Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ииашам ахымҩаԥгашьа

Ииашам ахымҩаԥгашьа

Иарбан хымҩаԥгашьоу ақьырсианцәа зҽырцәырыхьчалар рыхәҭоу?

Абзхәаԥсареи алаф ҟьашьқәеи

Еф 5:4; Кл 3:8

Шәахәаԥш иара убас Еф 4:29, 31

Аӷьычра

Шәахәаԥш «Аӷьычра»

Аидолқәа рымҵахырхәара

Аимак-аиҿак

Аицлабра

Ек 4:4; Гл 5:26

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мк 9:33—37; 10:35—45. Апостолцәа рыуа еиҳау дызусҭоу анеимаркуаз, Иисус ус аҟаҵара шиашам зныкымкәа иреиҳәон.

    • 3Ин 9, 10. Диотреф еснагь аишьцәа рыбжьара аԥхьагылара дашьҭан.

Акзаара аилагара; асектақәа реиҿкаара

Амц; аӡә амц ихҳәаара

Шәахәаԥш «Амц»

Амц; аӡәы иуҭаз ажәа анамыгӡара

Шәахәаԥш «Амц»

Амцхә афара

Ажәм 23:20, 21; 28:7

Шәахәаԥш иара убас Лк 21:34, 35

Анапышьҭыхра; агәымбылџьбарара

Аԥс 11:5; Ажәм 3:31; 29:22

Шәахәаԥш иара убас 1Тм 3:2, 3; Тит 1:7

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Ақәҵ 21:22—27. Ауаҩы инапы шьҭыхны аӡәы дисны дишьызҭгьы ма аԥхасҭа изааигазҭгьы, Моисеи изакәан инақәыршәаны иқәнага дақәдыршәон.

Апорнографиа

Шәахәаԥш «Апорнографиа»

Арҳәра

Аԥс 62:10; 1Кр 5:10, 11; 6:9, 10

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 1:19; 15:27

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Иер 22:11—17. Иегова аҳ Шаллум (Иоахаз) ауаа ахьирҳәуаз, насгьы егьырҭ агәнаҳа ӷәӷәақәа ахьыҟаиҵоз азы диқәыӡбеит.

    • Лк 19:2, 8. Ашәахтәеизгаҩцәа реиҳабы Закхеи ауаа ахьирҳәуаз дахьхәит, насгьы ирымихыз ширхынҳәуа иҳәеит.

    • Аус 24:26, 27. Анапхгаҩы Феликс дгәыӷуан Павел аԥара ииҭоит ҳәа, аха Павел иимҭаӡеит.

Аршәара; ақәмақарра

Еф 6:9; 1Пт 2:23

Шәахәаԥш иара убас Аԥс 10:4, 7; 73:3, 8

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Аус 4:15—21. Асинедрион аҿы иҟаз ауаа Иисус иҵаҩцәа дыршәарц рҭахын, урҭ Анцәа иажәабжь аҳәара иаҟәыҵырц азы.

Арыжәтә аҽаршьра; арыжәтә амцхә ажәра

Ажәм 20:1; 23:20, 29—35; 1Кр 5:11; 6:9, 10

Шәахәаԥш иара убас Еф 5:18; 1Тм 3:8; Тит 2:3; 1Пт 4:3

Шәахәаԥш иара убас «Арыжәтә»

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 9:20—25. Нои ижәны даныҟаз, Ханаани Хами агәнаҳа ӷәӷәа ҟарҵеит.

    • Дан 5:1—6, 30. Валтасар ианижә, Иегова длазырҟәыз ак ҟаиҵеит. Уи иахҟьаны дҭахеит, иаҳрагьы ықәырхит.

Ауаҩшьра

Ақәҵ 20:13; Мф 15:19; 1Пт 4:15

Шәахәаԥш иара убас Мф 5:21, 22; Мк 7:21

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 4:4—16. Иегова хаала Каин игәиҽаниҵеит, аха иара уеизгьы иашьа Авель дишьит.

    • 1Аҳ 21:1—26; 2Аҳ 9:26. Аҳ Ахави аҳкәажә Иезавельи рыԥсыцәгьара азы Навот иԥацәеи иареи ршьит.

Ахыччарақәа

Ажәм 19:29; 24:9

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 17:5; 22:10; 2Пт 3:3, 4

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2Аш 36:15—21. Анцәа израильаа ирзынаишьҭуаз ацҳаражәҳәаҩцәа ахьҵәылырхуаз, насгьы иԥааимбарцәа иахьырхыччоз азы ӷәӷәала иахьирхәит.

    • Иов 12:4; 17:2; 21:3; 34:7. Иов аԥышәара ӷәӷәақәа анихигоз аамҭазы ахыччарақәа дрықәшәеит.

Аҵарҭыша

Ақәҵ 23:8; Аԥс 26:9, 10; Ажәм 17:23

Шәахәаԥш иара убас Ҩнтә 10:17; 16:19; Аԥс 15:1, 5

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 8:1—5. Самуил иԥацәа раб иҿырԥш бзиа иқәныҟәаӡомызт. Дара аҵарҭыша ргон, насгьы азакәанқәа еиларгон.

    • Не 6:10—13. Анцәа иаӷацәа амцԥааибар Шемаиа аԥара изыршәеит, Неемиа дыршәаны Иерусалим аиҭашьақәыргылара иаԥырхагахарц азы.

Аҽхәара

Шәахәаԥш «Аҽхәара»

Аҿагәыбзыӷра

Иов 32:21, 22; Аԥс 5:9; 12:2, 3; Ажәм 26:24—28; 29:5

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 28:23; 1Фс 2:3—6

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Лк 18:18, 19. Хаҵак Иисус даниацәажәоз, дҳаразкуаз атитул ихы иаирхәеит, аха Иисус ус аҟаҵара шиашам иҳәеит.

    • Аус 12:21—23. Аҳ Ирод Агриппа игәаԥхеит шьоукы иҿагәыбзыӷны Анцәа диеиԥшуп ҳәа ахьырҳәоз. Анцәа уи агәнаҳазы Ирод дҭаирхеит.

Ашшра

1Кр 10:10; Фп 2:14; Иуда 16

Шәахәаԥш иара убас Ахԥ 11:1

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ахԥ 14:1—11, 26—30. Израильаа Моисеии Аарони ирзашшуан, аха Иегова иҳәеит урҭ ззашшуаз иара шиакәыз.

    • Ин 6:41—69. Аиудеиаа Иисус иажәақәа ргәамԥхаӡеит, иҵаҩцәа шьоукгьы дааныжьны ицеит.

Ашьа ииашамкәа ахархәара

Аҟ 9:4; Ҩнтә 12:16, 23; Аус 15:28, 29

Шәахәаԥш иара убас Алв 3:17; 7:26

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • 1См 14:32—34. Израильаа акәац ашьа шалаз ирфон. Уи Анцәа иҿаԥхьа гәнаҳа ӷәӷәан.

Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа; иҟьашьу ахымҩаԥгашьа; асексуалтә ламысдара; ахатә ҩыза иԥсахра

Улазырҟәуа ажәақәа

Мф 5:22; 1Кр 6:9, 10; Еф 4:31

Шәахәаԥш иара убас Ақәҵ 22:28; Ек 10:20; Иуда 8

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • 2См 16:5—8; 1Аҳ 2:8, 9, 44, 46. Шимеи Иегова иалихыз аҳ дишәиуан, убри аҟынтә уи дҭахеит.

Уҳәан-сҳәан; иаҳусым ҳус алаҵара

Ажәм 25:23; 1Фс 4:11; 2Фс 3:11; 1Пт 4:15

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 20:19; 1Тм 5:13

Уҽеиужьны, иаауҭаху ҟаҵо, ифо-ижәуа аидтәалара

Рм 13:13; Гл 5:19, 21; 1Пт 4:3

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 20:1; 1Кр 10:31

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Дан 5:1—4, 30. Аҳ Валтасар еиҿикааз аныҳәа ду аҿы амцхә ижәит, насгьы Иегова длазырҟәыз ак ҟаиҵеит. Уи иахҟьаны дҭахеит.