Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ахәыҷқәа; аҿар

Ахәыҷқәа; аҿар

Анцәа ахәыҷқәа дшырзыҟоу

Иаҳзырбозеи Иегова ахәыҷқәеи аҿари рыхә шишьо?

Ҩнтә 6:6, 7; 14:28, 29; Аԥс 110:3; 127:3—5; 128:3, 4; Иак 1:27

Шәахәаԥш иара убас Иов 29:12; Аԥс 27:10; Ажәм 17:6

Шәахәаԥш иара убас «Аҭаацәара»

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 1:27, 28. Иегова иҭахын ауаа ҿиаларц, адгьыл ықәдырҭәааларц.

    • Аҟ 9:1. Адунеизегьтәи аӡхыҵра ашьҭахь Анцәа еиҭах ауаа ҿиаларц, адгьыл ықәдырҭәааларц реиҳәеит.

    • Аҟ 33:5. Иаков ихәыҷқәа Анцәа иҟынтә иоуз аҳамҭа еиԥш дырзыҟан.

    • Мк 10:13—16. Иисус, жәҩантәи Иаб иеиԥш, ахәыҷқәа бзиа ибон.

Дышԥарзыҟоу Иегова ахәыҷқәа гәымбылџьбарала ирызныҟәо?

Ақәҵ 22:22—24; Ҩнтә 10:17, 18; Аԥс 10:14, 15

Иарбан библиатә принципқәоу иаҳзырбо ахәыҷқәа адуцәа реиԥш рхы мҩаԥыргалароуп ҳәа ҳазыԥшызар шҳахәҭам?

Ахԥ 1:3; 1Кр 13:11

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Аҟ 33:12—14. Иаков амҩа данықәыз дыццакны дцаӡомызт, избанзар ихәыҷқәа ирласны ацара шрылымшоз еиликаауан.

Ихароума Анцәа ахәыҷқәа ахьгәаҟуа?

Иов 34:10; Иак 1:13; 1Ин 5:19

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Лк 5:18, 20, 23—25. Иисус иҳәеит ачымазарақәа агәнаҳа ишахҟьо.

    • Рм 5:12. Апостол Павел иҳәеит ауаа зыԥсуа.

Агәра шԥаҳирго Иегова аҿаргьы зықәрахь инеихьоугьи зықәшәо агәаҟрақәа зегь шықәиго?

Ҳҭаацәа иҽеим аҿырԥшы ҳдырбозҭгьы, ма иҽеимкәа иҳазныҟәозҭгьы, иаанагома уи егьырҭ ҳреицәоуп ҳәа, насгьы ҳҭаацәа иҟарҵоз агхақәа ҳаргьы иҟаҳҵалоит ҳәа?

Ҩнтә 24:16; Иез 18:1—3, 14—18

Шәахәаԥш иара убас Ҩнтә 30:15, 16

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2Аҳ 18:1—7; 2Аш 28:1—4. Иезекиа игәымбылџьбараз, зхәыҷқәа зшьыз аб дышимазгьы, аҳ бзиа иакәхеит, Иеговагьы дизиашаны имаҵ иуан.

    • 2Аҳ 21:19—26; 22:1, 2. Иосиа иаб Амон Анцәа иҿаԥхьа гәнаҳамзар акгьы шыҟаимҵозгьы, Иосиа уеизгьы аҳ бзиа иакәхеит.

    • 1Кр 10:11, 12. Апостол Павел иҳәеит ҳара егьырҭ рыгхақәа ак ҳдырҵалар шрылшо, ҳаргьы урҭ агхақәа ҟаҳамҵарц азы.

    • Фп 2:12, 13. Апостол Павел иҳәеит, гәыкала Анцәа имаҵ ҳуазар, ҳшеиқәхо.

Иегова ахәыҷқәеи аҿари рҟынтә дыззыԥшу

Дышԥарзыҟоу Иегова имаҵзуҩцәа рхәыҷқәа?

1Кр 7:14

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Аҟ 19:12, 15. Амаалықьцәа Лот иԥҳацәа зырыхьчаз амзызқәа руак — Лот дахьуаҩ иашаз ауп.

Аҭаацәа Анцәа изиашаны имаҵ руазар, иаанагома уи рхәыҷқәагьы ус ҟарҵалоит ҳәа?

Ажәм 20:11; Иез 18:5, 10—13

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Алв 10:1—3, 8, 9. Иегова аԥшьаҩ хада Аарон иԥацәа зҭаирхаз ижәны иахьыҟаз азы акәызҭгьы ҟаларын.

    • 1См 8:1—5. Аԥааимбар Самуил Анцәа дизиашаны имаҵ шиуазгьы, иԥацәа Анцәа изакәанқәа еиларгон.

Иҟарҵалар акәзеи ахәыҷқәа, Анцәа ддыргәырӷьаларц азы?

Ажәм 1:8; 27:11; Еф 6:1—3

Избан ахәыҷқәа аизарақәа ирҭаалар зрыхәҭоу?

Ҩнтә 31:12, 13; Аур 10:24, 25

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Мф 15:32—38. Иисус иҿы аҵара зҵоз рыбжьара ахәыҷқәагьы ыҟан.

Иабантәиҳдыруеи Иегова ахәыҷқәа имаҵ руларц шиҭаху?

Аԥс 8:2; 148:12, 13

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 17:4, 8—10, 41, 42, 45—51. Иқәыԥшыз Давид Иегова ицхыраарала адау дииааит. Убас Анцәа Давид ила ихьӡ бзиа ихьчеит.

    • 2Аҳ 5:1—15. Иегова аӡӷаб хәыҷ лыла сириатәи ар реиҳабы дицхрааит.

    • Мф 21:15, 16. Иисус Мессиа иеиԥш дҳаразкуаз ахәыҷқәа рыхә ишьон.

Дышԥарзыҟоу Иегова ахәыҷқәа, урҭ рҭаацәа иара имаҵ рымуазар?

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ахԥ 16:25, 26, 32, 33. Израильаа рҟынтә шьоукы аԥааимбар Моисеии аԥшьаҩ хада Аарони ианырҿагыла, Иегова дара рыдагьы, ирыдгылаз рҭаацәагьы рықәнага иақәиршәеит.

    • Ахԥ 26:10, 11. Иегова Кореи дҭаирхеит, аха уи иԥацәа рыԥсы ҭаны иаанхеит, избанзар Анцәа изиашан.

Избан ахәыҷқәа аҩызцәа бзиақәа алырхлар зрыхәҭоу?

Ажәм 13:20; 1Кр 15:33

Шәахәаԥш иара убас 2Тм 3:1—5

Ҩызцәас ишьҭырхлар рыхәҭада иқәыԥшу ақьырсианцәа?

2Тм 2:22

Шәахәаԥш иара убас «Аҩызцәа; аиҩызара»