АУРОК 14
Изаҭахузеи Анцәа иеиҿкаара?
1. Изеиҿикаазеи Анцәа ажәытәтәи Израил?
Анцәа апатриарх Авраам ихылҵшьҭрақәа рҟынтәи ажәлар аԥиҵеит, насгьы ириҭеит азакәанқәа реизак. Уи ажәлар «Израил» ахьӡиҵеит, насгьы иадиҵеит ииашоу амҵахырхәареи иажәеи рыхьчара (Ԥсалом 147:19, 20). Уи абзоурала Анцәа иахь инеир рылшон амилаҭқәа зегь рҟынтә ауаа. (Шәаԥхьа Аҟазаара 22:18.)
Анцәа израилаа алихит иара ишаҳаҭцәаны иҟаларц. Ажәытәтәи Израил аҭоурых лабҿаба иунарбоит шаҟа аҟәыӷара аҵоу Анцәа изакәанқәа рықәныҟәара (Ҩынтәзакәан 4:6). Егьырҭ ажәларқәа рҟынтә ауаа израилаа иахьрыхәаԥшуаз даргьы ирылшон ииашоу Анцәа дхарҵарц. (Шәаԥхьа Исаиа 43:10, 12.)
2. Изеиҿикаазеи Анцәа ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа реизара?
Ԥыҭрак ашьҭахь израилаа Анцәа иразра рцәыӡит. Иегова уи ажәлар мап ацәикит, иагьаԥиҵеит ақьырсиантә еизара (Матфеи 21:43; 23:37, 38). Уаанӡа Иегова ишаҳаҭцәаны иҟаз израилаа ракәын, аха уажәы ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа ракәхеит. (Шәаԥхьа Аусқәа 15:14, 17.)
Иисус иҵаҩцәа ирыдиҵеит ажәабжь рҳәаларц, насгьы ажәларқәа зегь рҟынтә аҵаҩцәа азыҟарҵаларц (Матфеи 10:7, 11; 24:14; 28:19, 20). Иахьа, ари адунеи аҵыхәтәахьы ианааи, ажәабжьҳәара аус даара аҽарҭбааит. Раԥхьаӡа акәны аҭоурых аҿы Иегова ииашоу амҵахырхәараҿы еидикылеит ажәларқәа зегь рҟынтә миллионҩыла ауаа (Аатра 7:9, 10). Ииашоу ақьырсианцәа еиҿкааракны еидкылоуп, еибарӷәӷәаларц, ргәы шьҭибахларц азы. Адунеи зегьы аҿы дара программак ала Абиблиа ҭырҵаауеит. (Шәаԥхьа Ауриацәа 10:24, 25.)
3. Ишԥалагеи Иегова Ишаҳаҭцәа ҳаамҭазтәи рҭоурых?
1870-тәи ашықәсқәа раан Абиблиа ҭызҵаауаз гәыԥ хәыҷык зыхә ҳараку, шәышықәсала иҵәахыз абиблиатә ҵабыргқәа хәыҷ-ҳәыҷы аизгара иалагеит. Дара ирдыруан Иисус ақьырсиантә еизара заԥиҵаз Аҳра иазку ажәабжь рылаҳәазарц азы шакәу. Убри аҟынтә дара адунеизегьтәи ажәабжьҳәаратә кампаниа амҩаԥгара иалагеит. 1931 шықәсазы дара Иегова Ишаҳаҭцәа ҳәа ахьӡ рыдыркылеит. (Шәаԥхьа Аусқәа 1:8; 2:1, 4, 11; 5:42.)
4. Ишԥеиҿкаау Иегова Ишаҳаҭцәа?
Актәи ашәышықәсазы атәылақәа зегь рҿы ақьырсиантә еизарақәа зегьы Иисус аизара Деиҳабны дзыԥхьаӡоз анапхгаратә хеилак аҳәатәы иқәныҟәон (Аусқәа 16:4, 5). Иахьагьы Иегова Ишаҳаҭцәагьы ирымоуп аԥышәа змоу аизара аиҳабацәа рыла ишьақәгылоу Анапхгаратә хеилак. Уи Иегова Ишаҳаҭцәа рфилиалқәа ирхылаԥшуеит. Афилиалқәа рҿы Абиблиа аҵаразы алитература еиҭаргоит, иркьыԥхьуеит 600 бызшәа инареиҳаны. Уи иабзоураны Анапхагаратә хеилак адунеи зегь аҿы 100 000 еизара рҿы еидкылоу ақьырсианцәа адоуҳатә мҩақәҵара рыҭара рылшоит. Аизарақәа зегь рҿы доуҳала ишәхьоу ахацәа еиҳабцәас амаҵ руеит. Дара гәыкала аизара иалахәу иреиҷаҳауеит. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 5:2, 3.)
Иегова Ишаҳаҭцәа еиҿкааракны еизгоуп ажәабжь бзиа рҳәаларц, насгьы аҵаҩцәа азыҟарҵаларц азы. Ҳаргьы апостолцәа ҳарҿыԥшны, ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь рылаҳҳәоит (Аусқәа 20:20). Ҳара Абиблиа аҵара рыдаагалоит гәыкала аҵабырг еилызкаарц зҭаху зегьы. Аха Иегова Ишаҳаҭцәа ус баша еиҿкаарам. Ҳара бзиа ҳазбо аб дызмоу, зҳәоу еиқәшәо ҭаацәара дууп. Ҳара зегьы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи реиԥш ҳаҟоуп, егьырҭ рахь аиҷаҳара ааҳарԥшуеит (2 Фессалоникаа 1:3). Иегова имаҵуҩцәа Анцәа игәаԥхара анагӡареи егьырҭ ауаа рыцхраареи рзы еиҿкаауп аҟынтә, дара — адгьыл аҿы зегь реиҳа насыԥ змоу ҭаацәароуп. (Шәаԥхьа Ԥсалом 33:12; Аусқәа 20:35.)