Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Агәнаҳа

Агәнаҳа

Изакәызеи агәнаҳа? Избан уи зегьы изаҳныруа?

Агәра шԥаҳнарго Абиблиа игәнаҳау агәаҳәарақәа риааира шҳалшо?

Рм 6:12—14

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2См 11:2—5, 14, 15, 26, 27; 12:1—13. Аҳ Давид агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵеит, аха дахьиашамыз ирбаны ианиабжьа, иҽиԥсахырц азы илшо зегь ҟаиҵон.

    • Рм 7:15—24. Апостол Павел ахаҵара ӷәӷәа иман, насгьы гәыкала Анцәа дизиашан, аха уеизгьы ииашамыз ахәыцрақәеи агәаҳәарақәеи дырҿагылалар акәын.

Избан аӡәырҩы ауаа агәнаҳа зыҟарҵо?

Аус 3:17; 17:29, 30; 1Тм 1:13; 1Пт 1:14

Шәахәаԥш иара убас Ахԥ 15:27—29

Избан иаҳдырны агәнаҳа аныҟаҳҵо еиҳагьы изшәарҭоу?

Аур 10:26, 27; 1Ин 3:4, 8, 9

Шәахәаԥш иара убас Ахԥ 15:30; Рм 1:28—32; 1Тм 5:20

Ихы иаирхәар илшозеи Аҩсҭаа, Анцәа имаҵзуҩцәа агәнаҳа дирҟаҵарц азы?

Ажәм 1:10, 11, 15; Мф 5:28; Иак 1:14, 15

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 3:1—6. Аҩсҭаа амаҭ ихы иархәаны Ева данлацәажәа, агәнаҳа лирҟаҵеит; лхы мацара дазхәыцларц лгәазҭеиҵеит, уи иахҟьаны Иегова игәра агара лцәыцәгьахо далагеит.

    • Ажәм 7:6—10, 21—23. Соломон еиҭеиҳәоит аԥҳәыс ԥхамшьа аҟәышра ззымхо аҷкәын дышхылхуа.

Иҳацхраауазеи, Аҩсҭаа ҳхихырц иҽаназишәо?

Еф 4:27; 6:10—18; Иак 4:7, 8

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ажәм 5:1—14. Соломон ила Иегова иҳәеит асексуалтә ламысдара ҳҽацәаҳахьчалар зҳахәҭоу, насгьы уи аҿы иҳацхраауа.

    • Мф 4:1—11. Иисус Аҩсҭаа ишьацҳәақәа дырҿамшәарц азы Анцәа Иажәа ихы иаирхәон.

Иарбан гәнаҳа ӷәӷәақәоу ақьырсианцәа рҽызцәырыхьчалар рыхәҭоу?

Агәнаҳа шыҟауҵаз аҳәара

Избан агәнаҳа шыҟауҵаз аҵәахра захәҭам?

Иаартны изаҳәатәыда ҳагәнаҳақәа зегьы?

Аԥс 32:5; Мф 6:9—14

Дызусҭада цхырааҩыс иҳамоу, ҳара ҳзы Иегова иҳәо?

Ишԥаилшо агәнаҳаҟаҵаҩ игәнаҳақәа дышрыхьхәыз ааирԥшыр?

Аус 26:20; Иак 4:8—10

Шәахәаԥш иара убас «Ахьхәра»

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ақәҵ 22:1—12. Моисеи изакәан инақәыршәаны, аӷьыч ииӷьычыз ахә ишәар акәын.

    • Лк 19:8, 9. Ашәахтәеизгаҩцәа иреиҳабыз Закхеи иҽиԥсахит, насгьы амц ҳәаны аԥара змиххьаз ирызирхынҳәит.

Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Иегова ҳагәнаҳақәа шҳанаижьуа?

Шәахәаԥш «Анажьра»

Знапы ианиҵада Иегова аизара ахьчареи агәнаҳа ҟазҵаз ицхраареи?

Иак 5:14, 15

Шәахәаԥш иара убас Аус 20:28; Гл 6:1

Ишԥалшо аӡәы иҟаиҵаз агәнаҳа иҭаацәеи аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирнырыр?

Аур 12:15, 16

Шәахәаԥш иара убас Ҩнтә 29:18

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • ИсН 7:1—13, 20—26. Ахан агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵан, иҵәахырц дашьҭалеит. Уи Израиль зегьы арыцҳара иҭанаргылеит.

    • Ион 1:1—16. Иона Иегова ииҳәаз ҟаимҵаӡеит. Уи аӷба иақәтәаз зегьы ашәарҭара иҭанаргылеит.

    • 1Кр 5:1—7. Апостол Павел иҩит қьырсианк Коринф агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵоз. Уи аизара зегьы анырра бааԥс анаҭон.

Избан ҳахьдырхәуеит ҳәа ҳшәаны аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы ҳармыҳәар зиашам?

Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳахәҭоу Анцәа уаанӡатәи ҳагәнаҳақәа шҳанаижьыз, насгьы избан урҭ ҳдыргәаҟлар зрыхәҭам?

Шәахәаԥш «Анажьра»

Қьырсианк гәнаҳак шыҟаиҵаз ҳдыруазар, избан агәра ганы ҳаҟазар зҳахәҭоу уи аизара ахылаԥшыҩцәа ишреиҳәаз?

Алв 5:1

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Ҩнтә 13:6—9; 21:18—20. Моисеи изакәан инақәыршәаны, израильаа аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз рдыруазҭгьы, ирҳәар акәын, уи ҟазҵаз рҭынха ма ирзааигәоу аӡә иакәзаргьы.