Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аиԥшымра

Аиԥшымра

Анцәа шьоукы егьырҭ раасҭа еиҳа еиӷьуп ҳәа иԥхьаӡома урҭ рраса, рмилаҭ, излыҵыз аҭаацәара ма ирымоу аԥара азы?

Аус 17:26, 27; Рм 3:23—27; Гл 2:6; 3:28

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Ин 8:31—40. Ауриацәа шьоукы Авраам ишьҭра иахьатәыз иахыҽхәон, аха Иисус урҭ Авраам иҟаиҵоз шыҟарымҵоз реиҳәеит.

Расак, милаҭк ма тәылак еиҳа еиӷьуп ҳәа уҳәартә еиԥш амзызқәа ыҟоума?

Ин 3:16; Рм 2:11

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ион 4:1—11. Иегова ачҳара аарԥшны Иона дицхраауан ниневиаа рахь — даҽа милаҭк иатәыз ажәлар рахь — арыцҳашьара аарԥшра заҭаху аилкаара.

    • Аус 10:1—8, 24—29, 34, 35. Апостол Пиотр еиликааит Анцәа ауаа зегьы шидикыло, иауриамгьы налаҵаны, убри аҟынтә Пиотр Корнили иҭаацәеи иареи дрыцхрааит иауриам рҟынтә раԥхьатәи қьырсианцәаны аҟалара.

Избан амал змоу ақьырсианцәа измам рҿаԥхьа рхы ҳарарклар, насгьы лымкаала ирызныҟәалар ауп ҳәа ихәыцлар зрыхәҭам?

1Тм 6:17, 18; Иак 2:2—4

Шәахәаԥш иара убас Ҩнтә 8:12—14; Иер 9:23, 24

Аиашьа аизара ахылаԥшҩы иакәзар, имоума азин егьырҭ дреиӷьушәа ахәыцра, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә мыцхәы азыԥшра?

2Кр 1:24; 1Пт 5:2, 3

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ҩнтә 17:18—20. Иегова израильтәи аҳцәа иреиҳәон егьырҭ рҿаԥхьа рхы ҳарарымкларц, избанзар иара изы израильаа зегьы аҳ иашьцәа ракәын.

    • Мк 10:35—45. Апостолцәа аҭыԥ ду иашьҭан, аха Иисус ус аҟаҵара шиашам реиҳәеит. (Шәахәаԥш иара убас урысшәала иҭыжьу аиҭага «Адунеи ҿыц» арҵагатә ҭыжьымҭаҿы Мк 10:42 аҿы иаагоу ажәақәа «ауаа ԥшәымаҵас ишырхагылоу» иацу акомментари.)

Ҩызас ишьҭихуада Анцәа?

Ақәҵ 19:5; Рм 10:12; 1Ин 2:17

Атәылаҿы ауаа ареформақәа рыҟаҵара ианашьҭоу, ақьырсианцәа урҭ рыҽрыладырхәлар рыхәҭоума?

Еф 6:5—9; 1Тм 6:1, 2

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Ин 6:14, 15. Ауаа ирҭахын Иисус рыуадаҩрақәа иӡбарц азы ареформақәа ҟаиҵарц, аха иара израильтәи аҳас дҟарҵар имуӡеит.