Анцәа имҵахырхәара
Избан Иегова заҵәык ҳимҵахырхәалар зҳахәҭоу?
Ақәҵ 34:14; Ҩнтә 5:8—10; Иса 42:8
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Мф 4:8—10. Аҩсҭаа иҳәеит Иисус дшьамхышгыланы диеихырхәар, адунеи аҳрақәа зегь шииҭо. Иисус дзымҵахырхәоз Иегова заҵәык иакәын, убри аҟынтә Аҩсҭаа идигалаз мап ацәикит.
-
Аат 19:9, 10. Апостол Иоанн амаалықь диеихырхәарц аниҭахыз, амаалықь уи дааникылеит.
-
Ҳимҵахырхәалар шԥаҳахәҭоу Иегова?
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Иса 1:10—17. Иегова иҳәатәы хазымҵо, гәык-ԥсыкала имҵамхырхәо рымҵахырхәара идикылаӡом.
-
Мф 15:1—11. Иисус иажәақәа ишаҳдырбо еиԥш, Иегова иҭахӡам Анцәа изакәанқәа инарықәыршәаны акәымкәа, ауаа рқьабзқәа инарықәыршәаны ҳимҵахырхәаларц.
-
Избан иахьынӡазалшо ала ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрывагыланы Иегова имаҵ ҳаулар зҳахәҭоу?
Шәахәаԥш иара убас Аԥс 133:1—3
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Аус 2:40—42. Актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа Анцәа еициҳәаларц, еицәажәаларц, насгьы Анцәа иԥшьоу адоуҳа ала ирзааиртуаз аҵабырг ҭырҵааларц азы еизон.
-
1Кр 14:26—40. Апостол Павел иҳәеит аизарақәа еиҿкааны имҩаԥыслар шрыхәҭоу, насгьы урҭ уахь инеиуа ргәы шьҭырхлар шакәу. Уи абзоурала зегьы аҵара аҵареи иддырҵо аилкаареи рылшоит.
-
Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи Иегова ҳмаҵзура акгьы иаԥсам еиԥш имԥхьаӡаларц азы?
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Аур 11:6. Апостол Павел ишиҳәаз еиԥш, Анцәа игәы ҳақәшәаларц азы ахаҵара ҳамазароуп.
-
Иак 2:14—17, 24—26. Иисус Христос иашьа гәакьа Иаков иҳәеит ахаҵара аусқәа рыла ишаарԥшлатәу. Ахаҵара ҳамазар, уи ак аҟаҵара ҳгәазҭанаҵалоит.
-