Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЦӘАЖӘАРА ШӘАЛАГА

АУРОК 3

Ақьиара

Ақьиара

Абиблиатә принцип: «Абзиабара... қьиоуп» (1 Кор. 13:4).

Иисус уи шыҟаиҵоз

1. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, мамзаргьы шәаԥхьа Иоанн 9:1—7. Анаҩс шәрызхәыц абарҭ азҵаарақәа:

  1.   а) Иҟаиҵазеи Иисус раԥхьа: алашә дихәышәтәу, ажәабжь бзиа изеиҭаҳәара далагоу? (Шәахәаԥш Иоанн 9:35—38.)

  2.  б) Избан уи ашьҭахь уи ауаҩы Иисус ииҳәоз ажәабжь бзиа азыӡырҩра зиҭаххаз?

Иисус иҿырԥшы иаҳнарҵо

2. Ауаҩы иахь ақьиара анааҳарԥшуа, еиҳа даҳзыӡырҩыр иҭаххоит.

Иисус шәиҿыԥшла

3. Ауаҩы ихьаа ицеиҩышәшала. Шәҽазышәшәала шәзацәажәо ауаҩы игәы иҵхо аилкаара.

  1.   а) Шәазхәыц: «Игәы иҵхои еиҳараӡак? Иарбан зхәыцроу еиҳа аинтерес изцәырызгар, насгьы игәы шьҭызхыр алшо?» Убасала шәара ауаҩы иахь ақьиара аашәырԥшыр шәылшоит, иаргьы гәыкала шәшизыҟоу ибоит.

  2.  б) Шәзацәажәо ибзианы шәизыӡырҩла. Убасала ииҳәо хьаас ишшәымоу ишәырбоит. Ауаҩы игәы иҵхо анышәзеиҭеиҳәо, ма имоу ауадаҩрақәа данрылацәажәо, даҽа темак ахь ииашәымган.

4. Патуқәҵаралеи хаалеи шәцәажәала. Шәцәажәашьала ауаҩы ишәырбоит гәык-ԥсыкала шәицхраарц шышәҭаху. Убри аҟынтә шәцәажәашьа шәацклаԥшла, игәы изырхьыр алшо ажәақәагьы шәымҳәалан.

5. Ауаҩы ицхраара шәазхиаз. Шәазхәыц ауаҩы шәицхраар шшәылшо. Ауаҩы бзиарак анизыҟауҵо, узыӡырҩра еиҳагьы дазхиазаауеит.

ШӘАХӘАԤШ ИАРА УБАС