Аилибамкаарақәа шыӡбалатәу
Избан ҳандыргәаауа агәыԥжәара аҽаҭара ма ашьаура зҳахәҭам?
Ажәм 20:22; 24:29; Рм 12:17, 18; Иак 1:19, 20; 1Пт 3:8, 9
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
1См 25:9—13, 23—35. Навал Давид иуаажәлари иареи анылаирҟә, насгьы ацхыраара анриимҭа, Давид игәы ԥжәан, Навали иҩны иҩназ ахацәеи ишьырц иӡбеит, аха Авигеиа аҟәышра аарԥшны иабжьылгаз ицхрааит ашьакаҭәара ацәцара.
-
Ажәм 24:17—20. Иегова игәаԥхаӡом имаҵзуҩцәа ангәырӷьо раӷацәа ацәгьара иахьақәшәо азы; ҳара урҭ рус аӡбара Иегова инапы ианаҳҵоит.
-
Ақьырсиан аӡәи иареи аилибамкаара рыбжьалазар, уи димацәажәо игәаӷ икыр ихәҭоума?
Алв 19:17, 18; 1Кр 13:4, 5; Еф 4:26
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
-
Мф 5:23, 24. Иисус иҳәеит иҳазгәааны иҟоу ҳашьеи ҳареи ҳаинааларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵар шҳахәҭоу.
-
Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи, аӡәы ҳиргәаазар?
Избан зныкымкәа агәнаҳа ҳзызузгьы иранаҳажьлар зҳахәҭоу, урҭ гәык-ԥсыкала иахьхәузар?
Ҳашьа ҳҿаԥхьа агәнаҳа ҟаиҵазар, иаҳҳәап, иҟам-ианым ҳзиҳәазар, ма ҳаижьазар, насгьы уи ус иаанҳажьыр ҟамлозар, иацәажәар зыхәҭада, насгьы изакәазы иацәажәатәузеи?
Иҟаҳҵар акәзеи, иҟам-ианым ҳзызҳәаз, ма ҳазжьаз ҳнаидгыланы ҳаниацәажәа ашьҭахьгьы дахьымхәуазар?