Ииашамкәа ианҳазныҟәо
Ҳхы ҳбалар шԥалшо, егьырҭ ииашамкәа иҳазныҟәозар?
Аԥс 69:20; Ажәм 18:14; Ек 4:1—3; Мл 2:13—16; Кл 3:21
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
2См 10:1—5. Давид иеибашьцәа рҟынтә шьоукы аныладырҟә, иара урҭ рахь ақьиара ааирԥшит.
2См 13:6—19. Амон Фамарь амш лылганы данылаирҟә ашьҭахь, лара дқьызқьызуа аҵәыуара даҿын, илшәыз аҵкгьы лышәхаԥылжәеит.
Иабантәиҳдыруеи аӡәы ииашамкәа ианизныҟәо Иегова уи шибо? Иҟаиҵозеи иара, аиашара шьақәиргыларц азы?
Иов 34:21, 22; Аԥс 37:8, 9; Иса 29:15, 19—21; Рм 12:17—21
Шәахәаԥш иара убас Аԥс 63:6, 7
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
1См 25:3, 14—17, 21, 32—38. Даараӡа ихжәаз, игәымбылџьбараз Навал Давид иҽеимкәа дизныҟәеит, уи ала иҭаацәа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова Навал дҭаирхеит.
Иер 20:1—6, 9, 11—13. Иеремиа игәы каҳаит, аԥшьаҩы Пашхур даниҿас, насгьы ишьапқәа анишьаҳа. Аха нас Иегова Иеремиа дицхрааит, дагьихьчеит.