Арыжәтә
Иаҳәома Абиблиа зынӡа арыжәтә ажәра ҟалаӡом ҳәа?
Аԥс 104:14, 15; Ек 9:7; 10:19; 1Тм 5:23
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
Ин 2:1—11. Иисус ачараҿы аӡы аҩы бзиа алихит. Уи раԥхьаӡа иҟаиҵаз аџьашьахәы акәын, убасала иара еибагаз зырԥхашьар алшоз аҭагылазаашьа иацәихьчеит.
Иҟалар алшозеи, мыцхәы арыжәтә ҳжәыр?
Ажәм 20:1; 23:20, 21, 29—35; Иса 28:7; Ос 4:11
Ишԥазыҟоу ақьырсианцәа арыжәтә аҽаршьра?
1Кр 5:11; 6:9, 10; Еф 5:18; 1Тм 3:2, 3
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Аҟ 9:20—25. Нои аҩы дашьны дахьыҟаз иахҟьаны, имоҭа агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵеит.
1См 25:2, 3, 36. Навал ихжәаз, рыцҳашьарак зламыз, ицәырԥхашьагаз уаҩын, арыжәтәгьы иҽаиршьуан.
Дан 5:1—6, 22, 23, 30, 31. Аҳ Валтасар аҩы дашьны дахьыҟаз иахҟьаны Иегова ихьӡ лаирҟәит. Аухаҵәҟьа Валтасар дыршьит.
Избан шаҟа ҳжәуа ҳацклаԥшлар зҳахәҭоу, ҳхы ҳамыхәо аҟынӡа иҳамжәуазаргьы?
Ҳрыцхраар шԥаҳалшо, амцхә арыжәтә зжәуа иашьак ма иаҳәшьак даҳдыруазар?
Рм 14:13, 21; 1Кр 13:4, 5; 1Фс 4:4
Шәахәаԥш иара убас «Аҽынкылара»