 13:3; Лука 8:52).
8. Иабантәиҳдыруеи Анцәа ауаа ԥсларц шиҭахымыз?
8 Ишама Анцәа Адами Евеи, урҭ мышкызны иԥсырц Екклезиаст 3:11). Шәазхәыц, ирҭахума аҭаацәа рхәыҷқәа шажәуа, насгьы ишыԥсуа рбалар? Иеговагьы иҭахӡам ҳара ҳшажәуа, насгьы ҳшыԥсуа ибалар. Анцәа наӡаӡа ҳанхаларц азы ҳаишазар, ҳзыԥсуазеи нас ҳара?
азы? Мап! Иегова урҭ ишеит ахаан ичмазҩымхаӡакәа наӡаӡа инхаларц азы. Иегова ауаа анишоз наӡаӡа анхаразы агәаҳәара рылеиҵеит (ИЗЫԤСУАЗЕИ АУАА?
9. Избан Иегова Адами Евеи аԥҟара зриҭаз, насгьы ицәгьазма уи ақәныҟәара?
9 Едемтәи абаҳчаҿы Иегова Адам иеиҳәеит: «Уара узхара уфалар улшоит абаҳчаҿы игылоу аҵлақәа зегь рҟынтә. Аха ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵла аҟынтә иумфан, избанзар иануфа аҽны хымԥада уԥсуеит» (Аҟазаара 2:9, 16, 17). Ари адҵа ақәныҟәара зынӡа ицәгьамызт, насгьы Иегова иман азин ацәгьеи абзиеи закәу Адами Евеи раҳәара. Урҭ Иегова изыӡырҩызҭгьы, Анцәа имчра пату шақәырҵоз, насгьы иара ирзыҟаиҵаз зегьы ахә шыршьоз аадырԥшуан.
10, 11. а) Ишԥеижьеи Аҩсҭаа Адами Евеи? б) Избан урҭ ранажьразы амзыз зыҟамыз?
10 Илахьеиқәҵагоуп, аха Адами Евеи Иегова изымӡырҩӡеит. Аҩсҭаа Ева длазҵааит: «Иҳәаҵәҟьама Анцәа абаҳчаҿы игылоу аҵлақәа зегь рҟынтә ашәыр шәфар ҟалом ҳәа?» Ева илҳәеит: «Абаҳча иҭагылоу аҵлақәа ршәыр ҳфар ҟалоит. Аха абаҳча агәҭаны иҟоу аҵла ашәыр азы Анцәа ус иҳәеит: „Ишәымфан уи аҟынтә, насгьы шәаламкьысын уи, шәымԥсырц азы“» (Аҟазаара 3:1—3).
11 Анаҩс Аҩсҭаа иациҵеит: «Мап, шәыԥсӡом. Аха идыруеит Анцәа уи ашәыр анышәфо аҽны шәыблақәа шыхтуа, насгьы Анцәа иеиԥш ацәгьеи абзиеи здыруа шәакәны шәшыҟало» (Аҟазаара 3:4—6). Аҩсҭаа Ева агәра лиргарц иҭахын ацәгьеи абзиеи закәу лхала илыӡбалар лылшоит ҳәа. Убри аамҭазгьы дижьеит: иара иҳәеит лара Анцәа дизымӡырҩыр дыԥсӡом ҳәа. Убри аҟынтә Ева ашәыр ҿыхны афара далагеит, лхаҵагьы илҭеит, иаргьы ифеит. Адами Евеи ирдыруан Иегова ари ашәыр афара азин шримҭаз. Аха дара уеизгьы ирфеит, уи ала иаадырԥшит еилыкка иҟаз, иара убас ахшыҩ зҵаз адҵа ақәныҟәара шырҭахымыз, насгьы бзиа избоз жәҩантәи Раб пату шиқәрымҵоз. Урҭ ранажьразы амзыз ыҟамызт!
12. Избан Адами Евеи Анцәа иахьизымӡырҩыз игәы зинархьыз?
12 Илахьеиқәҵагоуп Адами Евеи аԥсҭазаара рызҭаз абас пату ахьиқәрымҵаз! Шәхы шԥажәбарыз шәхы шәамеигӡакәа ишәааӡаз шәыҷкәыни шәыӡӷаби шәҿагылазҭгьы, насгьы шәҳәатәы иахыԥазҭгьы? Ҳәарада, уи шәгәы шәнархьуан.
13. Ииҳәарц ииҭахызи Иегова «уара дгьылтә сабоуп, асабахьгьы ухынҳәуеит» ҳәа Адам ианиеиҳәа?
13 Адами Евеи Анцәа иахьизымӡырҩыз азы наӡаӡа анхаразы алшара рцәыӡит. Иегова Адам иеиҳәеит: «Уара дгьылтә сабоуп, асабахьгьы ухынҳәуеит». (Шәаԥхьа Аҟазаара 3:19.) Уи иаанагон Адам анышә ахь дшыгьежьуа, ахаан дыҟамызшәа дшықәӡаауа (Аҟазаара 2:7). Адам агәнаҳа аныҟаиҵа ашьҭахь дыԥсит, дықәӡааит.
14. Ҳзыԥсуазеи ҳара?
14 Адами Евеи Анцәа изыӡырҩызҭгьы, уажәраанӡагьы рыԥсы ҭазаауан. Аха дара Анцәа ианизымӡырҩы агәнаҳа иаҵалеит, аҵыхәтәангьы иԥсит. Агәнаҳа Римаа рахь 5:12). Аха Анцәа ауаа рзы ииҭахыз уи акәӡамызт. Иара иҭахӡамызт ауаа ԥсларц. Абиблиаҿы иҳәоуп аԥсра шҳаӷоу (1 Коринфаа рахь 15:26).
Адами Евеи рҟынтә ҳара ҳахь ииасыз иузымхәышәтәуа ачымазара иеиԥшуп. Ҳара зегьы агәнаҳа ҳаманы ҳаиуеит, убри азоуп ҳзыԥсуа (АҴАБЫРГ АХАҚӘИҬРА ҲНАҬОИТ
15. Ҳашԥахьчо аԥсра иазку аҵабырг?
15 Аԥсра иазку аҵабырг ииашам агәаанагарақәа рҟынтә ҳахьчоит. Абиблиа иҳаилнаркаауеит иԥсыз ауаа шымгәаҟуа. Дара зцәажәом, ҳаргьы урҭ ҳазрацәажәом. Дара ацхыраара ҳаҭара рылшом, ҳаргьы урҭ ҳазрыцхраауам. Дара ҳԥырхагахоит ҳәа ашәара аҭахӡам, избанзар урҭ акгьы рзыҟаҵом. Аха адиннапхгаҩцәа аӡәырҩы ирҳәоит иԥсыз ауаҩы иԥсы нхоит ҳәа, насгьы уи ҳицхраарц азы апапцәа аԥара рзаҳшәароуп ҳәа. Аха аԥсра иазку аҵабырг анаҳдыруа, ҳара ари аҩыза амц агәра ҳгом.
16. Иарбан мцу адинхаҵарақәа жәпакы ауаа иддырҵо?
16 Аҩсҭаа ҳаижьарц, насгьы иԥсхьоу ауаа даҽаџьара инхоит ҳәа ахәыцра ҳалаиргарц азы амцдинхаҵара ихы иаирхәоит. Иаҳҳәап, уахәамақәак ауаа иддырҵоит ауаҩы данԥслак ашьҭахь иԥсы нхоит ҳәа. Ирҳәома шәдинхаҵараҿгьы убас, мамзаргьы уи ишәнарҵо Абиблиа иану иақәшәоу? Аҩсҭаа амц ихы иархәаны ауаа Иегова иҟәигоит.
17. Избан џьаҳаным иазку амцҵара Иегова дланарҟәуеит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
17 Адинхаҵарақәа жәпакы аԥсра иазкны ирҳәо уацәшәартә иҟоуп. Иаҳҳәап, дара ирҳәоит ауаа цәгьақәа џьаҳаным аҿы наӡаӡа амца иалабыллоит ҳәа. Ари амц Иегова дланарҟәуеит. Иара ауаа ахаангьы иргәаҟуам! (Шәаԥхьа 1 Иоанн 4:8.) Ихышәҳәаарызи аб изымӡырҩыз ихәыҷы инапы амца иахакны икызҭгьы? Ҳәарада, шәара уи абзиабара злам, иҽеим ауаҩ иоуп ҳәа шәыԥхьаӡон, насгьы уи ҩызас ишьҭыхра шәҭаххомызт. Аҩсҭаа иҭахуп ҳаргьы Иегова убас ҳаизыҟазарц!
18. Избан иԥсхьоу ҳрыцәшәалар зҳахәҭам?
18 Адиннапхгаҩцәа шьоукы ирҳәоит ауаҩы даныԥсуа ашьҭахь иԥсы нхоит ҳәа. Уи адагьы, дара ирҳәоит ҳара урҭ рымаҵ ҳаулар, мамзаргьы ҳрыцәшәалар ауп ҳәа, избанзар урҭ ма ҳрыхьчалар ма иаҳԥырхагахар ауеит ҳәа. Уи амц агәра зго ауаа даара ирацәаҩуп. Дара аԥсцәа ирыцәшәоит, убри аҟынтә Иегова иакәымкәа урҭ ирымҵахырхәоит. Аха хыхь ишҳәаз еиԥш аԥсцәа акгьы рбом, акгьы раҳауам, убри аҟынтә урҭ ҳрыцәшәалар ҳахәҭам. Ҳазшаз Иегова заҵәык иоуп зымҵахырхәара иаԥсоу, иара иоуп ииашаҵәҟьоу Анцәа (Аатра 4:11).
19. Хәарҭас иаҳзаанагозеи иԥсхьоу рҭагылазаашьа иазкны аҵабырг ахьаҳдыруа?
19 Иԥсхьоу рҭагылазаашьа иазкны иаҳдыруа аҵабырг амцҵарақәа рҟынтә ахақәиҭра ҳнаҭоит. Иара убас уи аҵабырг ҳацхраауеит Анцәа ҳаԥхьаҟа зеиԥшыҟам аԥеиԥш шҳаиҭо агәра агара.
20. Еилҳаргозеи анаҩстәи ахаҿы?
20 Акыршықәса раԥхьа инхоз Анцәа имаҵ зуаз Иов иҳәеит: «Ауаҩы дыԥсыр, еиҭа ҿыц дзынхома?» (Иов 14:14). Илшаҵәҟьома иԥсыз ауаҩы ҿыц анхара? Абиблиа ала Анцәа иҳаиҭо аҭак даара иџьашьахәуп. Уи анаҩстәи ахаҿы ҳалацәажәоит.