Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә

Изызкузеи ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә? Избан уи агәра ҳгар зҳалшо? Ари аброшиураҿы иануп абиблиатә зҵаарақәа рҭак.

Ари аброшиура хархәашьас иамоу

Ари аброшиура абзоурала шәара Анцәа деилышәкаалар шәылшоит иара Иажәа Абиблиа аҟынтәи. Шәахәаԥш шәхатә Библиаҿы ажәеинраалақәа шәыԥшаар шшәылшо.

АУРОК 1

Изызкузеи ажәабжь бзиа?

Еилышәкаа Анцәа иҟынтә ажәабжь зызку, избан ари ажәабжь иахьа абриаҟара аҵакы замоу, насгьы иҟаҵатәу.

АУРОК 2

Дызусҭада Анцәа?

Имоума Анцәа ахьӡ, насгьы бзиа ҳаибома ҳара?

АУРОК 3

Иабантәаадыруеи Абиблиа — Анцәа иҟынтә шакәу

Иабантәаадыруеи Абиблиа иану зегь шиашоу?

АУРОК 4

Дызусҭада Иисус Христос?

Еилышәкаа избан Иисус дзыԥсыз, аҿыхра закәу, насгьы иахьа иҟаиҵо.

АУРОК 5

Игәы иҭеикзеи Анцәа адгьыл азы?

Абиблиа иҳаилнаркаауеит Анцәа адгьыл зишаз, агәаҟрақәа рҵыхәтәа анԥҵәо, насгьы адгьыли ауааи ирԥеиԥшу.

АУРОК 6

Ирымоузеи гәыӷрас иԥсхьоу?

Иаҳзыԥшузеи ҳара ҳанԥслак? Иаҳбома знымзар-зны иаҳцәыԥсхьоу бзиа иаҳбо ауаа?

АУРОК 7

Изакәызеи Анцәа Иаҳра?

Дазусҭада Анцәа Иаҳра аҳас иахагылоу, насгьы иҟанаҵозеи уи ҳаԥхьаҟа?

АУРОК 8

Избан Анцәа ацәгьареи агәаҟрақәеи зиаҩижьуа?

Ишԥацәырҵи ацәгьара, насгьы избан Анцәа уажәраанӡа уи зиаҩижьуа? Иҟалома знымзар-зны агәаҟрақәа рҵыхәтәа?

АУРОК 9

Ишԥалшо аҭаацәара анасыԥ аиурц?

Иегова насыԥ змоу Нцәоуп, иара иҭахуп аҭаацәарақәа насыԥ рымазарц. Еилкаа Абиблиаҿы ахацәеи, аҳәсеи, аҭаацәеи, ахәыҷқәеи рзы иану ихархәагоу алабжьрақәа.

АУРОК 10

Ишԥаԥшаатәу ииашоу адинхаҵара?

Ирацәоума ииашоу адинхаҵарақәа, мамзаргьы ак акәу иҟоу? Еилышәкаа ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәеи ииашоу адинхаҵареи злалукаауа хә-ҷыдарак.

АУРОК 11

Избан абиблиатә принципқәа рыла анхара изаԥсоу?

Иисус иҳәеит ухатә хшыҩ мацарала анхара изаԥсам, насгьы зегь раасҭа ихадоу ҩ-принципк ҳаилиркааит.

АУРОК 12

Ишԥашәылшо шәара Анцәа изааигәахара?

Еилышәкаа, иаҳауама Анцәа а́ҳәарақәа зегьы, ҳашԥаиҳәалар акәу иара, насгьы иҟаҵатәузеи еиҭа ҳаизааигәахарц азы.

АУРОК 13

Иаԥеиԥшузеи адинхаҵара?

Иҟалома знымзар-зны зегьы ҭаацәарак еиԥш иаӡәыку ииашоу Анцәа имаҵ аныруло аамҭа?

АУРОК 14

Изаҭахузеи Анцәа иеиҿкаара?

Абиблиа иаҳәоит ишԥа, насгьы избан Анцәа ақьырсиантә еизарақәа зеиҿикааз.

АУРОК 15

Избан узыхьӡаз аҿы аангылара изаԥсам?

Ишԥарыцхраауеи егьырҭ шәара Анцәеи иара Иажәеи ирызкны ишәымоу адыррақәа? Ишԥаныруеи Абиблиа аҵара Анцәеи шәареи шәеизыҟазаашьа?