Анцәа иҳәара
Иабантәиҳдыруеи Иегова ҳаҳәарақәа дшырзыӡырҩуа, насгьы урҭ рҭак шыҟаиҵо?
Аԥс 65:2; 145:18; 1Ин 5:14
Шәахәаԥш иара убас Аԥс 66:19; Аус 10:31; Аур 5:7
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
1Аҳ 18:36—38. Илиа Кармил ашьхаҿы Ваал иԥааимбарцәа данырҿагылаз, Иегова иаразнак иҳәара аҭак ҟаиҵеит.
-
Мф 7:7—11. Иисус шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала ҳәа ҳаиҳәоит, насгьы бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб дшаҳзыӡырҩуа агәра ҳиргоит.
-
Захь идырхалар рыхәҭада ақьырсианцәа рыҳәарақәа?
Зыхьӡ ала Анцәа ҳиҳәода?
Зыҳәарақәа иаҳауада Иегова?
Зыҳәарақәа имаҳауада Иегова?
Ажәм 15:29; 28:9; Иса 1:15; Мх 3:4; Иак 4:3; 1Пт 3:7
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
ИсН 24:9, 10. Иегова Валаам иҳәара дазымӡырҩӡеит, избанзар уи дзыҳәоз Анцәа игәҭакы иаҿагылон.
-
Иса 1:15—17. Ауриацәа ҩ-цәак зхарԥоу уаан, ашьакаҭәаразгьы ахара рыдын, убри аҟынтә Иегова урҭ рыҳәарақәа дырзыӡырҩӡомызт.
-
Иаҳҳәозеи Анцәа иҳәара ҳаналго, насгьы избан?
1Аш 16:36; Аԥс 41:13; 72:19; 89:52; 1Кр 14:16
Иаҳәома Абиблиа Анцәа ҳаниҳәо, лымкаала тәашьак, гылашьак ҳамазароуп ҳәа?
Изызиҳәалар рылшозеи Иегова имаҵзуҩцәа, зегь еизаны Анцәа ианимҵахырхәо?
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
1Аш 29:10—19. Израильаа аныҳәарҭа аргыларазы хатәгәаԥхарала аԥара аналарҵа ашьҭахь, аҳ Давид еизаз зегьы рҿаԥхьа Анцәа диҳәеит.
-
Аус 1:12—14. Апостолцәеи, Иисус иани иашьцәеи, иара убас Анцәа изиашаз аҳәса шьоуки Иерусалим иҟаз аҩнқәа руак хыхьтәи ауадаҿы еизаны Анцәа еициҳәон.
-
Избан Анцәа ҳаниҳәо, ҳаҽхәалар, мамзаргьы егьырҭ ҳаргәаԥхандаз ҳәа ҳиҳәалар зҳахәҭам?
Акрыфара ҳалагаанӡа Анцәа иҳәатәума?
Избан Анцәа иҳәара шаҟа ихадоу ахаангьы иаҳхаҳмыршҭлар зҳахәҭоу?
Рм 12:12; Еф 6:18; 1Фс 5:17; 1Пт 4:7
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Дан 6:6—10. Аԥааимбар Даниил Анцәа дахьиҳәоз иахҟьаны иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылазгьы, уи аҟаҵара даҟәыҵӡомызт.
-
Лк 18:1—8. Иисус аӡбаҩ цәгьа изкыз аҿырԥштәы ааигеит. Уи аӡбаҩ цәгьа аԥҳәысеиба дааҟәымҵӡакәа дзызиҳәоз наигӡеит. Ари аҿырԥштәы иҳаилнаркаауеит Иегова еснагь имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа рҭак аҟаҵара дшазхиоу.
-
Иарбан гәазыҟашьоу иҳамазар ҳахәҭоу, Иегова ҳаҳәарақәа иаҳарц, насгьы иҳанаижьырц ҳҭахызар?
2Аш 7:13, 14
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
2Аҳ 22:11—13, 18—20. Аҳ Иосиа ахынраалара ааирԥшит, ииашаны ахымҩаԥгарагьы иҽазишәон, убри аҟынтә Иегова иара иахь арыцҳашьареи ақьиареи ааирԥшит.
-
2Аш 33:10—13. Манассиа ахынраалара аарԥшны Анцәа диҳәон. Иегова уи игәнаҳақәа ианаижьит, ҿыц аҳасгьы дҟаиҵеит.
-
Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи, Иегова иҳанаижьырц ҳҭахызар?
Избан Анцәа ҳаниҳәо, игәҭакы анынаӡо аамҭа ҳшазыԥшу аҳәара зҳахәҭоу?
Избан ҳаҳәарақәа Иегова зегь рыла ҳашиқәгәыӷуа аадырԥшлар зрыхәҭоу?
Ҳзызиҳәалар ҳалшозеи Анцәа?
Анцәа ихьӡ ҳаҭыр ду ақәзарц
Адгьыл зегь напхгара азҭало Анцәа Иаҳра ааирц
Иегова игәҭакы наӡарц
Зда ԥсыхәа ҳамам ҳаиҭарц
Ҳагәнаҳақәа ҳанаижьырц
Дан 9:19; Лк 11:4
Ҳхызхыр алшо ҳҽаҳамҭарц
Иҭабуп ҳәа иаҳҳәаларц
Анцәа игәҭакы иаҵанакуа аилкаара дҳацхраарц, насгьы аҟәыӷара ҳаиҭарц
Шәахәаԥш иара убас Аԥс 119:34
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
-
1Аҳ 3:11, 12. Иегова игәаԥхеит Соломон аҟәыӷара ииҭарц азы дахьиҳәаз, убри аҟынтә иара уи зеиԥшыҟам аҟәыӷара ииҭеит.
-
Иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц
Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы, изышьҭашәарыцогьы уахь иналаҵаны
Иегова илоу иаҳгәаԥхо иҟазшьақәа рзы
Аԥс 86:12; Иса 25:1; Дан 2:23
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Лк 10:21. Иисус Иегова дҳареикуан ахынраалара аазырԥшуаз ауаа аҵабырг ахьырзааиртыз азы.
-
Аат 4:9—11. Иегова изиашоу адоуҳатә ашамҭақәа зегьы дзыԥсоу ахьӡ-аԥша ирҭоит.
-
Амчра змоу ауаа Иегова ҳимҵахырхәаларц, насгьы ажәабжь бзиа ҳҳәаларц алшара ҳарҭаларц азы
Шәахәаԥш иара убас Иер 29:7
Иҟалома аӡы ҳанӡаархуа Анцәа иҳәара?
Иҟалома доуҳала ичмазҩу ауаа рзы Анцәа ҳиҳәалар?
Избан ахацәа Анцәа ианиҳәо, рхы акгьы захарымҵо, аха аҳәса ҭагылазаашьақәак рҿы Анцәа ианиҳәо, рхы ак ахарҵалар зрыхәҭоу?
Анцәа ҳаниҳәо, шаҟа аамҭа ҳиҳәои шаҟа ацәаныррақәа аҵаҵаны ҳиҳәои аасҭа еиҳа ихадои?
Аҵә 3:41; Мф 6:7
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
1Аҳ 18:25—29, 36—39. Ваал иԥааимбарцәа сааҭқәак рыҩныҵҟа рынцәа иҳәара иаҿын, аха уи лҵшәадахеит.
-
Аус 19:32—41. Артемида илымҵахырхәоз Ефес инхоз ауаа рынцәахәы лыхьӡ ҳәо, ҩ-сааҭк раҟара иҳәҳәон, аха еиқәызкыз ақалақь аиҳабы иреиҳәаз ада, уаҳа аҭак ҳәа акгьы рмоуӡеит.
-