Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Абзиара; ақьиара

Абзиара; ақьиара

Иабантәиҳдыруеи Иегова ақьиара шилоу, насгьы дшыбзиоу?

Аԥс 25:8; 31:19; Рм 3:23, 24; Тит 3:3—6; Аур 2:9; 1Пт 5:5; 3Ин 11.

Шәахәаԥш иара убас Иер 31:12, 13; Зх 9:16, 17

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ақәҵ 33:17—20; 34:5—7. Иегова Моисеи иирбеит илоу абзиара (Ақәҵ 33:19, албаага), иара убас зеиԥшыҟам егьырҭ иҟазшьақәагьы.

    • Ион 3:10; 4:11. Иегова Ниневиа инхоз ауаа рахь ақьиара ааирԥшит, рыгәнаҳақәагьы ранаижьит. Иара уи ақалақь аҿы иҟаз аԥстәқәагьы рыцҳаишьеит.

    • Мк 10:17, 18. Иисус иҳәеит Анцәа ида ибзиоу ҳәа аӡәгьы дшыҟам, избанзар иара ибзиоу зегь хыҵхырҭас дамоуп, насгьы иара иоуп абзиа закәу зыӡбо.

    • Лк 6:32—36. Иисус иҵаҩцәа ақьиара аарԥшышьа дирҵарц азы Иегова ҿырԥшыс дааигеит. Иегова ҭабуп аҳәашьа ззымдыруа рзгьы, ауаа цәгьақәа рзгьы дқьиоуп.

Избан егьырҭ абзиара рзыҟаҳҵалар зҳахәҭоу?

Ажәм 12:2; Гл 6:10; 1Фс 5:15

Шәахәаԥш иара убас Рм 15:2, 14; Еф 4:28

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Рм 5:7. Апостол Павел излеиҳәаз ала, уаҩ иашаны аҟазаара хадоуп, аха уаҩ бзианы аҟазаара еиҳагьы ихадоуп.

Иааҳарԥшлар шԥаҳалшо егьырҭ рахь ақьиара?

Ажәм 19:17; 22:9; Лк 6:35; Еф 4:32

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 11:17; 31:10, 26; Аур 13:16

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мк 14:3—9; Ин 12:3. Иисус Лазарь иаҳәшьа Мариа иаалырԥшыз агәыҭбаареи ақьиареи рзы дирҽхәеит.

    • 2Тм 1:16—18. Павел данҭакыз, Онисифор уи игәы шьҭихуан.