Анапхгаратә хеилак аҟынтә асаламшәҟәы
Ҳаҭыр зқәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи!
Ҳара Анцәеи ауааи бзиа иаҳбоит. Уи Иисус идҵа анагӡара ҳгәазҭанаҵоит. Иара иҳәеит: «Шәца, ажәларқәа зегьы рҿы аҵаҩцәа азыҟашәҵала... аӡы иӡаашәхла» (Матф. 28:19, 20; Марк 12:28—31). Ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара амч ду амоуп. Уи аҩыза абзиабара «наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩа ианылар» зҭаху зегьы ргәаҵанӡа инеир алшоит (Аус. 13:48).
Уаанӡа ҳара хықәкыс иҳаман адгаларақәа ҿырҳәала рҵара, насгьы ауаҩы публикациак изааныжьра. Аха уажәшьҭа ауаа рацәажәаразы ҳҟазара аиӷьтәра ҳҽазаҳшәоит. Ҳара ауаа рахь абзиабара ааҳарԥшлароуп, иргәаԥхо атемақәагьы ҳрылацәажәалароуп. Уи азы ауаа рҭагылазаашьақәа ҳаҽрықәҳаршәалароуп, насгьы ргәы иҵхо, хьаас ирымоу ҳазхәыцлароуп. Ари аброшиура ҳҟазара аиӷьтәра иҳацхраауеит.
Иара 12 урок рыла ишьақәгылоуп. Урҭ аурокқәа рҿы иаагоуп ауаа рахь абзиабара аарԥшреи аҵаҩцәа разыҟаҵареи иҳацхраауа 12 ҟазшьа. Урҭ аурокқәа шьаҭас ирымоуп абиблиатә цыԥҵәахақәа. Абиблиа аҟынтә иаагоу урҭ ацыԥҵәахақәа иаҳдырбоит Иисуси актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәеи ажәабжьҳәараҿы еиуеиԥшым аҟазшьақәа шаадырԥшуаз. Ҳара хықәкыс иҳамоу адгаларақәа ҿырҳәала рҵара акәӡам. Ҳзызхәыцша ауаа рахь абзиабара шааҳарԥшлаша ауп. Ари аброшиураҿы аҟазшьақәа х-гәыԥкны ишоуп. Актәи агәыԥ аҿы иаагоу аҟазшьақәа аицәажәара ҳаналаго иааҳарԥшлароуп, аҩбатәи агәыԥ аҿы иаагоу аҟазшьақәа ауаа иаадырԥшуа аинтерес аизырҳара иҳацхраауеит, ахԥатәи агәыԥ аҿы иаагоу — ауаҩы Абиблиа аниҳарҵо иҳацхраауеит. Ҳәарада, арҭ аҟазшьақәа зегь еидҳәалоуп. Ҳара урҭ ажәабжьҳәараҿы еснагь иааҳарԥшлароуп.
Аурокқәа шәанрыԥхьало, шәазхәыцла иаагоу аҟазшьақәа шәахьынхо аҭыԥ аҿы ауаа шәанрацәажәо ишаашәырԥшыша. Иеговеи ауааи рахь шәыбзиабара еизшәырҳаларц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Аҵаҩцәа разыҟаҵара иҳацхраауа абзиабара ауп, ауаа рацәажәара ҳахьазҟазоу акәӡам.
Иегова имаҵ ахьшәыцаҳуа ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп (Соф. 3:9). Анаҩсгьы ауаа бзиа ижәбала, аҵаҩцәа азыҟашәҵала! Иегова ҳиҳәоит шәџьабаа меигӡарахда дазылԥхарц.
Шәашьцәа,
Иегова ишаҳаҭцәа Рнапхгаратә хеилак