Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АИНТЕРЕС ЕИЗШӘЫРҲАЛА

АУРОК 8

Ачҳара

Ачҳара

Абиблиатә принцип: «Абзиабара ачҳара амоуп» (1 Кор. 13:4).

Иисус уи шыҟаиҵоз

1. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, мамзаргьы шәаԥхьа Иоанн 7:3—5, насгьы 1 Коринфаа рахь 15:3, 4, 7. Анаҩс шәрызхәыц абарҭ азҵаарақәа:

  1.   а) Ишԥазыҟаз раԥхьа Иисус иашьцәа еиҭеиҳәоз ажәабжь бзиа?

  2.  б) Иаҳзырбои Иисус иашьа Иаков анаҩсгьы дышицхраауаз?

Иисус иҿырԥшы иаҳнарҵо

2. Ҳара ачҳара ааҳарԥшлароуп, избанзар шьоукы аҵабырг рыдыркыларц азы еиҳаны аамҭа рҭахуп.

Иисус шәиҿыԥшла

3. Еиуеиԥшым азнеишьақәа шәхы иашәырхәала. Ауаҩы Абиблиа аҵара иаразнак дақәшаҳаҭымхозар, идшәымцалан. Иахәҭоуп ҳәа анышәыԥхьаӡо, ишәырба Абиблиа аилкаара заҭаху, ма уи шымҩаԥысуа узырбо авидеонҵамҭа ма астатиа.

4. Ауаа еиҿшәмырԥшлан. Ауаа зегь еиԥшӡам. Шәҭаацәара иатәу аӡәы ма ажәабжь бзиа ззеиҭашәҳәоз аӡәы Абиблиа аҵара иҭахымзар, мамзаргьы Абиблиа иану акы дақәшаҳаҭымзар, шәазхәыц уи зыхҟьо. Иара ихеиҵо акы ааныжьра иҭахымзар? Ма игәылацәеи иҭынхацәеи уаҟәыҵ ҳәа иарҳәозар? Ишәхашәмыршҭлан: ауаҩы шәажәақәа дрызхәыцырц, ма Абиблиа иану аҵабыргқәа шаҟа рыхә ҳараку еиликаарц азы аамҭа иҭахуп.

5. Ацхырааразы Анцәа шәиҳәала. Иегова шәиҳәала аҭагылазаашьақәа ииашаны шәрыхәаԥшларц, насгьы ауаа шәанрацәажәо, аҳаҭырқәҵара аашәырԥшларц. Иара убас Иегова шәиҳәала аҟәышра шәиҭарц, ауаҩы аҵабырг ахь аинтерес имоу-имаму, насгьы иара иахь анеира иаԥсоу-иаԥсаму еилышәкаарц азы (1 Кор. 9:26).