АУРОК 14
Анцәа иҩызцәа ацәгьа аҟаҵара рҽацәырхьчоит
Аҩсҭаа ауаа ацәгьара дирҟаҵарц иҽазишәоит. Анцәа иҩызахара зҭахыу Иегова ицәымӷыу иаргьы ицәымӷзароуп (Ԥсалом 96:10). Иаҳҳәап, Анцәа иҩызцәа рҽацәырхьчоит анаҩстәи:
Цәеижьла аизааигәахара аморал иадҳәалоу агәнаҳарақәа. «Умкалҭшьҭаныҟәан» (Ақәҵымҭа 20:14). Аҭаацәара уалалаанӡа цәеижьла аӡәы уизааигәахаргьы иашаӡам (1 Коринфаа рахь 6:18).
Аҩҽаршьра. «Аҩы зҽазыршьуа ...Анцәа иаҳрахь изнеиуам» (1 Коринфаа рахь 6:10).
Ауаҩшьра, аҽԥыргара. «Ауаҩы думшьын» (Ақәҵымҭа 20:13).
Аӷьычра. «Умӷьычын» (Ақәҵымҭа 20:15).
Амц. Иегова ицәымӷыуп «амц зҳәо абз» (Ажәамаанақәа 6:17).
Ԥсалом 10:5). «Ацәеижь аусқәа [рахь иаҵанакуеит]... аԥырқьҳәа агәеилашра» (Галатаа рахь 5:19, 20).
Ақәымчреи нкылашьа змам агәеилашреи. [Иегова] «Амцқьеи ақәымчра бзиа избои ицәымӷыуп» (Алашыҩкратә хәмаррақәа. «Сара ишәзызыҩуеит, аҳарам... шәиҿымцааларц» (1 Коринфаа рахь 5:11).
Расалеи хылҵшьҭралеи аибацәымӷра. «Шәааҟәымҵӡакәа шәаӷацәа бзиа ижәбала, шәыԥхазҵогьы рзы Анцәа шәиҳәала» (Маҭфеи 5:43, 44).
Анцәа иҳаиҳәо ҳара иаҳзеиӷьуп. Иҽеим аусқәа рҽырцәыхьчара еснагь имариам. Иегова имчалеи уи Ишаҳаҭцәа рыцхырааралеи Анцәа игәы нзырхо аусқәа уҽырцәухьчарц улшоит (Исаиа 48:17; Филиппаа рахь 4:13; Ауриацәа рахь 10:24, 25).