Агәҭынчра
Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ҳгәы зырҭынчыр алшо Абиблиа аҟынтә азхәыцрақәа
Агәҭынчымра
Шәахәаԥш «Агәҭынчымра»
Агәырҩа; агәкаҳара
Шьоукы даараӡа ргәы каҳаны иҟоуп изықәшәо ауадаҩрақәа ма арыцҳарақәа ирыхҟьаны
Ек 9:11, 12
Шәахәаԥш иара убас Аԥс 142:4; Ек 4:1; 7:7
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Рф 1:11—13, 20. Ноеминь лыԥшәмеи ҩыџьа лԥацәеи анԥсы ашьҭахь Иегова даанижьит ҳәа лгәы иаанагон.
-
Иов 3:1, 11, 25, 26; 10:1. Иов жәаҩык ихәыҷқәа ԥсит, имаз зегь ицәыӡит, насгьы ӷәӷәала дычмазаҩхеит. Уи иахҟьаны даараӡа игәы каҳаны дыҟан.
-
-
Угәы зырҭынчуа ажәеинраалақәа
-
Угәы зырҭынчуа аҿырԥштәқәа
-
Рф 1:6, 7, 16—18; 2:2, 19, 20; 3:1; 4:14—16. Ноеминь Анцәа имаҵ зуаз ауаа рахь дхынҳәит, егьырҭ рыцхыраара лыдылкеит, лхаҭагьы дрыцхраауан. Уи абзоурала агәкаҳара даиааит.
-
Иов 42:7—16; Иак 5:11. Иов ахаҵара аарԥшны дзықәшәаз аԥышәарақәа зегь ихигеит. Иегова уи азы меигӡарахда дизылԥхеит.
-
Шьоукы даараӡа ргәы каҳаны иҟоуп ииашамкәа иахьрызныҟәо иахҟьаны
Ек 4:1, 2
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
1См 1:6, 7, 10, 13—16. Анна даара лгәы каҳаны дыҟан: Пенинна Анна еснагь длалырҟәуан, Или иакәзар, ижәны дыҟоуп ҳәа ахара лыдиҵеит.
-
Иов 8:3—6; 16:1—5; 19:2, 3. Иов акгьы шихарамызгьы, хҩык иҩызцәа ииашамкәа ихцәажәеит, уи иахҟьаны Иов еиҳагьы игәы каҳаит.
-
-
Угәы зырҭынчуа ажәеинраалақәа
-
Аԥс 37:8, 9; Еф 4:26
-
-
Угәы зырҭынчуа аҿырԥштәқәа
-
1См 1:9—11, 18. Анна лгәы иҭаз зегь Иегова ианизеиҭалҳәа ашьҭахь лгәалаҟазаара еиҳа еиӷьхеит.
-
Иов 42:7, 8, 10, 17. Иегова Иов дизылԥхеит дзыргәааз хҩык иҩызцәа иахьранаижьыз азы.
-
Аӡәы иҳаиҳәаз ахьыҟаимҵаз, ҳахьиргәааз ма ҳахьиҭииз азы ҳгәы анкаҳауа
Шәахәаԥш «Агәкаҳара»
Акгьы уаԥсамшәа ухы анубо
Шәахәаԥш «Акгьы ҳаԥсамшәа ҳхы анаҳбо»
Ауаа рыцәшәара
Шәахәаԥш «Ашәара»
Ашьҭашәарыцарақәа
Шәахәаԥш «Ашьҭашәарыцарақәа»
Ашьыцра; ахыбаара
Шәахәаԥш «Ашьыцра; ахыбаара»
Дҵак анагӡара, ма уадаҩрак аӡбара ҳалшаӡом ҳәа ҳгәы ианаанаго
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Ақәҵ 3:11; 4:10. Иегова Моисеи афараон иахь дцаны израильаа Египет иалигарц аниеиҳәа, уи адҵа изынагӡаӡом ҳәа игәы иаанагон.
-
Иер 1:4—6. Иеремиа Иегова иԥааимбарс амаҵ иуларц, иара убас имӡырҩуаз ауаа Анцәа иажәа рылеиҳәаларц азы дқәыԥшцәоуп, аԥышәагьы имаӡам ҳәа игәы иаанагон.
-
-
Угәы зырҭынчуа ажәеинраалақәа
-
Аԥс 29:11; Иса 40:29; 2Кр 3:4, 5; 4:7
-
-
Угәы зырҭынчуа аҿырԥштәқәа
-
Ақәҵ 3:12; 4:11, 12. Иегова зныкымкәа Моисеи агәра ииргон иду адҵа анагӡара дышицхраауа.
-
Иер 1:7—10. Иегова Иеремиа агәра ииргеит ауадаҩрақәа зегь рыхгара дышицхраауа.
-
Егьырҭ ииашамкәа ианҳазныҟәо
Шәахәаԥш «Ииашамкәа ианҳазныҟәо»
Мыцхәы ҳхы ахара анадаҳҵо
Езд 9:6; Аԥс 38:3, 4, 8; 40:12
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
2Аҳ 22:8—13; 23:1—3. Аҳ Иосиа, иара убас ажәлар зегь Моисеи изакәан иану анраҳа, уи шеиларгоз еилыркааит.
-
Езд 9:10—15; 10:1—4. Аԥшьаҩы Ездра, иара убас ажәлар зегь рыламыс иаргәаҟуан, ауриацәа рҟынтә шьоукы Иегова изымӡырҩӡакәа егьырҭ ажәларқәа рҟынтә аҳәса ахьааргаз азы.
-
Лк 22:54—62. Апостол Пиотр Иисус хынтә мап ахьицәикыз азы иламыс даргәаҟуан.
-
-
Угәы зырҭынчуа ажәеинраалақәа
-
Аԥс 32:5; 103:9—14; Иса 1:18; Аус 3:19
-
Шәахәаԥш иара убас Иса 38:17; Мх 7:18, 19
-
-
Угәы зырҭынчуа аҿырԥштәқәа
-
2Аш 33:9—13, 15, 16. Манассиа иудеиатәи аҳцәа зегьы дреицәан, аха данахьхәы, Иегова игәнаҳақәа ианаижьит.
-
Лк 15:11—32. Иӡны иҟаз, аха ихынҳәыз аԥа изку аҿырԥштәаҿы Иисус иаҳирбеит Иегова агәнаҳа ҟазҵаз гәыкала ианажьра дшазхиоу.
-
Уанычмазаҩу ма уқәрахь уаннеихьоу
Аԥс 71:9, 18; Ек 12:1—7
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
2Аҳ 20:1—3. Аҳ Езекиа инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит, имаз ачымазара иахҟьаны дшыԥсуа анеиликаа.
-
Фп 2:25—30. Епафродит аишьцәеи аиҳәшьцәеи дшычмазҩыз шеилыркааз анидыр, игәы каҳаит. Иара дшәон урҭ идыз адҵа изынамыгӡаӡеит ҳәа ахәыцра иалагоит ҳәа.
-
-
Угәы зырҭынчуа ажәеинраалақәа
-
Аԥс 92:12—14; Иса 40:29—31; 46:4; 2Кр 8:12
-
-
Угәы зырҭынчуа аҿырԥштәқәа
-
2См 17:27—29; 19:31—38. Аҳ Давид зықәрахь инеихьаз Барзиллаи ихә ҳаракны ишьон, Иерусалимҟа дицны дцарцгьы ааԥхьара ииҭеит, аха Барзиллаи ахынраалара аарԥшны уи мап ацәикит, избанзар еиликаауан иқәра уи шилнамыршоз.
-
Аԥс 41:1—3, 12. Иҟалап аҳ Давид ӷәӷәала дычмазҩызҭгьы, аха иара агәра ганы дыҟан Иегова дшаанимыжьуа.
-
Мк 12:41—44. Иисус иӷарыз аԥҳәысеиба Анцәа изналгаз аҳамҭазы дирҽхәеит, избанзар илымаз зегь налгеит.
-
Ҳагхақәеи ҳагәнаҳақәеи ирыхҟьаны ҳгәы анкаҳауа
Шәахәаԥш «Агәкаҳара»