Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аҭаацәара алазаара

Аҭаацәара алазаара

Ишьақәзыргылада аҭаацәара?

Аҟ 1:27, 28; 2:22—24; Мф 19:4—6

Хатә ҩызас иалихыр ихәҭада ақьырсиан, аҭаацәара даналало?

Избан ақьырсианцәа зақәшаҳаҭымхо, аӡы иӡааху рхәыҷқәа Иегова зҽизызымкыц, аӡы зыҽӡаазымхыц аӡәы хатә ҩызас далырхуазар?

1Кр 7:39; 2Кр 6:14, 15

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 24:1—4, 7. Авраам иҷкәын Исаак изы аԥҳәыс данлышьҭаз, уи амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз ханаанаа рҟынтә акәымкәа, Иегова имаҵ зуаз ауаа рҟны ауп дахьизиԥшаауаз.

    • Аҟ 28:1—4. Исаак иҷкәын Иаков иеиҳәеит ханаанаа рыбжьара акәымкәа, Иегова имаҵ зуа ауаа рыбжьара аԥҳәыс диԥшаарц.

Дышԥахәаԥшуеи Иегова, имаҵзуҩцәа рҟынтә аӡәы иара имаҵ зымуа ауаҩы аҭаацәара дицалалозар?

Ҩнтә 7:3, 4

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1Аҳ 11:1—6, 9—11. Иегова аҳ Соломон игәы изыԥжәеит Анцәа изакәан еилаганы егьырҭ ажәларқәа рҟынтә аҳәса ахьааигаз, насгьы урҭ ирыхҟьаны амцнцәахәқәа дрымҵахырхәо дахьалагаз.

    • Не 13:23—27. Иегова игәы ԥнажәеит ауриацәа Анцәа имаҵ зымуаз егьырҭ ажәларқәа рҟынтә аҳәса ахьааргоз. Неемиагьы уи игәы ԥнажәеит, насгьы ииашамкәа зхы мҩаԥызгоз инақәырӷәӷәаны дрылабжьеит.

Избан хатә ҩызас иалҳхуа ауаҩы Иегова изиашаны имаҵ зуа, насгьы ахьӡ бзиа змоу иакәзар захәҭоу?

Ажәм 18:22; 31:10, 28

Шәахәаԥш иара убас Еф 5:28—31, 33

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 25:2, 3, 14—17. Навал ибеиаз, аха ихжәаз, згәыжәла цәгьаз уаҩын. Авигеиа уи ицынхара даараӡа илцәыцәгьан.

    • Ажәм 21:9. Иунымаало ауаҩы хатә ҩызас далухыр, анасыԥи аҭынчреи риура цәгьахоит.

    • Рм 7:2. Апостол Павел иҳәеит аԥҳәыс хаҵа данцо, инаӡам ахаҵа хадас дшылзыҟало. Убри аҟынтә иҟәыӷоу аԥҳәыс ахатә ҩыза даналылхуа, уи заа ибзианы дазхәыцуеит.

Аҭаацәара алалара аҽазыҟаҵара

Избан ақьырсиан аҭаацәара далалаанӡа иԥҳәыси ихәыҷқәеи рныҟәгара шилшо агәра ганы дыҟазар зихәҭоу?

1Тм 5:8

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Ажәм 24:27. Ахаҵа аҭаацәара далалаанӡа, насгьы ахәыҷқәа иоуаанӡа аџьабаа ибалароуп, иҭаацәа рныҟәгара илшарц азы.

Избан аҷкәыни аӡӷаби анеиқәшәо, рҭеиҭԥш акәымкәа, рҟазшьақәа гәарҭалар зрыхәҭоу, насгьы аԥышәа змоу ақьырсианцәа ирыдҵаалалар зыбзиоу?

Ажәм 13:10; 1Пт 3:3—6

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Рф 2:4—7, 10—12. Боаз ибон Руфь дмаашьаӡакәа аус шылуаз, Иегова шаҟа бзиа дылбоз, Ноеминь дшылхылаԥшуаз, насгьы иаҳауан зыгәра угартә иҟаз ауаа уи илызкны ирҳәоз. Убасала ибзианы деиликааит.

    • Рф 2:8, 9, 20. Руфь илбон Боаз дышқьиаз, игәы шыҭбааз, насгьы Иегова бзиа дшибоз. Убасала лара уи дзеиԥшра уаҩыз еилылкааит.

Избан Иегова аҷкәыни аӡӷаби реибадырра аамҭа аангьы, еибагарц анырыӡба ашьҭахьгьы ицқьаны иаанхаларц зиҭаху?

Гл 5:19; Кл 3:5; 1Фс 4:4

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ажәм 5:18, 19. Абзиабара иамоу ганқәак раарԥшра азин змоу аҭаацәара иалоу заҵәык роуп.

    • Ашә 1:2; 2:6. Суламиттәи аҭыԥҳаи ахьчеи анеиқәшәоз, Анцәа инормақәа еиламгаӡакәа бзиа ишеибабоз аадырԥшуан.

    • Ашә 4:12; 8:8—10. Суламиттәи аҭыԥҳа ацқьара лыхьчон, аҽынкыларагьы аалырԥшуан. Лара згәашә аркыз абаҳча даҩызан.

Избан аҭаацәара уаналало, аҳәынҭқарра азакәан ишаҳәо еиԥш изыҟаҵатәу?

Ахаҵа ироль

Идиҵазеи Иегова аҭаацәара иалоу ахаҵа?

Дызҿыԥшлар ихәҭада аҭаацәара иалоу ахаҵа?

Избан ахаҵа иԥҳәыс бзиа дшибо, лҭахрақәеи лцәаныррақәеи шеиликаауа ааирԥшлар зихәҭоу?

Кл 3:19; 1Пт 3:7

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 21:8—12. Иегова Авраам иԥҳәыс Сарра дылзыӡырҩырц иеиҳәеит, лара Авраам идылгалаз шигәамԥхозгьы.

    • Ажәм 31:10, 11, 16, 28. Аԥҳәыс бзиа дызмоу иҟәышу ахаҵа иԥҳәыс аконтроль лзиуӡом, лыгхақәа дрышьклаԥшӡом; иԥҳәыс лыгәра игоит, дирҽхәоит.

    • Еф 5:33. Апостол Павел иажәақәа ишаҳдырбо еиԥш, аԥҳәыс лхаҵа бзиа дшибо лдыруазар ауп, уи лара лзы ихадоуп.

Аԥҳәыс лроль

Иарбан дҵа хадоу Иегова аҭаацәара иалоу аҳәса ириҭаз?

Иаҳҳәар ҳалшома аԥҳәыс иналыгӡо ароль пату змам акоуп ҳәа?

Аҟ 1:26—28, 31; 2:18

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ажәм 1:8; 1Кр 7:4. Анцәа аҳәсеи анацәеи аҭаацәараҿы амчра риҭеит.

    • 1Кр 11:3. Апостол Павел иҳәеит Зегьзымчу Анцәа ида зегьы ахада дышрымоу.

    • Аур 13:7, 17. Аизараҿы ахацәагьы аҳәсагьы напхгара ҟазҵо ирзыӡырҩлароуп, рҳәатәы иацныҟәалароуп.

Ишԥалылшо Анцәа имаҵ зымуа ахаҵа дызмоу ақьырсианԥҳәыс Иегова длыргәырӷьалар?

Избан ақьырсианԥҳәыс лхаҵа ҳаҭыр иқәылҵалар злыхәҭоу?

Еф 5:33

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Аҟ 18:12; 1Пт 3:5, 6. Сарра лхаҵа даараӡа ҳаҭыр иқәылҵон, насгьы саҳ ҳәа иалҳәон.

Иарбан аԥҳәыс иаалырԥшуа ҟазшьақәоу Абиблиа ибзианы изыхцәажәо?

Ажәм 19:14; 31:10, 13—31

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 24:62—67. Ревекка лхаҵа Исаак иан данԥсы ашьҭахь агәҭынчра аиура дицхрааит.

    • 1См 25:14—24, 32—38. Авигеиа ахынраалара аарԥшны Давид арыцҳашьара ааирԥшырц диҳәеит, убасала лхаҵеи рыҩны иҩназ егьырҭ ахацәеи рыԥсы еиқәлырхеит.

    • Есф 4:6—17; 5:1—8; 7:1—6; 8:3—6. Есфирь ҩынтә лыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы, ааԥхьара лымамкәа лхаҵа аҳ Ахашверош иахь днеит, насгьы уи Анцәа ижәлар ихьчарц азы диҳәеит.

Ауадаҩрақәа рыхгара

Иарбан принципқәоу хаҵеи-ԥҳәыси ирыцхраауа аҭаацәараҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа рыхгара?

Иарбан принципқәоу хаҵеи-ԥҳәыси ирыцхраауа аԥара ииашаны азыҟазаара?

Лк 12:15; Фп 4:5; 1Тм 6:9, 10; Аур 13:5

Шәахәаԥш иара убас «Аԥара»

Иарбан принципқәоу хаҵеи-ԥҳәыси ирыцхраауа рҭаацәеи егьырҭ рыуацәеи ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа рыӡбара?

Иарбан принципқәоу хаҵеи-ԥҳәыси ирыцхраар алшо асекс иадҳәалоу азҵаарақәа рҟны?

Избан хаҵеи-ԥҳәыси рхатә ҩыза игу акәымкәа, илоу аҟазшьа бзиақәа рхы рзырышьҭлар зрыхәҭоу?

Аԥс 103:14; 130:3, 4; Ажәм 17:9; 1Пт 4:8

Избан уадаҩрақәак анцәырҵуа, аамҭа мгаӡакәа, ҭынч, хаала урҭ рыӡбара зыбзиоу, угәы ԥужәалар ма угәааны уныҟәалар аасҭа?

Аԥс 37:8; Ажәм 14:29; Еф 4:26, 27; Иак 1:19, 20

Избан ақьырсианцәа аԥырқьҳәа аҵҟьареи, аҳәҳәареи, улазырҟәуа ажәақәа рҳәареи, анапышьҭыхреи зрыхәҭам?

Иарбан хықәку хаҵеи-ԥҳәыси ирымазар рыхәҭоу, рыбжьара аилибамкаара анцәырҵуа?

Иарбан лҵшәа бзиақәоу иаанаго, хаҵеи-ԥҳәыси рзы Иеговеи дареи реиҩызара зегь раасҭа ианхадоу?

Ек 4:9—12

Аҭаацәара алазаара иадҳәалоу анормақәа

Иаҳәозеи Абиблиа асекси аҭаацәара алазаареи рганахьала?

Иазыҟазар шԥарыхәҭоу ақьырсианцәа аполигамиа?

Иабантәиҳдыруеи аҭаацәара аԥызҵар зылшо ахаҵеи аԥҳәыси рымацара шракәу?

Аҟ 2:18, 22, 24; Мф 19:4—6; Рм 1:23—27

Избан ахаҵа иԥҳәыс даанимыжьыр зихәҭоу, аԥҳәысгьы — лхаҵа?

Иарбан мзыз заҵәыку Абиблиа инақәыршәаны аилыҵразы иҟоу?

Цәаныррас изцәырҵуазеи Иегова, хаҵеи-ԥҳәыси аилыҵразы иақәнагоу амзыз рымамкәа ианеилыҵуа?

Мл 2:13—16

Илшома зхатә ҩыза дыԥсхьоу ауаҩы еиҭах аҭаацәара далалар?