АЦҴА Б
Иаԥсоума аицәажәара ацҵара?
Ауаҩы зҵаарак аҿы дышҳақәшаҳаҭым хаала иҳәозар, ма ак иеилҳаркаар иҭахызар, ҳәарада, ҳаицәажәара иацаҳҵар ҳалшоит. Иҟалап иара «наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩа ианылар» зҭаху иакәзар (Аус. 13:48).
Аха иҟаҳҵар ҳалшои, ҳзацәажәо ауаҩы иҽирцәгьазар, ажәа ҳамеикырц иҭахызар, ма зынӡа ҳацәажәара иҭахымзар? Усҟан ҳаицәажәара ҭынч, хаала ихҳаркәшар бзиоуп (Ажәам. 17:14). Патуқәҵарала шәхы мҩаԥыжәгала. Иҟалап уи абзоурала даҽазны дшәацәажәар иҭаххар (1 Пиотр 2:12).