Доуҳала ишәу ауаҩы
Избан ақьырсианцәа зегь доуҳала ишәу уааны аҟалара рҽазыршәалар зрыхәҭоу?
Ишԥаҳацхраауеи Абиблиа аҟынтә иҳауа адыррақәа доуҳала ишәу уааны аҟалара?
Зықәрахь инеихьоу мацара роума доуҳала ишәны иҟазар зылшо?
Иов 32:9; 1Тм 4:12
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Дан 1:6—20. Даниили хҩык иҩызцәеи қәыԥшын, аха доуҳала ишәын, Иеговагьы изишан.
-
Аус 16:1—5. Тимофеи ақьырсиантә еизараҿы аҭакԥхықәра ду аниоу 20-ҟа шықәса роуп ихыҵуаз.
-
Доуҳала ишәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа рыцаҳхаҳгозар, иаҳныԥшыр шԥалшо уи?
Иаазырԥшуеи доуҳала ишәу ақьырсианцәа шҳакәу?
Избан доуҳала ишәу ақьырсиан аизараҿы еиҳаны аҭакԥхықәрақәа рынагӡара иҽазишәалар зихәҭоу?
Доуҳала ишәу қьырсианцәаны ҳҟаларц, иара убас ҟазарыла ажәабжь ҳҳәаларц, насгьы аҵаҩцәа азыҟаҳҵаларц азы зда ԥсыхәа ҳамамзеи?
Шәахәаԥш иара убас Лк 11:13
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
-
Мф 10:19, 20. Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит иԥшьоу адоуҳа аусӡбарҭаҿы ирҳәаша шрыҵанаҳәо.
-