Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 15

Анцәа иҩызцәа абзиара ҟарҵоит

Анцәа иҩызцәа абзиара ҟарҵоит

Уара узызгәадуу, патугьы зқәуҵо аҩыза думазар, усҟан иара уиеиԥшхарц уҽазушәалоит. «Дразуп, аиашарагьы илоуп Иҳақәиҭу», — аҳәоит Абиблиа аҟны (Ԥсалом 25:8, «Танах», Д. Иосифон [24:8]). Анцәа ҳаиҩызцәахарц азы, абзиара аҟаҵара иашьҭоуи аиашара злоуи ҳакәны ҳаҟазароуп. Абиблиаҿы иаҳәоит: «Анцәа шәиҿыԥшла, бзиа ирбо ахшаара реиԥш, бзиабаралагьы шәныҟәала» (Ефесаа рахь 5:1, 2). Убас аҟаҵашьақәа иреиуоуп абарҭ:

Ацхыраара аҭара уазхиаз. «Абзиара зегьы ирзааулап» (Галатаа рахь 6:10).

Угәы ақәкны аус ула. «Аӷьыч уаҳа дымӷьычлааит, уи аасҭа игәы ақәкны аус иулааит, уаҩы ихәарҭоу инапала иҟаиҵаларатәы» (Ефесаа рахь 4:28).

Уцқьаз гәаԥхашәалеи цәеижьлеи. «Шәааи, доуҳалеи цәеижьлеи ҳазҟьашьуа акрыҟазар, зегьы рҟынтә ҳҽаҳрыцқьап, Анцәа ҳицәшәаны ҳацқьара иазҳарҳалартә еиԥш» (2 Коринфаа рахь 7:1).

Уҭаацәа бзиабаралеи ҳаҭырлеи урызныҟәала. «Шәыуа дарбанзаалак, ихы еиԥш, иԥҳәыс бзиа дибалааит, аԥҳәыс лакәзар, лхаҵа даара ҳаҭыр иқәылҵалароуп. Ахәыҷқәа, шәҭаацәа рҳәатәы хашәҵала» (Ефесаа рахь 5:33; 6:1).

Егьырҭ рахь абзиабара аарԥшла. «Аӡәи-аӡәи бзиа ҳаибабалап, избанзар абзиабара Анцәа иҟынтәоуп» (1 Иоанна 4:7).

Утәыла азакәанқәа нагӡала. «Дарбан уаҩԥсызаалакгьы [аиҳабыра] ирҳәо дықәныҟәалааит... Зегьы ирыхәҭоу рышәҭала: ашәахтә зыхәҭоу — ашәахтә» (Римаа рахь 13:1, 7).