Абзиабара
Ишԥааирԥшуеи Иегова ҳара ҳахь абзиабара?
Иер 31:3; Ин 3:16; Рм 5:8; 1Ин 4:8, 19
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Аҟ 1:1, 26—31; 2:8, 9, 15, 16. Иегова ҳазқәынхо адгьыл абзиабара аарԥшны ишеит. Едемтәи абаҳчаҿы ауаа аԥсҭазаара агәахәара рзаанагалар акәын.
Аԥс 104:27—30. Аԥсаломшәаҳәаҩ Иегова дҳареикуан, иишаз зегь абзиабара аарԥшны дахьырхылаԥшуа азы.
Иааҳарԥшлар шԥаҳалшо ҳара абзиабара?
Ин 13:34, 35; 15:12, 13; 1Пт 4:8; 1Ин 4:10, 11; 5:3
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Мф 22:36—39. Иисус иҳәеит зегь раасҭа ихадоу ҩ-закәанк — уи Анцәа бзиа ибареи ауаа бзиа рбареи шакәу.
1Кр 13:1—8. Апостол Павел иҩит абзиабара шаҟа ихадоу, насгьы уи ааҳарԥшлар шҳалшо.