Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЦӘАЖӘАРА ШӘАЛАГА

АУРОК 4

Ахынраалара

Ахынраалара

Абиблиатә принцип: «Ахынраалара аарԥшны, егьырҭ шәара шәаасҭа еиӷьуп ҳәа шәыԥхьаӡала» (Флп. 2:3).

Павел уи шыҟаиҵоз

1. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, мамзаргьы шәаԥхьа Аусқәа 26:2, 3. Анаҩс шәрызхәыц абарҭ азҵаарақәа:

  1.   а) Ишԥааирԥши Павел ахынраалара, аҳ Агриппа даниацәажәоз?

  2.  б) Излоубарҭоузеи Павел Агриппа даниацәажәоз, ихы акәымкәа, Иеговеи Иԥшьоу Аҩыреи дышрызхьаирԥшуаз? (Шәахәаԥш Аусқәа 26:22.)

Павел иҿырԥшы иаҳнарҵо

2. Ауаҩы еиҳа даҳзыӡырҩуеит, хаала, патуқәҵарала ҳиацәажәозар.

Павел шәиҿыԥшла

3. Ауаа шәанрацәажәо, ахшыҩ дшәырҵошәа шәырмацәажәалан. Ауаҩы шәаниацәажәо, шәара зегь жәдыруашәа, иара акгьы изымдыруашәа шәымцәажәалан. Патуқәҵарала шәцәажәала.

4. Шәажәақәа Абиблиа шьаҭас ишрымоу дшәырбала. Уа иануп ауаҩы игәаҵанӡа инеир алшо азхәыцрақәа. Лассы-лассы Абиблиа ҳхы иаҳархәалар, ауаҩы ихаҵара шьаҭас иамазаауа ҳажәақәа ракәымкәа, Анцәа Иажәа акәхоит.

5. Шәҟәымшәышәыз. Ауаҩы шәгәаанагара идшәымцалалан, ажәа имашәымклан. Еснагь аҭынчра аашәырԥшла, насгьы ианаамҭоу шәеицәажәара хшәыркәшала. Убасала шәара ахынраалара шшәылоу аашәырԥшуеит (Ажәам. 17:14; Тит 3:2). Ҳанцәажәо аҟәымшәышәра ааҳарԥшлар, анаҩстәи ҳаиқәшәараан ауаҩы даҳзыӡырҩыр алшоит.

ШӘАХӘАԤШ ИАРА УБАС