АХЫ 11
Избан адунеи гәаҟрала изҭәу?
1, 2. Иарбан зҵаароу аӡәырҩы ауаа ирызцәырҵуа?
ЕСЫҼНЫ ҳара иҳаҳауеит адунеи аҿы еиуеиԥшым агәаҟрақәа шыҟало. Иаҳҳәап, адгьылҵысра ақалақь шықәнаго, ауаа ишрықәло, насгьы ишыршьуа, хәҩык ахәыҷқәа ран акьыба дшаго, лхәыҷқәагьы аныда ишаанхо.
2 Абас еиԥш иҟоу арыцҳарақәеи агәаҟрақәеи аныҟало, аӡәырҩы ирызцәырҵуеит азҵаара: «Избан?». Дара ирзеилкааӡом адунеи гәаҟрала изҭәу, насгьы ауаа абас изеибацәымӷу. Ишәызцәырҵхьома шәаргьы убас еиԥш иҟоу азҵаара?
3, 4. а) Иарбан зҵаарақәоу Аввакум Иегова ииҭаз? б) Ҭақс ииҭазеи Иегова Аввакум?
3 Абиблиаҿы иануп агәрахаҵара ӷәӷәа змаз ауаагьы абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа шрызцәырҵуаз. Иаҳҳәап, аԥааимбар Аввакум Иегова дизҵаауан: «Избан уара ацәгьара зысурбо, насгьы арыцҳарақәа узрыхәаԥшуа? Избан сара сҿаԥхьа ақәылареи ақәымчреи зыҟоу? Избан изыҟоу аимак-аиҿакқәа, насгьы изыҿиозеи аиҿыхарақәа?» (Аввакум 1:3).
4 Аввакум 2:2, 3 аҿы иануп Анцәа Аввакум изҵаарақәа рҭак шыҟаиҵаз, насгьы аҭагылазаашьа шиԥсахуа агәра шииргаз. Иегова ауаа даараӡа бзиа ибоит. Абиблиаҿы иануп: «Иара гәҭыха-хьаас шәимоуп» (1 Пиотр 5:7). Анцәа агәаҟрақәа ҳара ҳаасҭагьы ицәымӷуп (Исаиа 55:8, 9). Избан нас адунеи гәаҟрала изҭәу? Шәааи ари азҵаара еилҳаргап.
ИЗГӘАҞУАЗЕИ АУАА?
5. Ирҳәозеи адинрҵаҩцәа аӡәырҩы агәаҟрақәа ирызкны, аха иаҳәозеи Абиблиа?
5 Апапцәеи адинрҵаҩцәеи лассы-лассы ирҳәоит ауаа агәаҟрақәа ирықәзыршәо Анцәа иоуп ҳәа. Даҽа шьоукы ргәы иаанагоит ауаҩы дзықәшәо зегьы, агәаҟрақәагьы уахь иналаҵаны, Анцәа илахь ианиҵеит ҳәа, насгьы урҭ дызрықәиршәо ауаҩы ахаан изеилкаауам ҳәа. Егьырҭ ирҳәоит адуцәагьы, ахәыҷқәагьы зыԥсуа хыхь ажәҩан аҿы Анцәа ицҟаларц азы ауп ҳәа. Аха уи мцуп. Иегова ахаан ицәгьоу ҳәа акгьы ҟаиҵом. Абиблиаҿы иануп: «Иҵабыргу Анцәа ацәгьара изыҟаҵом, насгьы Зегьзымчу ииашамкәа ихы мҩаԥигом» (Иов 34:10).
6. Избан аӡәырҩы агәаҟрақәа зегьы Анцәа изихарарҵо?
6 Аӡәырҩы ауаа агәаҟрақәа зегьы Анцәа ихарарҵоит, избанзар адунеи напхгара азызуа иара иакәу џьыршьоит. Аха 3-тәи ахаҿы ишеилаҳкааз еиԥш, адунеи анапхгара азызуа Аҩсҭаа Аџьныш иоуп.
7, 8. Избан адунеи гәаҟрала изҭәу?
7 Абиблиа иҳанаҳәоит адунеи зегь Ацәгьа инапаҿы ишыҟоу (1 Иоанн 5:19, АдҾ). Ари адунеи анапхгаҩы, Аҩсҭаа, арыцҳашьара илам. Иара адунеи зегь ажьара даҿуп (Аатра 12:9). Аӡәырҩы ауаа иара иҿыԥшуеит. Убри азоуп адунеи мцылеи рыцҳаралеи изҭәу, насгьы ауаа зеибацәымӷу.
8 Аха иҟоуп егьырҭ амзызқәагьы. Адами Евеи Анцәа ианиҿагыла ашьҭахь анаӡара рцәыӡит, рхәыҷқәагьы агәнаҳа иаҵарҵеит. Агәнаҳа иахҟьаны ауаа Екклезиаст 4:1; 8:9). Иара убас зны-зынла ауаа «аамҭеи амашәыри» иахҟьаны игәаҟуеит (Екклезиаст 9:11). Даҽакала иуҳәозар, дара ианаамҭамыз иахьаҭыԥым иахьыҟаз иахҟьаны гәаҟрак ма рыцҳарак иақәшәоит.
еибаргәаҟуеит. Дара еицлабуеит, еиҿагылоит, еибашьуеит, насгьы иҽеимкәа еизныҟәоит (9. Иҭахума Анцәа ҳара ҳгәаҟларц?
9 Иегова ауаа ахаан ацәгьара иақәиршәом. Аибашьрақәеи, ацәгьоурақәеи, аиашамреи иара ихараӡам. Иара иакәӡам адгьылҵысрақәеи, ауаа аԥхасҭа ду рзаазго аԥшаӷәӷәақәеи, аӡхыҵрақәеи, егьырҭ арыцҳарақәеи ҟазҵо. Аха иҟалап шәара шәхәыцуазар: «Адунеи аҿы зегь раасҭа амч змоу Иегова иакәзар, избан ацәгьара зықәимхуа?» Анцәа ҳара даараӡа бзиа ҳаибоит. Иара ҳгәаҟларц иҭахӡам. Аха ҳара уеизгьы агәаҟрақәа ҳрықәшәоит. Анаҩстәи абзацқәа рҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Анцәа урҭ зичҳауа (1 Иоанн 4:8).
ИЗИЧҲАУАЗЕИ АНЦӘА АГӘАҞРАҚӘА?
10. Ииҳәазеи Аҩсҭаа Иегова изкны?
10 Едемтәи абаҳчаҿы Аҩсҭаа Адами Евеи ижьеит. Иара иҳәеит Иегова днапхгаҩ бзиаӡам ҳәа, насгьы ибзиоу ак рцәиҵәахуеит ҳәа. Аҩсҭаа Адами Евеи агәра диргарц иҭахын анапхгаҩ иеиԥш иара Иегова иаасҭа дшеиӷьхо, насгьы дара Анцәа ида инхалар шрылшо (Аҟазаара 3:2—5; шәахәаԥш Ацҵа 26).
11. Иарбан зҵаароу зҭак ҟаҳҵар ҳахәҭоу?
11 Адами Евеи Иегова изымӡырҩӡеит, иагьиҿагылеит. Дара ргәы иаанагеит ацәгьеи абзиеи закәу рхала ирыӡбалар рылшоит ҳәа. Ишьақәирӷәӷәар шԥаилшоз Иегова урҭ шиашамыз, насгьы анасыԥ ҳаҭара зылшо иара заҵәык шиакәу?
12, 13. а) Избан Иегова иаразнак иҿагылаз зықәимгаз? б) Избан Иегова Аҩсҭаа адунеи напхгара азиуларц залиршаз, насгьы ауаа аҳәынҭқаррақәа шьақәдыргыларц азин зриҭаз?
Аҟазаара 1:28; Исаиа 55:10, 11).
12 Иегова Адами Евеи иаразнак иқәимгаӡеит, аха ахшара роуртә еиԥш алшара риҭеит. Иара Адами Евеи рхәыҷқәа азин риҭеит зымаҵ рулар рҭаху рхала ирыӡбарц. Иегова иҭахын адгьыл инаӡоу ауаа рыла иҭәырц, убри аҟынтә Аџьныш иҟаиҵалакгьы, Анцәа игәҭакы намӡар залшомызт (13 Аҩсҭаа миллионҩыла амаалықьцәа рҿаԥхьа Иегова ихьӡ ирцәгьеит (Иов 38:7; Даниил 7:10). Иегова Аҩсҭаа аамҭа ииҭеит ииҳәаз иашазу ииашамзу ааирԥшырц азы. Иара убас Иегова ауаагьы аамҭа риҭеит Аҩсҭаа инапхгара аҵаҟа аҳәынҭқаррақәа шьақәыргыланы Анцәа ида инхалар рылшоу ирылымшоу аадырԥшырц азы.
14. Иаанарԥшызеи аамҭа?
14 Азқьышықәсақәа рыҩныҵҟа ауаа напхгара аҟаҵара рҽазыршәон, аха уи акгьы алымҵит. Иубаратәы иҟалеит Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу, насгьы Анцәа ида ауаа акгьы шрылымшо. Абар аԥааимбар Иеремиа ииҳәаз: «Издыруеит, о Иегова, ауаҩы имҩа имчраҿы ишыҟам. Илшом инеиуа ишьаҿақәа ахырхарҭа рыҭара» (Иеремиа 10:23).
ДЗЫԤШУЗЕИ ИЕГОВА АБРИАҞАРА?
15, 16. а) Изичҳауазеи Иегова агәаҟрақәа абриаҟара? б) Изықәимгозеи Иегова Аҩсҭаа ихҟьаз ауадаҩрақәа?
15 Изичҳауазеи Иегова агәаҟрақәа абриаҟара? Избан иара ацәгьара зықәимго? Избанзар Аҩсҭаа напхгара аҟаҵара шилымшо ашьақәырӷәӷәаразы аамҭа аҭахуп. Ауаа еиуеиԥшым анапхгарақәа ԥыршәахьеит,
аха ақәҿиара рмоуит. Анаукеи атехнологиеи рганахь ала аихьӡарақәа шыҟарҵазгьы, аиашамреи, аӷарреи, ацәгьоурақәеи, аибашьрақәеи еиҳа еиҳахеит. Ауаа ирылшом Анцәа ида қәҿиарала напхгара аура.16 Избан Аҩсҭаа ихҟьаз ауадаҩрақәа Иегова макьана изықәимхуа? Избанзар урҭ ықәигазҭгьы, иара Аҩсҭаа напхгара аҟаҵара дицхраауашәа алҵуан. Анцәа ахаан уи ҟаиҵом. Уи адагьы, усҟан ауаа Анцәа ида қәҿиарала напхгара аҟаҵара рылшоит ҳәа ргәы иаанагон. Аха уи ус акәӡам. Иегова амц дадгылаӡом, насгьы ахаангьы уи иҳәаӡом (Ауриацәа рахь 6:18).
17, 18. Ишԥаириашо Иегова Аҩсҭаа ихҟьаз аԥхасҭа?
17 Илшома Иегова Аҩсҭааи иҿагылаз ауааи ирыхҟьаз ауадаҩрақәа зегь рықәгара? Ааи, Анцәа илымшо акгьы ыҟам. Иегова урҭ ауадаҩрақәа зегь иӡбоит, Аҩсҭаа дышиашам аҵыхәтәанынӡа ианышьақәырӷәӷәахо. Усҟан иара раԥхьаӡа игәы иҭеикыз наигӡоит — адгьыл џьанаҭны иҟаиҵоит. «Адамрақәа ирҭоу» зегьы рыԥсы ҭаҵахоит (Иоанн 5:28, 29). Ауаа ахаангьы ичмазаҩхалаӡом, иагьыԥслаӡом. Иисус ириашоит Аҩсҭаа ихҟьаз аԥхасҭа зегьы. Иисус ибзоурала Иегова иқәихуеит Аҩсҭаа иҟаиҵаз ацәгьарақәа зегьы (1 Иоанн 3:8). Аха уажәы Иегова ҳара ҳахь ачҳара аарԥшны аамҭа ҳаиҭоит иара деилаҳкаарц, насгьы Ҳнапхгаҩ иеиԥш ҳаизыӡырҩлар ҳҭаху иаҳҭахыму ҳаӡбарц азы. (Шәаԥхьа 2 Пиотр 3:9, 10.) Агәаҟрақәа ҳанрықәшәо, иара урҭ рыхгара дҳацхраауеит. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 10:13).
18 Иегова имаҵ аура мчыла иҳадицалаӡом. Иара иҳаиҭеит зыхә ҳараку аҳамҭа — алхра ахақәиҭра. Шәааи ҳалацәажәап зыхә ҳараку уи аҳамҭа.
ШӘХЫ ИШԤАШӘЫРХӘО ШӘАРА АЛХРА АХАҚӘИҬРА?
19. Иарбан зеиԥшыҟам ҳамҭоу Иегова иҳаиҭаз? Избан уи ахә ҳшьалар зҳахәҭоу?
19 Иегова ауаа ириҭаз алхра ахақәиҭра зеиԥшыҟам ҳамҭоуп, уи ала дара аԥстәқәа иреиԥшӡам. Аԥстәқәа ирылшом ацәгьеи абзиеи реиҩдыраара, дара зланхо аинстинктқәа рыла ауп. Аха ҳара ҳаԥсҭазааратә мҩа ҳхала иалаҳхыр ҳалшоит, насгьы Иегова имаҵ ҳаулоу иаҳмулоу ҳхала иҳаӡбар ауеит (Ажәамаанақәа 30:24). Иара убасгьы ҳара ароботқәа ҳреиԥшӡам, урҭ ауаҩы ирҭеигалаз апрограмма ауп инарыгӡо, уаҳа даҽа уск рзыҟаҵом. Аха ҳара иҳалшоит еиуеиԥшым аӡбарақәа рыдкылара, иаҳҳәап, ҳара ҳхала иҳаӡбоит ҳзеиԥш уаҩхо, ҩызцәас ишьҭаҳхуа, ҳаԥсҭазаара ззаҳкуа. Иегова иҭахуп аԥсҭазаара агәахәара ҳзаанагаларц.
20, 21. Иарбан ԥсҭазааратә мҩоу зегь иреиӷьу?
20 Иегова бзиа даҳбалар иҭахуп (Матфеи 22:37, 38). Иара аб диҿҳарԥшыр ҳалшоит. Аб дгәырӷьоит ахәыҷы аӡәы иахьиҵеиҳәаз азы акәымкәа, ихаҭа гәыкала «бзиа узбоит» ҳәа аниҳәо. Иегова имаҵ ҳаулоу иаҳмулоу ҳхала иҳаӡбар ҳалшоит. Аҩсҭааи, Адами, Евеи Анцәа изымӡырҩырц рыӡбеит. Ишәыӡбозеи шәара?
21 Иалышәх зегь иреиӷьу аԥсҭазааратә мҩа — Иегова имаҵ аура шәалага! Ари аҩыза аӡбара миллионҩыла ауаа ирыдыркылахьеит, дара ирыӡбеит Анцәа ддыргәырӷьаларц, насгьы Аҩсҭаа иҿагыларц (Ажәамаанақәа 27:11). Иегова агәра ҳиргоит ҳаԥхьаҟа агәаҟрақәа уаҳа ишыҟамло. Иҟашәҵар шәылшозеи шәара уи аамҭа жәбарц азы? Уи еилҳаргоит анаҩстәи ахаҿы.