Аԥара бзиа абара; амалрҳара
Иаҳәома Абиблиа аҿы аԥареи амали умазар, уи цәгьароуп ҳәа?
Ек 7:12
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
1Аҳ 3:11—14. Иегова аҳ Соломон иааирԥшуаз ахынраалара азы амал ду ииҭеит.
-
Иов 1:1—3, 8—10. Иов даараӡа ибеиаз уаҩын, аха иара изы Иеговеи иареи реиҩызара зегь раасҭа ихадан.
-
Избан аԥареи амали ауаҩы анасыԥи аҭынчреи зирымҭо?
Ажәм 23:4, 5; Ек 2:18, 19; 5:10, 12
Ианбаҳзаанамго амал ахәарҭа?
Аԥс 49:6, 7, 9, 10; Мф 16:26
Иарбан зегь иреиҳау шәарҭароу ирыҵоу аԥареи амали?
Ҩнтә 6:10—12; Мф 6:24; 1Тм 6:9, 10
Ҳажьар шԥалшо амал?
Ажәм 11:4, 18, 28; 18:11; Мф 13:22
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
-
Аус 8:18—24. Симон игәы иаанагеит аизараҿы аҭакԥхықәра иааихәар илшоит ҳәа, аха иара дҩашьеит.
-
Иҟалар алшои, аԥара бзиа иаҳбозар?
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Мк 10:17—23. Иқәыԥшыз ауаҩ беиа имаз амал бзиа иахьибоз иахҟьаны Иисус Христос иҵаҩыс аҟалара алшара мап ацәикит.
-
1Тм 6:17—19. Апостол Павел ибеиаз ақьырсианцәа ргәырҽаниҵеит рхы ҳарарымкларц, мамзар Анцәа иразра рцәыӡыр алшон.
-
Амалрҳара ҳҽаҳҭар, ишԥалшо уи ҳхаҵара арԥсыҽыр, насгьы Анцәа иразра ҳцәыӡыртә аҟынӡа ҳнанагар?
Ҩнтә 8:10—14; Ажәм 28:20; 1Ин 2:15—17
Шәахәаԥш иара убас Аԥс 52:6, 7; Ам 3:12, 15; 6:4—8
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Иов 31:24, 25, 28. Иов еиликаауан амал ақәгәыӷра шиашам, избанзар амал иақәгәыӷуа ауаҩы Анцәа иқәгәыӷра даҟәыҵуеит.
-
Лк 12:15—21. Иисус амалрҳара аҽаҭара шаҟа ишәарҭоу ҳаилиркаарц азы амал рацәаны измаз, аха Анцәа иҿаԥхьа иӷарыз ауаҩы иҿырԥштәы ааигеит.
-
Иҳацхраауазеи иҳамоу амаҷымшьара?
Ажәм 30:8, 9; 1Тм 6:6—8; Аур 13:5
Амал аасҭа еиҳа зыхә ҳараку арбану, насгьы избан?
Ажәм 3:11, 13—18; 10:22; Мф 6:19—21
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Аг 1:3—11. Аԥааимбар Аггеи ила Иегова иҳәеит ауриацәа иныҳәарҭа аиҭашьақәыргылара аҭыԥан рхатә ҩынқәа еиҳа иахьреиҷаҳауаз, насгьы еиҳа рхы иахьазхәыцуаз азы урҭ дшырзылмԥхо, амалрҳара аганахьалагьы аизҳара шримҭо.
-
Аат 3:14—19. Иисус Лаодикиа инхоз ақьырсианцәа дрылабжьеит, избанзар дара рзы амалрҳара еиҳа ихадахеит, Анцәа имаҵ аура аасҭа.
-
Избан агәра ҳгалар зҳахәҭоу Иегова зда ԥсыхәа ҳамам зегь шҳаиҭо?
Аԥс 37:25; Ажәм 3:9, 10; Мф 6:25—33