АУРОК 18
Наӡаӡа Анцәа уиҩызаха!
Аҩыза ирҳаразы иаҭахыуп амч-алшара адҵара; аха амч-алшара адҵара аҭахыуп, иара убас, аиҩызара ацхыраара аҭара. Уара Анцәа иҩызахареи уи ацхыраара аҭареи умч-улшара ирыдуҵо Анцәа илԥха рыцзаауеит. Иисус дхазҵоз ауаа иреиҳәеит: «Аиаша ахақәиҭра шәнаҭоит» (Иоанн 8:32). Иаанагозеи ари?
Уара ахақәиҭра уеигәырӷьаларц улшоит уажәгьы. Уара Аҩсҭаа ирылаирҵәо амцхаҵарақәеи амци рҟынтә ухы уақәиҭхарц улшоит. Уара ухы уақәиҭхарц улшоит иахьа миллионҩыла Иегова дыззымдыруа рыԥсҭазаарақәа зымҽхазкуа агәыӷра амамзаара аҟнытә (Римаа рахь 8:22). Анцәа иҩызцәа «аԥсра ацәшәара» аҟынтәгьы рхы иақәиҭуп (Ауриацәа рахь 2:14, 15).
Уара ахақәиҭра уеигәырӷьаларц улшоит Анцәа идунеи ҿыц аҿы. Шаҟа иссирузеи уаԥхьаҟа иуоурц иулшо ахақәиҭра! Аџьанаҭ дгьылаҿы иҟалоит аибашьрақәеи, ачымазарақәеи, ацәгьауреи рҟынтә ахақәиҭра. Ажәреи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра. Ашәареи, аргәаҟреи, аиашамреи рҟынтә ахақәиҭра. Абиблиа Анцәа изы иаҳәоит: «Унапы аартны адгьыл иқәынхо зегьы рызхара руҭоит гәыразыла» (Ԥсалом 144:16).
Римаа рахь 6:23). Уазхәыци, уара узы инымҵәаӡо аԥсҭазаара иаанаго!
Анцәа иҩызцәа нхалоит наӡаӡа. Наӡаӡатәи аԥсҭазаара — ари Анцәа иҩызцәахарц иашьҭоу зегьы ириҭараны иҟоу хәы змаӡам ҳамҭоуп (Уара зегьы рзы аамҭа узхалоит. Иҟалап, уара амузыкатә инструмент арҳәашьа уҵарц уҭахызаргьы. Мамзаргьы уара асахьаҭыхшьа ма ауасҭашьа уҵарц уҭахызар ҟалап. Иҟалар алшоит, уара аԥстәқәеи аҵиаақәа ирызкны удыррақәа иҵегь иурҵауларц уҭахызар. Иҟалап, уара аныҟәарақәа бзиа иубозар, еиуеиԥшым атәылақәеи ажәларқәеи убарц уҭахызар. Наӡаӡатәи аԥсҭазаара абарҭ зегь алшахартә иҟанаҵоит!
Уара аҩызцәа рацәаҩны иурҳартә аамҭа уоуеит. Наӡаӡатәи аԥсҭазаара Анцәа ииҩызцәаны иҟалақәаз удырыртә алшара унаҭоит. Уара еилукаараны уҟоуп урҭ рбаҩхатәрақәеи рҟазшьақәеи, даргьы уара уҩызцәа ракәхоит. Уара урҭ бзиа иубашт, даргьы бзиа урбашт (1 Коринфаа рахь 13:8). Нҵәара зқәым аԥсҭазаара адгьылаҿы ауаа зегьы урҩызахартә алшара унаҭоит! Аха зегьы иреиӷьу, ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟала Иеговеи уареи шәеиҩызара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахалоит. Уиҩызаха, нас, Анцәа наӡаӡа!