АЦӘАЖӘАРА ШӘАЛАГА
АУРОК 2
Абжьааԥнеиԥш шәцәажәала
Абиблиатә принцип: «Шаҟа ибзиоузеи ианаамҭоу иҳәоу ажәа!» (Ажәам. 15:23).
Филипп уи шыҟаиҵоз
1. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, мамзаргьы шәаԥхьа Аусқәа 8:30, 31. Анаҩс шәрызхәыц абарҭ азҵаарақәа:
Филипп иҿырԥшы иаҳнарҵо
2. Абжьааԥнеиԥш шәцәажәалар, шәзацәажәо ауаҩы шәацәажәара изымариахоит, насгьы ажәабжь бзиа азыӡырҩра дазхиазаауеит.
Филипп шәиҿыԥшла
3. Шәыкәша-мыкәша иҟоу гәашәҭала. Ауаҩы ихаҿсахьеи, игылашьеи, ихымҩаԥгашьеи иуеилнаркаауа рацәоуп. Дазхиоума иара шәацәажәара? Абиблиа аҟынтә зхәыцрак ааганы, абас шәиазҵаар шәылшоит: «Ижәдыруазма шәара...». Ауаҩы шәацәажәара иҭахымзар, идшәымцалан.
4. Ачҳара аашәырԥшла. Шәахымыццаклан ауаҩы Абиблиа иану иаразнак изеиҭаҳәара. Уи азы ианаало аамҭа шәазыԥшы. Уи иаразнак ишәзалымҵзаргьы, анаҩстәи шәеиҿцәажәараан уи аҩыза алшара шәоур алшоит.
5. Шәзацәажәо иҭагылазаашьақәа шәыҽрықәшәыршәала. Шәеицәажәара даҽа темак ахь ииасыр алшоит. Убри аҟынтә аԥхьанатә темак алацәажәара шышәҭахызгьы, ауаҩы еиҳа игәаԥхо зхәыцрак изеиҭаҳәара шәазхиаз.
ШӘАХӘАԤШ ИАРА УБАС
Еккл. 3:1, 7; 1 Кор. 9:22; 2 Кор. 2:17; Кол. 4:6