Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Анажьра

Анажьра

Избан агәра ганы ҳзыҟоу Иегова гәыкала ишҳанаижьуа?

Аԥс 86:5; Дан 9:9; Мх 7:18

Шәахәаԥш иара убас 2Пт 3:9

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аԥс 78:40, 41; 106:36—46. Израильаа лассы-лассы Иегова игәы шидырхьуазгьы, иара урҭ иранаижьуан.

    • Лк 15:11—32. Иисус Иегова шаҟа арыцҳашьара илоу даналацәажәоз, аб ииашамкәа зхы мҩаԥызгоз, аха нас иахьхәыз иԥа дышидикылаз атәы аҿырԥштәы ааигеит. Уи ала иаҳирбеит Иегова шаҟа гәыкала иҳанаижьуа.

Иҟаиҵазеи Иегова, ҳагәнаҳақәа ҳанаижьырц азы?

Ин 1:29; Еф 1:7; 1Ин 2:1, 2

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аур 9:22—28. Апостол Павел иҳәеит Иисус ҳара ҳзы ишьа ахькеиҭәаз абзоурала Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьлар шилшо.

    • Аат 7:9, 10, 14, 15. Апостол Иоанн иҳәеит Иегова «ԥхьаӡашьак змам ауаа рацәа» рыгәнаҳақәа шранаижьуа, избанзар дара Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара агәра ргоит.

Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи аӡәы ҳаниргәаауа ма ииашамкәа данҳазныҟәо, Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьларц ҳҭахызар?

Мф 6:14, 15; Мк 11:25; Лк 17:3, 4; Иак 2:13

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Иов 42:7—10. Елифази, Билдади, Цофари акгьы зхарамыз Иов ахара идырҵеит. Аха Иегова Иов дихәышәтәаанӡа, насгьы меигӡарахда дизылԥхаанӡа, раԥхьа урҭ ахҩык рзы диҳәарц иеиҳәеит.

    • Мф 18:21—35. Иисус еиҭеиҳәаз аҿырԥштәала ибзиаӡаны иаҳирбеит Иегова иҳанаижьларц ҳҭахызар, ҳаргьы егьырҭ иранаҳажьлар шҳахәҭоу.

Шаҟа ихадоузеи агәнаҳа шыҟаҳҵаз аартны аҳәара, насгьы гәыкала ахьхәра?

Аус 3:19; 26:20; 1Ин 1:8—10

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аԥс 32:1—5; 51:1, 2, 16, 17. Аҳ Давид иҟаиҵаз агәнаҳа ӷәӷәақәа ирыхҟьаны иламыс даргәаҟуан, насгьы гәыкала урҭ дрыхьхәуан.

    • Иак 5:14—16. Иаков иҳәеит агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҳҵазар, аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы ҳрыҳәар шҳахәҭоу.

Иарбан ԥсахрақәоу иҟаҳҵар ҳахәҭоу, Иегова иҳанаижьырц ҳҭахызар?

Ажәм 28:13; Иса 55:7; Еф 4:28

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1Аҳ 21:27—29; 2Аш 18:18—22, 33, 34; 19:1, 2. Аҳ Ахав ианеиликаа Иегова дахьирхәырц шиҭаху, ахынраалара ааирԥшит. Аха иара гәыкала игәнаҳақәа дырхьымхәӡеит, убри аҟынтә Иегова ианаимыжьӡеит, аҵыхәтәаны дагьҭаирхеит.

    • 2Аш 33:1—16. Аҳ Манассиа агәнаҳа ӷәӷәақәа рацәаны иҟаиҵеит, аха гәыкала урҭ дрыхьхәит, Иеговагьы уи ианаижьит. Уи ашьҭахь Манассиа амцнцәахәқәа рымҵахырхәара ықәихырц, насгьы ауриацәа Иегова имаҵ руларц азы иҟаиҵаз рацәан.

Ишԥаранаижьуеи Иегова гәыкала зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа?

Аԥс 103:10—14; Иса 1:18; 38:17; Иер 31:34; Мх 7:19

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • 2См 12:13; 24:1; 1Аҳ 9:4, 5. Давид агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵеит, аха урҭ дрыхьхәит, убри аҟынтә Иегова ианаижьит. Аамҭак ашьҭахь Иегова Давид гәыкала изиашаз ауаҩ иеиԥш дихцәажәон.

Иабантәиҳдыруеи Иисус егьырҭ ишранажьлатәу аганахьала Иегова дшиҿыԥшуаз?

Аԥс 86:5; Лк 23:33, 34

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мф 26:36, 40, 41. Иисус изааигәаз иҩызцәа рыцхыраара еиҳараӡак ианиҭахыз аамҭазы дара амхацәеит. Уи игәы шинархьызгьы, иара еиликаауан урҭ ицхраарц шырҭахыз, аха иааԥсаны ишыҟаз.

    • Мф 26:69—75; Лк 24:33, 34; Аус 2:37—41. Пиотр Иисус дсыздырӡом ҳәа ҳәаны хынтә мап ицәикит, аха уи гәыкала дахьхәит, Иисусгьы уи ианаижьит. Иара иԥсы анҭала ашьҭахь Пиотр дизцәырҵит, ԥыҭрак ашьҭахьгьы аизараҿы иҷыдоу адҵақәа ииҭеит.

Иабантәиҳдыруеи Иегова изанеимыжьуа шыҟоу?

Мф 12:31; Аур 10:26, 27; 1Ин 5:16, 17

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мф 23:29—33. Иисус азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи ргәырҽаниҵеит русқәа ирхьымхәыр, геенна ишалажьхо, даҽакала иуҳәозар, наӡаӡа ишықәгахо.

    • Ин 17:12; Мк 14:21. Иисус Иуда Искариот дшиҭиуа идыруан, убри аҟынтә «аҭахара аԥа» ҳәа изиҳәеит, насгьы уи зынӡа дымизҭгьы изеиӷьын ҳәа иҳәеит.

Иҳацхраар алшозеи егьырҭ ранажьра?