Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Адинхаҵарақәа реиларҩашьара

Адинхаҵарақәа реиларҩашьара

Анцәа дхазҵо ауаа зегь Нцәак иоума изымҵахырхәо?

Ҩнтә 32:16, 17; 1Аҳ 11:33; 1Кр 8:5, 6; 10:20

Иаҳәома Абиблиаҿы Иегова адинхаҵарақәа зегь игәаԥхоит ҳәа, урҭ ауаа иддырҵозаалакгьы?

Мф 7:13, 14; Ин 17:3; Еф 4:4—6

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • ИсН 24:15. Иисус Навин израильаа иреиҳәеит зымаҵ рулаша рыӡбар шрыхәҭаз — Иегова иакәу, егьырҭ анцәақәа ракәу.

    • 1Аҳ 18:19—40. Аԥааимбар Илиа ила Иегова иаҳирбеит Ҳазшаз Анцәа имҵахырхәо ауаа егьырҭ анцәақәа ирымҵахырхәалар шрыхәҭам, Ваалгьы уахь дналаҵаны.

Дышԥарзыҟоу Иегова амцнцәахәқәа, насгьы дышԥахәаԥшуеи ауаа урҭ иахьрымҵахырхәо?

Ақәҵ 12:12; Ахԥ 25:2—5; Ҩнтә 12:29—31; Сф 2:11

Дышԥазыҟоу Иегова ауаа иара имҵахырхәареи ицәымӷу аҵасқәеи ақьабзқәеи анеиладырҩашьо?

Иса 1:13—15; 1Кр 10:20—22; 2Кр 6:14, 15, 17

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ақәҵ 32:1—10. Аарон израильаа аниқәыӷәӷәа, ахьы иалхыз аҳәыс ҟаиҵеит, уи «Иегова изку аныҳәамш» аҿы рхы иадырхәарц азы. Уи Анцәа игәы ԥнажәеит.

    • 1Аҳ 12:26—30. Аҳ Иеровоам иҭахӡамызт ижәлар Иерусалим иҟаз аныҳәарҭахь ицаларц, убри аҟынтә аидолқәа ҟаиҵеит, урҭ Иегова даадырԥшуеит ҳәагьы иҳәеит. Уи иахҟьаны ажәлар агәнаҳа ҟарҵо иалагеит.

Израильаа егьырҭ анцәақәа ирымҵахырхәоз ажәларқәеи дареи еицырзеилоу ҳәа ак рымазар ҟалозма?

Ақәҵ 23:31—33; Ҩнтә 7:1—4

Ихы шԥамҩаԥигоз Иегова, ижәлар егьырҭ анцәақәа рымҵахырхәара ианалагоз?

Аӡб 10:6, 7; Аԥс 106:35—40; Иер 44:2, 3

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1Аҳ 11:1—9. Аҳ Соломон егьырҭ ажәларқәа рҟынтә иигаз аҳәса ирыхҟьаны амцнцәахәқәа дрымҵахырхәо далагеит, израильаагьы уи иҿыԥшуа иалагеит. Уи Иегова ихьӡ ланарҟәит.

    • Аԥс 78:40, 41, 55—62. Асаф иҩит Израиль Анцәа ишиҿагылаз, насгьы аидолқәа рымҵахырхәара ишалагаз. Уи Иегова игәы инархьуан, аҵыхәтәангьы ижәлар мап рцәикит.

Дышԥарзыҟаз Иисус Анцәа Иажәа иаҿагылоз адинхаҵаратә ҵарақәа?

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мф 16:6, 12. Иисус афарисеицәеи асаддукеицәеи рҵарақәа амажәарҵәыга иаҿирԥшит, избанзар урҭ ирласны ауаа ирылаҵәон, насгьы Иеговеи дареи реиҩызара бжьнахуан.

    • Мф 23:5—7, 23—33. Иисус азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи ҩ-цәак ахьырхаз, насгьы Иегова ириҭаз азакәанқәа дара ртәала иахьырыԥсахуаз азы дрықәыӡбон.

    • Мк 7:5—9. Иисус азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи иаартны иреиҳәеит дара рзы ауаа ирхәыцыз ақьабзқәа Анцәа Иажәа аасҭа иахьхадаз шиашамыз.

Иҭахызма Иисус иҵаҩцәа еиуеиԥшым адинхаҵаратә гәыԥқәа еиҿыркааларц?

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ин 15:4, 5. Иисус аӡахәа ҿырԥштәыс иааганы иҳаилиркааит иҵаҩцәеи иареи, иара убас иҵаҩцәа дара дареи аӡәк иеиԥш иҟазар шрыхәҭоу.

    • Ин 17:1, 6, 11, 20—23. Иисус иԥсра уахык шагыз Анцәа диҳәон иҵаҩцәа аӡәк иеиԥш иҟазарц азы.

Еиԥшызма актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа зықәныҟәоз аҵарақәа, насгьы еиԥшызма урҭ Иегова ишимҵахырхәоз?

Аус 16:4, 5; Рм 12:4, 5

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аус 11:20—23, 25, 26. Антиохиеи Иерусалими иҟаз аизарақәа акзаара рыбжьан, насгьы рыжәҩахыр еибыҭаны аус еицыруан.

    • Рм 15:25, 26; 2Кр 8:1—7. Актәи ашәышықәсазы иҟаз аизарақәа иуадаҩыз аамҭақәа раан ирымаз ала еицхыраауан. Уи иаҳнарбоит аӡәк иеиԥш ишыҟаз.

Динхаҵарак иалоу ауаа Христос дхаҳҵоит ҳәа рҳәозар, иазхоума уи Анцәа уи адинхаҵара иашоуп ҳәа иԥхьаӡаларц азы?

Динхаҵарак иалоу ауаа Христоси апостолцәеи рҵарақәа рыԥсахуазар, уи адинхаҵара иашоуп ҳәа узҳәома?

Аус 20:29, 30; 1Тм 4:1—3

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мф 13:24—30, 36—43. Иисус амхаҿы игылаз аҳаскьын бааԥс иазку аҿырԥштәы ала иаҳирбеит аизараҿы ирацәаны амцқьырсианцәа шцәырҵуа.

    • 1Ин 2:18, 19. Зықәрахь инеихьаз апостол Иоанн иажәақәа иаҳдырбоит актәи ашәышықәса анҵәамҭазы ирацәаны антихристцәа шцәырҵхьаз.

Иабакылнагоз, аизараҿы амцҵарақәеи иҽеим ахымҩаԥгашьеи ирыдгыло ауаа ыҟазҭгьы?

Иҟарҵалар рыхәҭоузеи ақьырсианцәа, аӡәк иеиԥш иҟазарц азы?

Избан ақьырсианцәа амцдинхаҵареи дареи еицырзеилоу ҳәа акгьы зрымамзар акәу?

Избан ҳара ауаа ираҳҳәалар зҳахәҭоу адинхаҵарақәа ирыладырҵәо амцҵарақәа шиашам?

Иер 14:14; 23:13, 14, 16; Мф 15:12—14; 23:13—26

Избан амцдинхаҵара иадгыло ауаа ахьҳашьҭашәарыцо зџьаҳамшьо?