АУРОК 5
Анцәа иҩызцәа Џьанаҭ инхалоит
Џьанаҭ уажәы ҳахьынхо адунеи иеиԥшхом. Анцәа ахаан иҭахымызт, адгьыл гәырҩалеи, лахьеиқәҵаралеи, гәаҟралеи хьаалеи иҭәызарц. Ҳаԥхьаҟа Анцәа адгьыл Џьанаҭны иҟаиҵоит. Изеиԥшрахарызеишь абри Аџьанаҭ? Ҳахәаԥшып, Абиблиа иаҳәо:
Ауаа бзиақәа. Џьанаҭ Анцәа иҩызцәа рыҩны акәны иҟалоит. Урҭ аӡәи-аӡәи абзиара мацароуп ирзибауло. Урҭ нхалоит, Анцәа имҩа иашақәа инарықәыршәаны (Ажәамаанақәа 2:21).
Ибарақьаҭу афатә. Џьанаҭ аҿы амлакра ҟалом. Абиблиа иаҳәоит: «Ибарақьаҭхоит ача [мамзаргьы афатә] адгьылаҿы» (Ԥсалом 71:16).
Аҩны заманақәеи угәы иаахәаша аусуреи. Аџьанаҭ дгьылаҿы ҭаацәара-цыԥхьаӡа рхатәы ҩны рымазаауеит. Дарбанзаалак агәырӷьара изҭало аусура инапы алакызаауеит (Исаиа 65:21—23).
Ԥсалом 45:9, 10).
Аҭынчра адунеи зегьы аҟны. Ауаа уаҳа иеибашьлом, аибашьраҿгьы иҭахалом. Анцәа Иажәа аҟны иаҳәоит: «[Анцәа] иааникылеит аибашьрақәа» (Агәабзиара ӷәӷәа. Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит: «[Џьанаҭ] инхо рахьтә аӡәгьы иҳәашам: „сара сычмазаҩуп“» (Исаиа 33:24). Иҟалом ацыркьцәеи, алашәцәеи, адагәацәеи, аҿаҳацәеи (Исаиа 35:5, 6).
Ииаӡаауеит ахьааи, алахьеиқәреи, аԥсреи. Анцәа Иажәа аҟны иаҳәоит: «Уаҳа иҟалом аԥсра, агәырҩеи, аҵәаареи, ахьаагьы уаҳа иҟалом. Ажәытәра ииасхьеит уажәшьҭа» (Аартра 21:4).
Иҟалом ауаа цәгьақәа. Иегова ҳақәиргәыӷуеит: «Азакәандацәа адгьыл иқәӡаауеит, ақәылаҩцәагьы уа рдацԥашә аанхарым» (Ажәамаанақәа 2:22).
Ауаа бзиа еибабалоит, патугьы еиқәырҵалоит. Уаҳа иҟалом аиашамреи, аргәаҟреи, аԥсымҭәреи, ацәымӷреи. Ауаа аидгылара рымазаауеит, урҭ нхалоит, Анцәа имҩа иашақәа рхы рынрааланы (Исаиа 26:9).