Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АИНТЕРЕС ЕИЗШӘЫРҲАЛА

АУРОК 7

Ажәабжьҳәараҿы шәхы шәамеигӡалан

Ажәабжьҳәараҿы шәхы шәамеигӡалан

Абиблиатә принцип: «Иааҟәымҵӡакәа ауаа Анцәа иажәа ддырҵон, насгьы... ажәабжь бзиа рыладырҵәон» (Аус. 5:42).

Павел уи шыҟаиҵоз

1. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, мамзаргьы шәаԥхьа Аусқәа 19:8—10. Анаҩс шәрызхәыц абарҭ азҵаарақәа:

  1.   а) Иаҳзырбои Павел ихы дамеигӡаӡакәа, ауаа ажәабжь бзиа шырзеиҭеиҳәоз?

  2.  б) Шаҟа лассы-лассы драцәажәози Павел аҵабырг ахь аинтерес аазырԥшуаз ауаа, насгьы шаҟаамҭа уи ҟаиҵози?

Павел иҿырԥшы иаҳнарҵо

2. Ауаҩы аҵабырг ахь аинтерес изцәырыжәгарц, насгьы Абиблиа ирҵара шәалагарц азы шәаамҭеи шәымчқәеи шәырмеигӡакәа, ишәылшо зегь ҟашәҵала.

Павел шәиҿыԥшла

3. Ауаҩы изыманшәалоу аамҭа алхны шәнеила. Шәазхәыц: «Иабасылшо, насгьы ианбасылшо ҳаицәажәара ацҵара?» Еиҭа анеира шәазхиаз, уи аамҭа шәзыманшәаламзаргьы.

4. Шәанеиқәшәо аамҭа еибышәҳәала. Ауаҩи шәареи шәеицәажәацыԥхьаӡа, шәанеиқәшәо аамҭа еибышәҳәала. Ҳнеиуеит, ма аҭел ҳаузасуеит ҳәа иашәҳәазар, шәажәа нашәыгӡа.

5. Шәгәы кашәмыжьлан. Ауаҩы аҩны дшәықәымшәазар, ма деилахазар, Абиблиа ахь аинтерес имаӡам ҳәа шәымхәыцлан (1 Кор. 13:4, 7). Ҳаамҭа ииашаны ҳхы иаҳархәалар шҳахәҭоу шәхашәмыршҭлан (1 Кор. 9:26).