Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Апатуқәымҵара

Апатуқәымҵара

Иарбан апатуқәымҵара зныԥшуа хымҩаԥгашьоу ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу?

Аԥс 10:13; 3Ин 9, 10

Шәахәаԥш иара убас Аԥс 74:10, 18; Иуда 8, 10

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 2:12—17, 22—25, 27—30. Аԥшьаҩ хада Или иԥацәа Иегова имҵахырхәара пату ақәырҵаӡомызт. Или уи шидыруазгьы, акгьы ҟаиҵаӡомызт, убасала иаргьы Иегова иахь апатуқәымҵара ааирԥшуан.

    • 2Аҳ 1:9—15. Иегова аԥааимбар Илиа иахь апатуқәымҵара аазырԥшыз аруаа ҭаирхеит, ахынраалара аазырԥшыз дырмылакьысӡеит.