АУРОК 4
Анцәа еиҳагьы деилукаарц шулшо
Уара Иегова еиҳагьы деилукаарц улшоит, Абиблиа уаԥхьалар. Ажәытә аамҭақәа раан Анцәа ауаа алихит, ихәыцрақәа иреиҳәоз ашәҟәы ианырҵаразы. Абарҭ аҩырақәа Абиблиа ҳәа иашьҭоуп. Иахьа Анцәа ҳиабадыруеит, Абиблиа ҳаԥхьауа. Абиблиа Иегова иажәа, мамзаргьы иаашьҭымҭа, злагәылоу ала, уи убасеиԥш Анцәа Иажәа ҳәа иашьҭоуп. Ҳара Абиблиа аҟны иаҳәо агәра ҳгаларц ҳалшоит, избанзар Иегова ахаан амц иҳәом. «Анцәа амц изҳәом» (Ауриацәа рахь 6:18). Анцәа Иажәа иагәылоуп аиаша (Иоанн 17:17).
Абиблиа — ари Анцәа иҳаиҭахьоу зегь реиҳа зыхә ҳаракыу аҳамҭақәа ируакыуп. Уи абзиабара злоу аб ихшаара ирзиҩыз асалам шәҟәы иаҿурԥшыр ауеит. Уи иаҳзеиҭанаҳәоит Анцәа ҳзықәиргәыӷыз атәы — адгьыл аԥсҭазааразы иџьашьахәу ҭыԥны — иџьанаҭны — аҟаҵара. Уи иаҳзеиҭанаҳәоит, Анцәа ажәытәан иҟаиҵахьаз, уажәы иҟаиҵо, насгьы ҳаԥхьаҟа иҟаиҵаша гәыкала изыҟоу ихшаара рзы. Уи убасеиԥш ҳара ҳапроблемақәа 2 Тимофеи иахь 3:16, 17).
рыӡбреи анасыԥ аԥшаареи рҟны иҳацхраауеит (Иегова Ишаҳаҭцәа — Анцәа иҩызцәоуп; урҭ Абиблиа иаҳнарҵо атәы аилкаараҿы иуцхраауеит. Иаартны ираҳәа, Абиблиа уҵарц шуҭахыу. Урҭ, аҵара ахьудырҵо азы, аԥара умырхуам (Маҭфеи 10:8). Убри инаҷыданы, уара ақьырсиантә еиԥыларақәа рахь уныҟәалар улшоит. Урҭ мҩаԥысуеит Аҳра Азалқәа ҳәа изышьҭоу ахырхәара иазкыу аҭыԥқәа рҿы. Уара ақьырсиантә еиԥыларақәа рахь уныҟәалар, ирласны иурҳауеит Анцәа изкыу адыррақәа рацәаны.
Уара Анцәа деилукаарц улшоит, уи иишаз анҭуҵаауа. Ҿырԥштәыс иаагозар, Абиблиа аҟны иҳәоуп: «Ишеит Анцәа дгьыли-жәҩани» (Аҟазаара 1:1). Иегова «ажәҩан» анышьақәиргылоз, ишеит амра. Ари Анцәа изкны иҳанаҳәарц иалшои? Ари иҳанаҳәоит, Иегова амч дуӡӡа шимоу. Иара заҵәык иоуп абас еиԥш идуӡӡоу амра ашара зылшоз. Иара убасгьы, ари иҳанаҳәоит, Иегова даара дышҟәышу. Избанда, аԥхареи алашареи ҳазҭо, аха уеизгьы, имбылуа амра ашаразы, иаҭахыуп аҟәышра.
Иегова ишамҭа иаҳнарбоит, уи бзиа ҳшибо. Урызхәыц адгьылаҿы зеиуа хкы уҭахыу ашәырқәа. Иегова илшон шәырк амацара ҳаиҭар, мамзаргьы зынӡа акымзарак ҳаимҭар. Аха Иегова ҳара иҳаиҭеит ашәырқәа рацәаӡаны — формалеи, ԥштәылеи, гьамалеи акырӡа еиуеиԥшым. Ари иаҳнарбоит, Иегова — абзиабара злоу, игәыҭбаау, зегьы иреиҷаҳауа, иразу Анцәа шиакәу (Ԥсалом 103:24).