Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Изакәызеи шәара шәзы Абиблиа?

Изакәызеи шәара шәзы Абиблиа?

Ишәҳәарызма шәара ари...

  • ауаҩы иҟәыӷара злоу шәҟәуп ҳәа?

  • амифқәеи алегендақәеи реизга ауп ҳәа?

  • Анцәа Иажәа ауп ҳәа?

ИАҲӘОЗЕИ АБИБЛИА?

«Аҩыра зегьы нцәа доуҳала иаԥҵоуп» (2 Тимофеи иахь 3:16, Ауасиаҭ Ҿыц).

ИААНАГАР АЛШОЗЕИ АРИ ШӘАРА ШӘЗЫ?

Угәы иахәаша аҭакқәа аԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа азҵаарақәа ирызкны (Ажәамаанақәа 2:1—5).

Узықәгәыӷыртә иҟоу анапхгара есыҽнытәи аԥсҭазааразы (Аԥсалом 119:105).

Ҳаԥхьаҟазы ашьаҭа змоу агәыӷра (Римаа рахь 15:4).

ИҲАЛШОМА ҲАРА АБИБЛИА ИАҲӘО АГӘРА ҲГАР?

Ааи, убри азгьы ҳара иҳамоуп амзызқәа хԥа:

  • Иааџьоушьаша аиқәшәара. Абиблиа 40-ҩык раҟара ауаа 1 600 шықәса рыҩныҵҟа ирыҩуан. Урҭ рахьтә еиҳараҩык дара-дара ахаангьы еибамбацызт. Ус шакәугьы, ашәҟәы зегьы ихадоу темак агәылсуеит!

  • Аҭоурыхтә аацҳарақәа риашара. Аҭоурыхҭҵааҩцәа аӡәырҩы рыжәлар раҵахарақәа рыӡбахә аҳәара рҭахӡам. Аха Абиблиа зыҩуаз рхатә гхақәа реиԥш, тәылакаҿ ирыцынхоз ауаа рыгхақәагьы аартны ирҳәон (2 Ашықәсынҵа 36:15, 16; Аԥсалом 51:1—4).

  • Мцра злам аԥааимбаражәақәа. Абиблиаҿ заа иҳәан ажәытә қалақь Вавилон аилабгара атәы уи аҟалара 200 шықәса шагыз (Исаиа 13:17—22). Уа иазгәаҭаз Вавилон шеилабгоз мацара акәӡам, аха уи ампыҵахалаҩ ихьӡгьы анын (Исаиа 45:1—3).

    Имаҷымкәа егьырҭ абиблиатә ԥааимбаражәақәа иара убас акы агымкәа инаӡеит. Уи акәӡами Анцәа Иажәа аҟынтә иззыԥштәу? (2 Пиотр 1:21).

ШӘАЗХӘЫЦ

Ишԥалшо Анцәа Иажәа шәыԥсҭазаара еиӷьнатәыр?

Абиблиа ари азҵаара аҭак ҟанаҵоит ИСАИА 48:17, 18, насгьы 2 ТИМОФЕИ ИАХЬ 3:16, 17 рҟны.