Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аԥара

Аԥара

Избан аԥара бзиа абара зшәарҭоу?

Иарбан библиатә принципқәоу иаҳзырбо Анцәа имаҵзуҩцәа рҭаацәа ныҟәыргаларц азы аус рулар шрыхәҭоу?

Ек 7:12; 10:19; Еф 4:28; 2Фс 3:10; 1Тм 5:8, 18

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 31:38—42. Иаков иҭаацәа ныҟәигаларц азы ламысцқьала иабхәа Лаван иҿы аус иуан, Лаван уи ииашамкәа дышизныҟәозгьы. Иегова Иаков иибоз аџьабаа азы дизылԥхеит.

    • Лк 19:12, 13, 15—23. Иисус еиҭеиҳәаз аҿырԥштәы иаҳнарбоит иара иаамҭазы ауаа ирымаз аԥара аус ахь ишырышьҭуаз, еиҳаны аԥара аладырҳарц азы.

Иарбан библиатә принципқәоу ҳзызхәыцыр акәу, аӡәы аԥара аниҳарԥсахуа, ма уалла аԥара анаҳго?

Аԥс 37:21; Ажәм 22:7

Избан иаҭахым ауалқәа ҟаҳамҵалар зеиӷьу?

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Не 5:2—8. Неемиа иаамҭазы израильаа шьоукы руал зқәыз ауаа даараӡа игәымбылџьбараны ирызныҟәон.

    • Мф 18:23—25. Иисус иааигаз аҿырԥштәы иаҳгәаланаршәоит зуал ззымшәо ауаҩы иқәнага дақәдыршәар шалшо.

Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи аӡәи ҳареи уск ҳалагаанӡа, уи Иегова дыззымдыруа иакәзаргьы, ҳхаҵара ҳацеиҩызшо иакәзаргьы, ма ҳауа иакәзаргьы?

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 23:14—20. Авраам Сарра дижырц ахьиҭахыз аҭыԥ анааихәоз, уи егьырҭ ашаҳаҭцәа ишырбоз иҟаиҵеит, анаҩс уи иҽеим ак алымҵырц азы.

    • Иер 32:9—12. Иеремиа иаб иашьа иԥа иҿы амхы анааихәоз, ашаҳаҭцәа ааиԥхьеит, насгьы зегьы ақьаад ианҵаны еиқәиршәеит.

Избан шаҟа аԥара наҳхуа заа иӡбаны иҳамазар зыбзиоу?

Ажәм 21:5; Лк 14:28—30

Избан аԥара иадҳәалоу азҵаарақәа аизараҿы аҭынчра еиланагар заҳамуа?

1Кр 6:1—8

Шәахәаԥш иара убас Рм 12:18; 2Тм 2:24

Ҳхы иаҳархәалар шԥаҳахәҭоу аԥара, уи агәырӷьара ҳзаанагаларц азы?

Ажәм 11:25; 19:17; Лк 16:9—13; Аус 20:35