Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Агәы

Агәы

Ишԥаҳнарбои Абиблиа асимволтә ҵакы змоу агәы — ауаҩы ицәаныррақәеи, иҟазшьақәеи, игәҭакқәеи, ихәыцрақәеи аазырԥшуа, дзеиԥшра уаҩу узырбо игәаҭа шакәу?

Аԥс 49:3; Ажәм 16:9; Лк 5:22; Аус 2:26

Шәахәаԥш иара убас Ҩнтә 15:7; Аԥс 19:8

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Лк 9:46—48. Иисус иапостолцәа ириашеит, егьырҭ иреиӷьушәа рхы аадырԥшырц шырҭаху аниба.

Избан ҳгәы ҳахьчалар зхадоу?

1Аш 28:9; Ажәм 4:23; Иер 17:9

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 6:5—7. Ауаа цәгьарамзар бзиарак иазхәыцуамызт, русқәагьы цәгьан, убри аҟынтә Анцәа Аӡхыҵра дуӡӡа ҟаиҵеит.

    • 1Аҳ 11:1—10. Аҳ Соломон игәы изымыхьчаӡеит. Егьырҭ ажәларқәа рҟынтә аҳәса ахьигоз иахҟьаны гәыкала Анцәа имаҵ аура даҟәыҵит.

    • Мк 7:18—23. Иисус Христос иҳәеит иҽеим агәаҳәарақәа ҳгәы аҟынтә ишаауа. Урҭ Анцәа ицәымӷу аусқәа рыҟаҵара ҳгәазҭарҵоит.

Ишԥаҳалшо ҳгәы ҳахьчар?

Аԥс 19:14; Ажәм 3:3—6; Лк 21:34; Фп 4:8

Шәахәаԥш иара убас Езд 7:8—10; Аԥс 119:11

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Еф 6:14—18; 1Фс 5:8. Апостол Павел адоуҳатә бџьармаҭәақәа данрылацәажәоз, агәышԥыхьчага аруаҩ игәы шахьчоз еиԥш, аиашареи, ахаҵареи, абзиабареи асимволтә ҵакы змоу ҳгәы шырыхьчо иҳәеит.

Еилаҳкаар шԥаҳалшо асимволтә ҵакы змоу ҳгәы грак амоу-иамаму?

Ажәм 21:2—4; Аур 3:12

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 6:12—14

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2Аш 25:1, 2, 17—27. Аамҭак азы аҳ Амациа Иегова иҿаԥхьа ииашаны ихы мҩаԥигон, аха уи гәыкала акәӡамызт ишыҟаиҵоз. Ԥыҭрак ашьҭахь иара дԥагьахеит, Иегова изыӡырҩра даҟәыҵит, уи иахҟьаны ауадаҩрақәагьы дрықәшәеит.

    • Мф 7:17—20. Ашәыр баа зҿало аҵла баа иазкны Иисус иааигаз аҿырԥштәы иаҳнарбоит иҽеим аусқәа ҟазҵо ауаҩы игәы шҽеим.

Избан асимволтә ҵакы змоу ҳгәы бзиазарц азы ҳахылаԥшлар зҳахәҭоу, насгьы ишԥаҳалшо уи ҳахылаԥшлар?

Ажәм 10:8; 15:28; Лк 6:45

Шәахәаԥш иара убас Аԥс 119:97, 104; Рм 12:9—16; 1Тм 1:5

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2Аҳ 20:1—6. Аҳ Езекиа дшыԥсра даныҟаз, дӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова диҳәон дрыцҳаишьарц, избанзар гәык-ԥсыкала дизиашаны имаҵ иуан.

    • Мф 21:28—32. Иисус иааигаз аҿырԥштәала иҳаилиркааит ауаҩы игәы иҭоу ҳзырбо иажәақәа ракәымкәа, иусқәа шракәу.

Избан Иегова ауаа рыгәқәа шҭиҵаауа ахьаҳдыруа ҳгәы зарҭынчуа?

1Аш 28:9; Иер 17:10

Шәахәаԥш иара убас 1См 2:3

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 16:1—13. Аԥааимбар Самуил еиликааит Иегова дызхәаԥшуа ауаҩ иҭеиҭԥш акәымкәа, игәы шакәу.

    • 2Аш 6:28—31. Аныҳәарҭа Иегова ианизыркуаз аҳ Соломон Анцәа дышиҳәаз иаҳнарбоит Анцәа ҳгәы иҭоу ибзиаӡаны ишидыруа, убри аҟынтә дышҳацхраашагьы идыруеит.