Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ақьырсиан иԥсҭазаара

Ақьырсиан иԥсҭазаара

Избан ақьырсианцәа зыгәра рго инақәыршәаны инхалар зрыхәҭоу?

Изҿыԥшлар рыхәҭада ақьырсианцәа?

Ин 13:15; 1Пт 2:21

Шәахәаԥш иара убас 1Кр 11:1; 1Ин 2:6

Ишԥарныруеи егьырҭ ауаа ақьырсианцәа Анцәа инормақәа инарықәыршәаны иахьынхо?

Ишԥарыцхраауеи ақьырсианцәа ҵаҟа иаагоу ажәеинраалақәа Анцәа игәамԥхо аҽацәыхьчара?

Ажәм 4:23—27; Иак 1:14, 15

Шәахәаԥш иара убас Мф 5:28; 15:19; Рм 1:26, 27; Еф 2:2, 3

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 3:1—6. Ева лгәаҳәарақәа лыҽрылҭеит.

    • ИсН 7:1, 4, 5, 20—25. Ахан Иегова дахьизымӡырҩыз азы егьырҭ ауаа ауадаҩрақәа ирықәшәеит.

Ишԥарыцхраауеи ақьырсианцәа ҵаҟа иаагоу ажәеинраалақәа Анцәа инормақәа инарықәыршәаны анхара?

Рм 12:2; Еф 4:22—24; Фп 4:8; Кл 3:9, 10

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 1:10—19; 2:10—15; 1Пт 1:14—16

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 39:7—12. Потифар иԥҳәыс Иосиф дхылхырц дашьҭан, аха иара уи мап ацәикит.

    • Иов 31:1, 9—11. Иов иԥшәмаԥҳәыс ахаан димԥсахырц, насгьы егьырҭ аҳәса ишакәым дырмыхәаԥшларц иӡбеит.

    • Мф 4:1—11. Аҩсҭаа Иисус дхихырц дашьҭан, аха акгьы илымшеит.

Иарбан хәыцшьоу ақьырсианцәа рхы зцәырыхьчалар рыхәҭоу?

Иарбан хымҩаԥгашьоу ақьырсианцәа рхы зцәырыхьчалар рыхәҭоу?

Иарбан ҟазшьақәоу ақьырсианцәа еиздырҳалар рыхәҭоу?

Агәымшәара; агәыӷәӷәара

Агәыҭбаара

Шәахәаԥш «Агәыҭбаара»

Азиашара; гәыкала азыҟазаара

Аӡырҩра; аҳәатәхаҵара; аҳәатәы ацныҟәара

Еф 5:21; Аур 13:17

Шәахәаԥш иара убас Ин 6:38; Еф 5:22—24; Кл 3:18

Шәахәаԥш «Аӡырҩра; аҳәатәхаҵара; аҳәатәы ацныҟәара»

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Лк 22:40—43. Иисус Иаб иҳәатәы дацныҟәон, уи аҟаҵара даараӡа ианымариамызгьы.

    • 1Пт 3:1—6. Апостол Пиотр Сарра ҿырԥшыс дааганы, ақьырсианҳәсақәа идеилиркааит рхацәа рҳәатәы ацныҟәара иаанаго.

Аиаша аҳәара; ламысцқьала ахымҩаԥгара

Аиҿкаара

1Кр 14:33, 40; 1Тм 3:2

Шәахәаԥш иара убас Фп 3:16

Амаҷ аҿы зыгәра угартә иҟоу уакәны аҟазаара

Лк 16:10

Шәахәаԥш иара убас Аҟ 6:22; Ақәҵ 40:16

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Дан 1:3—5, 8—20. Даниили хҩык иҩызцәеи Моисеи изакәан инақәыршәаны зыфара ҟамлоз афара мап ацәыркит.

    • Лк 21:1—4. Иисус иажәақәа иаҳдырбоит аԥҳәысеиба ахазынаҭра иҭалыԥсаз аԥара хәыҷы Анцәа гәыкала дышизиашаз шаанарԥшуаз.

Анажьра

Шәахәаԥш «Анажьра»

Анцәа иҿаԥхьа ацқьара

Анцәеи ҳареи ҳаиҩызара; Анцәа ииҭаху зегь раԥхьа аргылара

Мф 6:33; Рм 8:5; 1Кр 2:14—16

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аур 11:8—10. Авраам Анцәа Иаҳра агәра игон, убри аҟынтә атәымдгьыл аҿы ақьалақәа рҟны анхара дазхиан.

    • Аур 11:24—27. Моисеи идикылоз аӡбарақәа иаадырԥшуан Иегова ҩызак иеиԥш дшизыҟаз. Иара Анцәа лабҿаба дибозшәа ихы мҩаԥигон.

Арыцҳашьара; аӡәы ихьаа ицеиҩшара

Асасдкылара

Шәахәаԥш «Асасдкылара аарԥшра»

Аҭышәынтәалара

1Тм 3:2, 11; Тит 2:2

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 23:1—3; 25:16

Ауаа реилымхра

Ахынраалара

Шәахәаԥш «Ахынраалара»

Ачҳара аарԥшны зегь ахгара; аҽырӷәӷәара

Мф 24:13; Лк 21:19; 1Кр 15:58; Гл 6:9; Аур 10:36

Шәахәаԥш иара убас Рм 12:12; 1Тм 4:16; Аат 2:2, 3

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аур 12:1—3. Апостол Павел Иисус Христос ҿырԥшыс дааганы, ақьырсианцәа рҽырӷәӷәаны иаанхаларц рабжьеигеит.

    • Иак 5:10, 11. Иаков Иов иааирԥшыз ачҳареи Иегова уи дшизылԥхази азгәеиҭеит.

Аџьабаа бзиа абара

Шәахәаԥш «Аусура; аџьабаа»

Егьырҭ аус рыцура

Ек 4:9, 10; 1Кр 16:16; Еф 4:15, 16

Шәахәаԥш иара убас Аԥс 110:3; Фп 1:27, 28; Аур 13:17

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1Аш 25:1—8. Аҳ Давид ашәаҳәаҩцәеи амузыкантцәеи дасу иҟарҵалаша реиҳәеит, рус еиҿкааны инарыгӡаларц азы.

    • Не 3:1, 2, 8, 9, 12; 4:6—8, 14—18, 22, 23; 5:16; 6:15. Иегова рыжәҩахыр еибыҭаны аусеицура иазхиаз имаҵзуҩцәа дырзылԥхеит, уи абзоурала дара Иерусалим аҭӡамцқәа 52 мшы заҵәык рыла еиҭашьақәдыргылеит.

Егьырҭ пату рықәҵара

Фп 2:3, 4; 1Пт 3:15

Шәахәаԥш иара убас Еф 5:33; 1Пт 3:1, 2, 7

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ахԥ 14:1—4, 11. Израильаа аԥааимбар Моисеии аԥшьаҩ хада Аарони рахь апатуқәымҵара анаадырԥш, Иегова иара иахь апатуқәымҵара аадырԥшит ҳәа иԥхьаӡеит.

    • Мф 21:33—41. Ари аҿырԥштәы иаҳнарбоит Иисуси Иегова иԥааимбарцәеи пату рықәзымҵо ирыхьуа.

Егьырҭ ргәы ашьҭыхра, рырӷәӷәара

Иса 35:3, 4; Рм 1:11, 12; Аур 10:24, 25

Шәахәаԥш иара убас Рм 15:2; 1Фс 5:11

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 23:15—18. Ионафан аҳ Саул дзышьҭашәарыцоз Давид игәы шьҭихит.

    • Аус 15:22—31. Актәи ашәышықәсазы анапхгаратә хеилак иалахәыз аишьцәа аизарақәа ргәы шьҭызхыз асаламшәҟәы рышьҭит.

Егьырҭ рызхәыцра

1Кр 10:24; Фп 2:4; 1Фс 5:14, 15

Егьырҭ хаала рацәажәара

Ажәм 12:18; 16:24; Кл 4:6; Тит 2:6—8

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 10:11; 25:11; Кл 3:8

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аԥс 45:2. Аԥааимбаражәаҿы заа иҳәан Иегова иалихыз Аҳ иҿы угәы иахәо ажәа хаақәа шҭыҵло.

    • Лк 4:22. Ауаа Иисус иажәа хаақәа анраҳа, иӡбахә бзианы ирҳәо иалагеит.

Егьырҭ ҳара ҳаасҭа еиӷьуп ҳәа рыԥхьаӡара

Шәахәаԥш «Ахынраалара»

Еснагь Анцәа иҳәара шьцыларас ашьҭыхра

Аԥс 141:1, 2; Рм 12:12; Кл 4:2; 1Фс 5:17; 1Пт 4:7

Шәахәаԥш иара убас «Анцәа иҳәара»

Иегова игәра агара

Шәахәаԥш «Иегова игәра агара»

Иегова ицәшәара

Иов 28:28; Аԥс 33:8; Ажәм 1:7

Шәахәаԥш иара убас Аԥс 111:10

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Не 5:14—19. Неемиа Иегова дицәшәон, убри аҟынтә егьырҭ анапхгаҩцәа ишыҟарҵоз еиԥш Анцәа ижәлар рыла абеиахара дашьҭаӡамызт.

    • Аур 5:7, 8. Иисус иҿырԥшы иаҳнарбоит Анцәа ицәшәара иаанаго.

Иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа

Иумоу амаҷымшьара

Шәахәаԥш «Иумоу амаҷымшьара»

Ҳхәыцшьеи, ҳцәажәашьеи, ҳхымҩаԥгашьеи рҿы ацқьара

2Кр 11:3; 1Тм 4:12; 5:1, 2, 22; 1Пт 3:1, 2

Шәахәаԥш иара убас Фп 4:8; Тит 2:3—5

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 39:4—12. Потифар иԥҳәыс зныкымкәа Иосиф дхылхырц дшашьҭазгьы, иара дыцқьаны даанхеит.

    • Ашә 4:12; 8:6. Суламиттәи аҭыԥҳа згәашә арку абаҳча даҩызан. Лара бзиа илбоз арԥыс дизиашаны, дыцқьаны даанхеит.