Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ачҳара; ачҳара аарԥшны зегь ахгара

Ачҳара; ачҳара аарԥшны зегь ахгара

Ишԥааирԥшуеи Иегова ачҳара?

Рм 2:4; 9:22

Шәахәаԥш иара убас Не 9:30

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Иер 7:23—25. Иегова иҳәеит изымӡырҩуаз ижәлар рахь шаҟа ачҳара ааирԥшуаз.

    • 2Пт 3:3—9, 15. Апостол Пиотр иҳәеит Иегова ачҳара шааирԥшуаз, насгьы уи зааирԥшуаз. Иара убас иара иазгәеиҭеит Анцәа ичҳарагьы аҳәаа шамоу.

Избан ачҳара аарԥшышьа ҳҵалар зҳахәҭоу?

Ажәм 25:15; 1Кр 13:4, 7; Еф 4:1—3; 1Тм 6:11; 2Тм 2:24, 25; 4:2; 2Пт 1:5, 6

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 39:19—21; 40:14, 15, 23; 41:1, 9—14. Иосиф Египетҟа маҵуҩыс дырҭиит, нас акгьы ихараӡамкәа абахҭа дҭаркит. Аха иара ачҳара аарԥшны, дзықәшәоз ауадаҩрақәа зегь ихигон, насгьы ихаҵара ирӡӡомызт.

    • Аур 6:10—15. Апостол Павел Авраам ҿырԥштәыс дааганы иҳаилиркааит ақьырсианцәа ачҳара аадырԥшлар зрыхәҭоу.

Иабантәиҳдыруеи шьоукы иаҳҳәо ажәабжь бзиа ишазымӡырҩло, насгьы ишаҿагылало?

Мф 10:22; Ин 15:18, 19; 2Кр 6:4, 5

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2Пт 2:5; Аҟ 7:23; Мф 24:37—39. Нои ауаа аҵабырг рылеиҳәон, аха урҭ изыӡырҩӡомызт. Адунеизегьтәи аӡхыҵра аныҟала, Нои иҭаацәеи иареи рымацара роуп еиқәхаз.

    • 2Тм 3:10—14. Апостол Павел Тимофеи изиҩит иара аԥышәарақәа шихигаз еиԥш, Тимофеигьы урҭ рыхгара шилшо.

Избан иаҳзааигәоу ауаа Иегова имаҵ аура иаҳԥырхагахалар ахьалшо зџьаҳамшьо?

Мф 10:22, 36—38; Лк 21:16—19

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 4:3—11; 1Ин 3:11, 12. Каин Анцәа игәы иақәшәоз ҟаиҵаӡомызт, убри аҟынтә гәыкала Анцәа изиашаз иашьа Авель дишьит.

    • Аҟ 37:5—8, 18—28. Иосиф Иегова иҟынтә иибаз аԥхыӡ иашьцәа ианырзеиҭеиҳәа, ажра дҭарыжьит, нас тәыс дырҭиит.

Избан ианҳашьҭашәарыцо аԥсра ацәшәара зҳахәҭам?

Мф 10:28; 2Тм 4:6, 7

Шәахәаԥш иара убас Аат 2:10

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Дан 3:1—6, 13—18. Шадрахи, Мешахи, Аведнегои абаҟа иамҵахырхәар аҵкыс аԥсра еиӷьаршьон.

    • Аус 5:27—29, 33, 40—42. Апостолцәа шәаҳшьуеит ҳәа идыршәарц иаҿын, аха дара ачҳара аарԥшны анаҩсгьы ауаа ажәабжь бзиа рыларҳәон.

Иҳацхраар алшозеи ҳандыриашо ма ҳанахьдырхәуа Иегова ҳизиашаны аанхара?

Ажәм 3:11, 12; Аур 12:5—7

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ахԥ 20:9—12; Ҩнтә 3:23—28; 31:7, 8. Иегова Моисеи данахьирхәы, Моисеи игәы каҳаит, аха уеизгьы иԥсы ахьынӡаҭаз Анцәа дизиашан.

    • 2Аҳ 20:12—18; 2Аш 32:24—26. Аҳ Езекиа агха ӷәӷәа анихь, аԥааимбар Исаиа уи дириашеит. Езекиа ахынраалара ааирԥшит, иҽириашеит. Иара анаҩсгьы Иегова дизиашаны имаҵ иуан.

Избан аӡәы Иегова имаҵ аура данаҟәыҵуа, ачҳара аарԥшны уи ахгара ҳцәыуадаҩхар залшо?

Иер 1:16—19; Авв 1:2—4

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аԥс 73:2—24. Аԥсаломшәаҳәаҩ ауаа цәгьақәа иҟарҵо зегь шрықәҿио аниба, Иегова имаҵ аура иаԥсоу-иаԥсаму ҳәа длакҩакуа далагеит.

    • Ин 6:60—62, 66—68. Иисус ишьҭанеира иаҟәыҵыз рацәаҩын, аха апостол Пиотр ахаҵара ааирԥшит, Ирҵаҩгьы даанимыжьӡеит.

Иҳацхраар алшозеи ачҳара аарԥшны зегь ахгара?

Иегова гәыкала изыҟазаара

Ҩнтә 30:19, 20; Рм 15:5, 6; 1Кр 10:13

Анцәа Иажәа аҭҵаареи азхәыцреи

Иааиԥмырҟьаӡакәа гәыкала Анцәа иҳәара

Рм 12:12; Кл 4:2; 1Пт 4:7

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Дан 6:4—11. Аԥааимбар Даниил иааиԥмырҟьаӡакәа Анцәа диҳәон, уи азы дыршьыр шалшозгьы.

    • Мф 26:36—46; Аур 5:7. Иисус иԥсра уахык шагыз дӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа диҳәон, егьырҭгьы убас ҟарҵаларц рабжьеигон.

Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрывагыланы Анцәа имҵахырхәара

Иегова иҳаиҭарц ииҭаху аҳамҭа азхәыцра

Иеговеи, ҳашьцәеи, ҳаҳәшьцәеи рахь иҳамоу абзиабара

Ахаҵара ӷәӷәа

Аԥышәарақәа ииашаны рзыҟазаара

Лҵшәас иаанагозеи иааҳарԥшуа ачҳара?

Иегова ихьӡ ҳараҳкуеит

Ажәм 27:11; Ин 15:7, 8; 1Пт 1:6, 7

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Иов 1:6—12; 2:3—5. Аҩсҭаа иҳәеит ауаа Анцәа имаҵ зыруа феидак алыргарц азы ауп ҳәа. Иов Иегова дизиашаны даанхар акәын, Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәирӷәӷәарц азы.

    • Рм 5:19; 1Пт 1:20, 21. Адам Анцәа дицәхьаҵит, Иисус иакәзар, дыԥсаанӡа Анцәа дизиашаны даанхеит. Убасала иара зегьы идирбеит инаӡоу ауаҩы даараӡа иӷәӷәоу аԥышәарақәа рҿгьы Анцәа дизиашаны даанхар шилшо.

Егьырҭ ачҳара аарԥшны зегь рхыргаларц ргәазҭаҳҵоит

Ажәабжьҳәараҿы алҵшәа бзиақәа ҳауеит

Иегова иҿаԥхьа ахьӡ бзиа ҳарҳауеит, иҳаиҭарц ииҭаху аҳамҭагьы ҳаур ҳалшоит