АУРОК 12
Ишԥашәылшо шәара Анцәа изааигәахара?
1. Иаҳауама Анцәа а́ҳәарақәа зегьы?
Анцәа иҭахуп ауаа зегь иара изааигәахаларц иҳәарала (Ԥсалом 65:2). Аха иара аҳәарақәа зегьы дырзыӡырҩӡом. Иаҳҳәап, зыԥҳәыс иҽеимкәа илызныҟәо ахаҵа иҳәарақәа ҭакда инхар ауеит (1 Пиотр 3:7). Анцәа израилаа дырзыӡырҩӡомызт, избанзар иааҟәымҵӡакәа ацәгьоура иаҿын. Аха иара зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа рзыӡырҩра дазхиоуп. Иаҳхаҳмыршҭлароуп Анцәа иҳәара шҳаҭыр дуу. (Шәаԥхьа Исаиа 1:15; 55:7.)
Шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Дырзыӡырҩуама Анцәа аҳәарақәа зегьы?»
2. Ҳашԥаиҳәалар акәу Анцәа?
Иегова заҵәык иоуп зыҳәара ҳахәҭоу, избанзар иара иоуп Зегьзшаз иаӡәыку ииашоу Анцәа (Матфеи 4:10; 6:9). Ҳара зегь агәнаҳа ҳациуеит аҟынтә, ҳагәнаҳарақәа рзыҳәан иԥсыз Иисус Христос ила Анцәа иҳәара ҳахәҭоуп (Иоанн 14:6). Иегова иҭахӡам аҳәарақәа ҿырҳәала иаҳҳәаларц, мамзаргьы урҭ ахьану ашәҟәы аҟынтәи ҳаԥхьаларц. Иара иҭахуп ҳаҳәара ҳара ҳхәыцрақәеи ҳцәаныррақәеи аныԥшларц. (Шәаԥхьа Матфеи 6:7; Филиппаа 4:6, 7.)
Ҳазшаз ҳара гәанылаҵәҟьа иаҳҳәо аҳәарақәагьы иаҳауеит (1 Самуил 1:12, 13). Иара ҳгәазҭеиҵоит ианаҳҭаху аамҭазы ҳиҳәаларц. Ибзиахон ҳара ҳамш ҳалагалар, насгьы ҳалгалар анцәаиҳәарала, акраҳфаанӡа, насгьы ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо. (Шәаԥхьа Ԥсалом 55:22; Матфеи 15:36.)
3. Избан ақьырсианцәа еицеизалар зрыхәҭоу?
Анцәа изааигәахара мариам, избанзар ҳара ҳанхоит аӡәырҩы ауаа Анцәа дахьхарымҵо, насгьы иара адгьыл зегьы џьанаҭны ишыҟаиҵо иқәыргәыӷрақәа иахьахыччо (2 Тимофеи 3:1, 4; 2 Пиотр 3:3, 13). Убри аҟынтә ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит ҳхаҵара ҳацеиҩызшо рыҿцәажәара, насгьы ҳара-ҳара ҳаидгылара. (Шәаԥхьа Ауриацәа 10:24, 25.)
Анцәа бзиа дызбо рыҿцәажәара иара изааигәахараҿы иҳацхраауеит. Иегова Ишаҳаҭцәа реиқәшәарақәа — лшара бзиоуп, ҳхаҵара арӷәӷәаразы. (Шәаԥхьа Римаа 1:11, 12.)
4. Ишԥашәылшо шәара Анцәа изааигәахара?
Шәара Иегова шәизааигәахоит, иара Иажәа аҟынтәи ижәдыруа шәааҭгыланы шәазхәыцуазар. Убри аҟынтә шәрызхәыцла иусқәеи, изакәанқәеи иқәыргәыӷрақәеи. Ари Анцәа иҟәыӷареи ибзиабареи рҵаулара аилкаара ишәыцхраауеит. (Шәрыԥхьа Иисус Навин 1:8; Ԥсалом 1:1—3.)
Шәара Анцәа еиҳа шәизааигәахар аншәылшо, игәра жәгалар, насгьы иара иахь агәрахаҵара аашәырԥшлар мацара ауп. Агәрахаҵара аҵиаа иеиԥшуп: уи иазҳаларц, аӡы аҵаҭәалатәуп. Агәрахаҵарагьы еснагь иахылаԥшлатәуп. Уи азы иазхәыцлатәуп библиатә ҵарак шиашоу агәра шәзырго. (Шәрыԥхьа Матфеи 4:4; Ауриацәа 11:1, 6.)
5. Избан Анцәа изааигәахара заԥсоу?
Иегова иара бзиа дызбо зегьы дреиҷаҳауеит. Иара ҳихьчоит ҳхаҵара хзырбгало, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷра ҳамызхуа зегьы рҟынтә (Ԥсалом 91:1, 2, 7—10). Анцәа ҳгәабзиара иаԥырхагоу, насгьы ҳнасыԥданы ҳҟазҵо аԥсҭазаашьа ҳацәихьчоит. Иегова зегь раасҭа иеиӷьу аԥсҭазааратә мҩала ацара дҳацхраауеит. (Шәрыԥхьа Ԥсалом 73:27, 28; Иаков 4:4, 8.)