Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАҨЦӘА АЗЫҞАШӘҴАЛА

АУРОК 10

Ауаа хьаас ишәымаз

Ауаа хьаас ишәымаз

Абиблиатә принцип: «Анцәа иажәабжь бзиа шәаҳәара мацара адагьы, ҳхы-ҳаԥсы шәаҳҭар ҳҭаххеит, избанзар даараӡа бзиа шәаҳбеит» (1 Фес. 2:8).

Иисус уи шыҟаиҵоз

1. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, мамзаргьы шәаԥхьа Иоанн 3:1, 2. Анаҩс шәрызхәыц абарҭ азҵаарақәа:

  1.   а) Шәгәы ишԥаанаго, избан Никодим Иисус иахь уахынла дызнеиз? (Шәахәаԥш Иоанн 12:42, 43.)

  2.  б) Ишԥаҳнарбо Никодими Иисуси уахынла еиқәшәаны иахьеицәажәаз, Иисус изы аҵаҩцәа разыҟаҵара шаҟа ихадаз?

Иисус иҿырԥшы иаҳнарҵо

2. Ауаа Иисус иҵаҩцәаны иҟаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, дара бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит.

Иисус шәиҿыԥшла

3. Ауаҩы шәыҽиқәшәыршәала. Иҟалап иара мчыбжьык ахь знык аамҭак алхны Абиблиа аҵара еиҳа изыманшәалазар. Изыманшәалоума иара Абиблиа аҵара аусураҿы, аҩны, мамзаргьы даҽа ҭыԥк аҿы? Ауаҩы шәыҽиқәшәыршәаларц азы ак аԥсахра шәазхиаз.

4. Ибжьамыжьӡакәа абиблиатә ҵара мҩаԥыжәгала. Зны џьара ацара шәықәшәаргьы, Абиблиа аҵара ахышәымган. Шәазхәыц:

  1.   а) Ишәзымҩаԥгома абиблиатә ҵара уи амчыбжь азы даҽа аамҭак алхны?

  2.  б) Ишәзымҩаԥгома абиблиатә ҵара ҭелла ма видеоконференциала?

  3.  в) Ишәылшома даҽаӡәы шәиҳәар, абиблиатә ҵара мҩаԥигарц?

5. Изшәырҵо ииашаны шәизхәыцларц азы Анцәа шәиҳәала. Иҟалап ауаҩы иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аҵара ицәыцәгьазар, ма Абиблиаҿы иану алабжьарақәа рхархәара дахымыццакуазар. Усҟан Иегова шәиҳәала ауаҩы акгьы даԥсам ҳәа шәымхәыцларц (Флп. 2:13). Абиблиа зшәырҵо ауаҩы аҟазшьа бзиақәа илазар ауеит. Убри аҟынтә Иегова шәиҳәала илоу аҟазшьақәа жәбаларц.

ШӘАХӘАԤШ ИАРА УБАС