Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 2

Анцәа — ухаҿы иааугарц иулшо иреиӷьу ҩызоуп

Анцәа — ухаҿы иааугарц иулшо иреиӷьу ҩызоуп

Анцәа иҩызахара — иузеиӷьаҳшьарц иҳалшо зегьы ирыцкыуп. Анцәа иуирҵашт, насыԥла аҟазаареи гәыҭҟьарада анхареи. Уи имцу ахаҵарақәеи ибааԥсу аусқәеи рҟынтә ухы уақәиҭитәуеит. Уи уныҳәарақәа дырзыӡырҩлоит. Уи агәҭынчреи агәрагареи уоуртә дуцхраауеит (Ԥсалом 70:5; 72:28). Анцәа ауадаҩрақәа раангьы ацхыраара уиҭалоит (Ԥсалом 17:19). Абасала, Анцәа иудигалоит аҳамҭа — наӡаӡатәи аԥсҭазаара (Римаа рахь 6:23).

Анцәа уизааигәаха-цыԥхьаӡа, уара Анцәа иҩызцәагьы урзааигәахалоит. Дара уаргьы иуҩызцәахоит. Урҭ уара уашьцәеи уаҳәшьцәеи реиԥш иузыҟалоит. Урҭ Анцәа изкны аҵара урҵара иеигәырӷьашт, иагьуцхраашт.

Ҳара Анцәа ҳиаҟарам. Уара Анцәа уиҩызахарц уанашьҭоу, еилукаароуп крызҵазкуа иашак. Анцәа иҩызахара — ари иеиҟароу реиҩызара акәым. Уи акыр деиҳабуп, дҟәыӷоуп, насгьы ҳара ҳаасҭа шьарда дыӷәӷәоуп. Зинла Уи Ҳәынҭқарс иҳамоу иоуп. Убри аҟнытә ҳара уи ҳаиҩызцәахарц ҳҭахызар, ҳаизыӡырҩлароуп, иҳаиҳәогьы наҳагӡалароуп. Ари еснагь ҳара ҳзы ихәарҭахоит (Исаиа 48:18).