Агәкаҳара
Избан агәкаҳара зшәарҭоу?
Ажәм 24:10
Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу Иегова дышҳацхраауа?
Аԥс 23:1—6; 113:6—8; Иса 40:11; 41:10, 13; 2Кр 1:3, 4
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Мф 11:28—30. Иисус зегь рыла Иаб диҿыԥшуан: иара ауаа рахь ақьиара ааирԥшуан, рыгәгьы шьҭихуан.
-
Мф 12:15—21. Иисус згәы каҳаны иҟаз ауаа рахь ақьиара ааирԥшуан, убасала Исаиа 42:1—4 аҿы иану аԥааимбаражәа наигӡеит.
-
Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ҳгәы зырҭынчыр алшо абиблиатә жәеинраалақәа
Шәахәаԥш «Агәҭынчра»
Избан егьырҭ рыцхраареи ргәы ашьҭыхреи зҳахәҭоу?
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Ахԥ 32:6—15. Зхаҵара ӷәӷәамыз жәаҩык аԥшыхәцәа израильаа ргәы карыжьит. Уи иахҟьаны ажәлар зегь агәаҟра иақәшәеит.
-
2Аш 15:1—8. Аԥааимбар аҳ Аса иеиҳәаз Иегова иажәақәа игәы шьҭырхит, амцмҵахырхәара ақәгарагьы игәазҭарҵеит.
-
Аӡәы иҳаиҳәаз ахьыҟаимҵаз, ҳахьиргәааз ма ҳахьиҭииз азы ҳгәы анкаҳауа
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
1См 8:1—6. Аԥааимбар Самуил израильаа аҳ дырхаиргыларц иахьиҳәоз игәы канажьит.
-
1См 20:30—34. Ионафан даара игәы инархьит иаб Саул дахьылаирҟәыз.
-
-
Угәы зырҭынчуа ажәеинраалақәа
-
Угәы зырҭынчуа аҿырԥштәқәа
-
Аԥс 55:12—14, 16—18, 22. Ахитофел аҳ Давид диҭиит, урҭ шеиҩызцәазгьы, аха Давид Иегова диқәгәыӷит, Анцәагьы уи игәы ирҭынчит.
-
2Тм 4:16—18. Апостол Павел дҭакны данрымаз, иааигәа аӡәгьы дыҟаӡамызт, зегьы даанрыжьит, аха Иегова уи амч ииҭон. Уи адагьы, иара Анцәа Иаҳра аганахьала имаз агәыӷра игәы шьҭнахуан.
-
Иҳамоу аԥсыҽрақәеи агәнаҳақәеи ирыхҟьаны ҳгәы анкаҳауа
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Аԥс 51:1—5. Аҳ Давид Иегова иҿаԥхьа иҟаиҵаз агәнаҳақәа даараӡа игәы инархьуан.
-
Рм 7:19—24. Апостол Павел акгьы даԥсамызшәа ихы ибон, дааҟәымҵӡакәа иҽеимыз агәаҳәарақәа дырҿагыланы дахьықәԥоз азы.
-
-
Угәы зырҭынчуа ажәеинраалақәа
-
Аԥс 103:12; 130:3; Иса 43:25; 1Ин 1:9
-
-
Угәы зырҭынчуа аҿырԥштәқәа
-
1Аҳ 9:2—5. Аҳ Давид зныкымкәа агәнаҳа ӷәӷәақәа шыҟаиҵазгьы, Иегова уи гәыкала имаҵ зуаз уаҩны диԥхьаӡон.
-
1Тм 1:12—16. Апостол Павел уаанӡа егьырҭ ирацәаны ацәгьарақәа рзиуан, аха агәра ганы дыҟан Иегова ишианаижьыз.
-